Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Шьамтәыла адгылоит Урыстәыла Украина имҩаԥнагоу аоперациа ҷыда

© Sputnik / Алексей Мальгавко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраФлаги Сирии и России (справа налево)
Флаги Сирии и России (справа налево) - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.02.2022
Анапаҵаҩра
Жәабран 24 азы Урыстәыла Украина абџьархыхразы арратә аоперациа ҷыда иалагеит.
АҞӘА, жәабран 28 - Sputnik. Шьамтәыла адгылоит Урыстәыла Украина имҩаԥнаго аоперациа ҷыда ҳәа РИА Новости иазеиҭалҳәеит Шьамтәыла ахада иабжьгаҩ ҷыда Луна Шибль.

"Мраҭашәареи Америкеи ирылшо зегь ҟарҵоит Урыстәыла иаԥырхагахарц. Иарбан ҳәынҭқаррзаалак арратә шәарҭараан ахы ахьчарц азин амазароуп, иагьахьчароуп. Ҳара арратә аоперациа адгылара аҳҭоит", - ҳәа лҳәеит лара.

Шибль лажәақәа рыла Урыстәыла акыршықәса ахаанкылара аанарԥшуан, убри аан НАТО Мрагыларахь аҽарҭбаауан.
"Убри азоуп Урыстәыла арратә операциа изалагаз. Уаанӡа лшарас иҟаз зегь ԥнашәахьан", - ҳәа лҳәеит лара.
Асад иабжьгаҩ иара убасгьы иазгәалҭеит, арратә аоперациа иаԥхьанеиуаз ахҭысқәа рхашҭра шахәҭам - аполитикатәи адипломатиатәи ҩаӡарақәа рҿы. Америка Чечентәыла аибашьра арцыхцыхра инаркны 2014 шықәсатәи акризис аҟынӡа ҽаанкылашьак амамызт ҳәа илшьоит лара.
Луна Шибль иара убасгьы илҳәеит Украинатәи амилаҭеилыхыҩцәа иҟоу ахҭысқәа еихәлапашьны иҟазҵо авидеоқәеи адыррақәеи шырышьҭуа.
Шьамтәыла атеррористцәа рыдгылареи Украина арадикалцәа рыдгылареи еиԥшны имҩаԥыргома ҳәа азҵаара аҭакс Башар Асад иабжьгаҩ илҳәеит урҭ "аинформациатә пропаганда, амц, рхымҩаԥгашьа, ртактика, рсанкциақәа уҳәа зегь рыла ишеиԥшу".
Уи адагьы лара лгәаанагарала, Шьамтәыла, Ирак, Афганистан аибашьра еиҵызхуаз аҳәынҭқаррақәа азин рымаӡам жәларбжьаратәи азин алацәажәара, аламыс аӡбахә аҳәара.
Ажәабжьқәа зегьы
0