Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Амацәыс агьама зхьысыз…

© Sputnik Презентация книги Алексея Гогуа "Ас ду"
Презентация книги Алексея Гогуа Ас ду - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵра аҳаҭыр азы Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа иҳадылгалоит аиубилиар изку анҵамҭақәа рсериа. Иахьа шәаԥхьарц шәылшоит Алықьса Гогәуа иажәабжь "Амацәыс агьама" азы аколумнист илҩыз ахҳәаа.
Ашәҟәыҩҩы ижәлар ирыӷрыхо ауп иаргьы ихҭысуа. Аха, исахьарку аԥсҭазаара ганрацәала аарԥшразы, аамҭа иарҿио аҭагәҭасрақәа реиҭаҳәара мацара азхом. Ашәҟәыҩҩы иблақәа еиҳа иҵарызароуп. Анцәа илеиҵаз аҟазара инаҷыданы, зегь раԥхьа иргыланы диашаҳәаҩызароуп. Арҭ аҟазашьақәа ашәҟәыҩҩратә культураҿы зегьы ирзышьҭкаауам. Акониунктуратә литература аамҭа иканаршәуеит, инхо - аҟазара иахылҵыз, иҵабыргу афилософиатә хәыцрақәа зҵубаауа арҿиамҭақәа роуп.
Алықьса Гогәуа аибашьра ҟалаанӡа иаԥиҵахьан дӡырызгахьаз, аԥсуа литератураҿы акгьы иузадымкыло аепикатә рҿиамҭа хьыршәыгәқәа. Ироманқәеи иповестқәеи ирныԥшуеит ауаажәларратә, аполитикатә, асоциалтә, акультуратә хҭысқәа. "Аси амацәыси", "Аҽыкәаҳа", "Асду" реиԥш иҟоу аҩымҭақәа, хымԥада, аҭоурых адырра ада ҩышьа имамызт. Избанзар, иааирԥшуа аамҭақәа ираԥхьагылаз аҭоурыхқәа инадыркны, аамҭа иарҿиоз ауаатәыҩса рышьақәгылашьа аҟынӡа дызламцәажәо арбану.
Алексей Гогуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2020
... Сара исҭаху иара иаздыруам, иара иаҭаху сара исыздыруам – Алықьса Гогәуа
"Ажәлар ирхыргьахьоу, рҭоурых, рдоуҳа саркьоуп, еснагь изныԥшылалатәу", - иҩуеит ашәҟәыҩҩы ианҵамҭақәа рҿы, хыхь сызлацәажәоз шьақәырӷәӷәо. Ҳарҭ ҳаԥсҭазаареиԥш, апрозаик Гогәуа ирҿиаратә ԥсҭазаарагьы шоит ҩбаны – аибашьра ҟалаанӡеи, нас уи ашьҭахьи. Зыӡбахә сымаз ароманқәеи егьырҭ еицырыдыруа иажәабжьқәеи ашәҟәыҩҩы инапы иҵихит данқәыԥшызи иҭәымҭа данҭагылаз аамҭази.
Иахьа иӡырызгарц исҭаху ажәабжь ҩуп аибашьра ашьҭахь, ашәҟәыҩҩы аибашьра аҟыбаӡыба ахыԥшақәа данрызхәыцуаз. Даҽакала исҳәозар, иажәабжь ҟаимаҭ "Амацәыс агьама" автор иаԥиҵеит 70 шықәсазтәи иааԥынразы. Аӡәы иҳәар ауеит, ашәҟәыҩҩы данқәыԥшу ауп еиҳарак аҩымҭа бзиақәа анимпыҵыҵуа ҳәа, аха, еиҿсырԥшуазар, аибашьра ҟалаанӡатәи иажәабжь ссирқәа – "Елана", "Асысымҟаа", "Ашәаџьҳәаҩ", "Ашьацәгьа" уҳәа ирымаз аҩаӡара еиҵамшәа збоит аибашьра ашьҭрақәа зынпыҟҟалоу Гогәуа иажәабжь кьаҿқәа.
"Жәларыс иҟоу зегьы аамҭеи аҭоурыхи рӡыблара акырӡа рцәалаӡуеит. Ҳара аԥсуаа ҳакәзар, иаҳхаагахьоу агәаҟрақәа, ҳазиааихьоу, ҳаԥсы зцәаагаз шырацәаӡоугьы, урҭ ирыхҟьаны, амаӡашыӡ еиԥш иҳалаҽны иҟоу, зныкымкәа аԥсреи абзареи ҳрыбжьазыргылахьоу аԥсыҽрақәа, амилаҭ чмазарақәагьы ҳцәа иалоуп", - иҩуеит Гогәуа ипублицистикатә нҵамҭақәа руак аҿы.

"Амацәыс агьама" захьӡу ажәабжь сдунеи аазырҳәыз, акыр сзырхәыцыз, сзыргәаҭеиз арҿиамҭақәа ирхысыԥхьаӡалоит, иӡырызгарц зысҭахугьы, ахҷаҭ еиԥш ҳлитература ихыршәлоу арҿиамҭа знапаҿы имнеиц иаадыртырц азоуп. Ажәабжь иаанарԥшуеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьтәи аамҭа ахаҿра. Уигьы иахьа уажәшьҭа иҭоурыхуп уҳәар ауеит, избанзар ашәышықәса абжа еиҭабжа ахылахьеит аиааира ҳгеижьҭеи. "Ҳара аибашьра зхызгазгьы, уиала ҳуадаҩрақәа нҵәомызт" ҳәа автор ихаҭа ишазгәеиҭаз еиԥш, даара ихьанҭоу, амораль акаҳара, атрадициақәа рышьақәҟьара, ахамакәачра уҳәа, иахьатәи аԥсуаа ибзианы иаҳдыруа ахҭысқәа ирылиааз сиужетуп "Амацәыс агьама".

Хымԥада, уи ахьӡ акыр еиҭарсны иҟоу метафоратә еилкаароуп, амацәыс еиԥш инаҳалсны ицо аизыҟазаашьақәа ирызкуп ажәабжь. Аха, даҽа ганкахьала, асиужет ахыркәшамҭа ишаҳнарбо ала, ахрыцқьарагьы иадҳәалоуп, Бзиа адунеи лхала лхы ахьаԥырылгаз уазхәыцуазар. Гогәуа иааирԥшуа ахҭысқәа рҿы иҟоуп абзиеи ацәгьеи реихдарақәа, аибашьра иннажьыз ашьҭрақәа ицәырыргаз ахаҿқәа, аҭагылазаашьақәа. Ари ажәабжь анаҩсангьы, аибашьра ашьҭахь иаԥиҵаз маҷума, аха "Амацәыс агьама" ахы инаркны аҵыхәанӡа амуза ҳаракы иарҿиаз ҩыроуп уҳәар ауеит, ажәабжь кьаҿ иҭацаланы иааиртуа адунеи дуӡӡа уазхәыцуазар.
Аибашьра аветеран Енықә иҩны имҩаԥысуеит ахҭысқәа. Иара инылаз ахәрақәа инарҷыданы, инапы ианын иҭахаз иашьа иԥа Шьыбгагьы иааӡара. Аҷкәын дыбжьаҟьалашәа дҟалеит, иан лхаҵа данҭаха ашьҭахь, ақалақь ахь данага. Шьыбга аибашьра ашьҭахь аԥсҭазаара иаҳзаанагаз ахаҿқәа еидызкыло дреиуоуп.
Аԥсны Жәлар Рышәҟәыҩҩы, Ахьӡ-Аԥша аорден актәи аҩаӡара занашьоу Алықьса Ноча- иԥа Гогәуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2020
Алықьса Гогәуа: сызнысхьоу амҩеи сызхаану аамҭеи даара имариамызт
Гогәуа ипрозаҿы еснагь иааирԥшуа ахаҵеи аԥҳәыси реизыҟазаашьа араҟагьы аԥхьагылара амоуп. Ажәабжь аҿы адоуҳатә бзиабара адагьы, цәалажьылатәи аныррақәа ааирԥшуеит автор. Иаҳҳәар ауеит, уи иара ҩ-хәҭакны ишоит ҳәа, амала аихдарақәа риҭоит. "Хаҵеи-ԥҳәыси ркаруаҭқәа еицәыхарамызт, аха хаз-хазы игылан. Ианакәзаалак илаҩымшәацызт уи иԥсы ӡаны арахь дандәықәлоз" уҳәа реиԥш иҟоу асахьақәа рыла Гогәуа иаарԥшуеит акыр еихӡыӡаауаз аҭаацәа адәахьала иузгәамҭо рыԥсҭазаара. Бзиа лхатә ҩызеи лареи еиднагалеижьҭеи "маҟҿаҳәаранӡагьы деилыхны иҽылимырбацызт", автор ишиҳәо еиԥш, "џьара данцоз, ҵаҟатәи имаҭәақәа аниԥсахуаз илбахьан изакәытә шәахсҭақәаз иныз".
Ажәабжь аҿы ахҭысқәа мҩаԥысуеит ааԥын, ашьха қыҭаҿы. Иара ҩуп 2002 шықәса хәажәкыреи мшаԥымзеи рыбжьара. Аԥсҭазаара аԥхарра анықәло анхашәа-чашәа аамҭазы, ари аҩнаҭаҿы имҩаԥысуеит атрагедиахь зхы хоу ахҭысқәа. Хәҭакахьала узыцәцар ауаз, аха аԥҳәыс лымчымхара зыхҟьаз цәалажьылатәи лҭахрақәа рҿагылара ахьлылымшаз, аибашьра иашьаҟьаз амааӡатәқәа ирхаҿырбагаз Шьыбга ицхыраарала иҿиаз трагедиатә сиужетуп. Зегь реиҳа дразны, дуаҩы лашаны Гогәуа араҟа дааирԥшуеит аԥшәма Енықә, аха аибашьра ашьҭахьтәи аԥсҭазаара уи изаанагоит дызқәымгәыӷуаз ацәырҵрақәа. Урҭ риааира имариамыз усхеит. Абри иахылҵыз аҭоурых ауп Гогәуа иажәабжь ссир ззикызгьы. Иара иҳәан еиԥш – "ҿыц ииуа деиҭымхар ауеит анырҳәо" аамҭан уи. Аиаҭымра ианарҿио ыҟоуп ахабжьаҟьаларагьы. Абас дыҟан Енықә иашьа иԥа, заб иашьа даныҟам, зҭаца амчымхара дҭазыргыларц хықәкыс ишьҭызхыз, арҩашьыгақәа ишьҭԥаа ирымаз арԥыс. Иаб иашьа дзыцәшәозгьы "арҩашьыгақәа, анаркотикқәа ракәын, ани амыжда ҳәа изышьҭаз". Усҟан ҳаԥсҭазаара иаланагалаз урҭ арҩашьыгақәа идырблаҟьеит еибаны инхаз аҿар. Шьыбгагьы урҭ дреиуан. "Аиарҭаларшә уаҳа ишьҭымхкәа лнапала илыриашарц лҽаалырхәан, лнапы нагӡаны инықәшьны лыҽлыриашарц дҩеихеит. Иара убысҟак дааигәаны дылхагылан, аҽеиҵыхырҭа лмоукәа усшәа даанхеит", - автор абри ала иаҳирбоит Шьыбга иҭаца лымариа шиоуз.
Аԥсуа литератураҿы шамаха иуԥылом иромантикадоу, цәалажьылатәи аизыҟазаашьақәа аахтны иахьаадырԥшуа арҿиамҭақәа. Гогәуа иакәзар, уи азы имоуп ушьақәнаҟьартә, уаршанхартә иҟоу апоезиа ацәаҩа змоу ихатәы лексика.
Сазхәыцуеит, илылшозма Бзиа лԥеиԥш даҿагылар, ааи, илылшарын, аха лхаҵеи лареи ркаруаҭқәа шеиҟәыҭхаз еиԥш, цәалажьылатәи реизыҟазаашьақәагьы маҷк инасҭхан. Убри аҟынтә акәхап, зиааира лылымшаз амацәыс агьама дзаҿамгылаз?! "Ус… ҵаҟантә аҭуан лбеит, аԥхыӡ еиԥш…. Аҭӡамц аҿы икнаҳаз, уажәраанӡа аҿақ-аҿақ ҳәа аус зуаз асааҭ абжьы цеит, ибжьаӡит. Ларгьы дыбжьаӡит дыҟаӡамшәа… Амацәыс лхысны ицазшәа акәын дшыҟаз". Гогәуа истиль ишаҟазшьоу еиԥш, абас иааирԥшуеит иҵәаху атема. Автор ишаҳирбо ала, Бзиа лаҳаҭыр нкаҳан аҵәцеиԥш иԥыххааса ицеит.
Презентация книги Алексея Гогуа Ас ду - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2021
Абзиабара, анасыԥ, аразҟыдара: аҳәса рлахьынҵақәа Алықьса Гогәуа ипрозаҿы
Аҳәара сцәыуадаҩуп ашәҟәыҩҩы иааирԥшуа асиужет ареалтә шьаҭа амазу иамамзу, аха дызлаԥшуаз "зыҭра иҭҟьаз" аамҭа даҽакала аҳәашьа изамҭазар акәхап. "Уа иҟаз еиҭаҳәашьа амаӡамызт. Насыԥу, насыԥдаразу, ԥсразу, бзаразу – аҳәара уадаҩын…", - абас иҟан амацәыс агьама знырыз, зны-зынла Зиа ҳәа зхаҵа изаиҳәоз аԥҳәыс лыгәныҩра абжьқәа, илыхьыз анаҩсан. "Сцәаҳа ауп инхаз" зҳәоз Енықә иҩны иаҵагылаз аҵаргәақәа кәадахо иалагеит, аибашьра ашьҭрақәа зныз аԥсҭазаара иарҿиоз ахҭысқәа ирыхҟьаны. Уаҳа асиужет аиҭаҳәарагьы аҭахны избом. Бзиа ари аҭагылазаашьа данымшәарашәа лгәы илнарбеит, лаҳәызбагьы лырхиеит, амӡышәа иԥсырҭа иалырбаразы. Аха мап, амацәыс агьама илызнауз аулзеилымкаахуаз, даҽа зныкгьы уи анылхьыс нахыс, аԥсҭазаара лхы аԥырылгарц лыӡбеит, илхаразгьы шыҟаз дырны.
"Илылсны ицоз амцашоура бызбызуа макьана лдақәа ирҭымҵыцызт. Иара убас ибызбызуа гьамак лқьышә иқәын. Амацәыс агьама аӡәгьы имбацт, аха абас акәхап ишыҟоу", - дхәыцуан лара илыхьыз дардысны. Уи аамҭазы ллымҳа иҭасуан Шьыбга ибжьы "иареи сареи ҳанеиҿабыжь, бара бзы имшмыхәларахоит"…
Гогәуа иажәабжь анҵәамҭа аԥхьаҩ дыззыԥшымыз финалхеит: "Лыхәда цқьа иҩҭырҳан, ирҭрысны аццышә иаҩызаз аҳәызба наҿлырхеит. Аҵәаҵла даҵаԥшны илбоз ажәҩан еҵәара иакәыршаны иҟаз аԥсҭҳәақәа амацәыс нарылҟьан, лыблақәа нҭыблааны ицеит…". Ааԥынран. Аибашьра ашьҭрақәа макьанагьы иҭӷәыхаа иган…
Автори аредакциеи ргәаанагарақәа еиқәымшәозар ҟалоит.
Ажәабжьқәа зегьы
0