Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны аҳәынҭқарра-анаԥшҩы астатус аҭараз Еиду амилаҭқәа реиҿкаарахь инашьҭыз ашәҟәы роуит

© Sputnik / Алексей Витвицкий / Амедиаҵәахырҭахь аиасраГорода мира. Женева
Города мира. Женева - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2022
Анапаҵаҩра
Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ҳтәылеи адунеи егьырҭ атәылақәеи реимадарақәеи реинырреи ирзырхоу Аԥсны ахада адәныҟаполитикатә иус ахырхарҭа анагӡара аԥхьаҟагьы иацнаҵалоит .
АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Аԥсны Аҳәынҭқарра Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба Еиду амилаҭқәа реиҿкаара (ЕАР) Амаӡаныҟәгаҩ хада Антониу Гутерриш ихьӡала Аԥсны ЕАР аҿы аҳәынҭқарра-наԥшҩы астатус аиуразы инашьҭымҭа Ниу-Иорк, ЕАР аштаб-квартираҿ ироуит. Абри атәы аанацҳауеит Аԥсны ААР асаит.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Иракли Ҭыжәба иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра иҟоу ауадаҩрақәа ирыхьмырԥшыкәа ԥхьаҟагьы жәларбжьаратәи аҭахкаара аԥыхра аҽазнашәалоит ҳәа.

"Қырҭтәыла аганахьалеи иара иадгыло атәылақәа рганахьалеи иҟоу аобиективтә уадаҩрақәа ҳара Аԥсны Аҳәынҭқарра амилаҭтә интересқәа рыхьчара еиҳагьы ихымԥадатәины ҳашрыхәаԥшуа аадырԥшуеит", - ҳәа азгәаҭоуп аҳәамҭаҿы.

Ахаша жәабран 9 азы Инал Арӡынба Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Адунеизегьтәи ассоциациақәа рфедерациа ахада ихаҭыԥуаҩ, Еиду амилаҭқәа реиҿкаара Ацхрааразы урыстәылатәи ассоциациа ахантәаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Алексеи Борисов Москва даниԥылоз Еиду амилаҭқәа реиҿкаара амаӡаныҟәгаҩ хада иахь аҳәамҭа ишьҭит ҳреспублика анаԥшҩык аҳасабала астатус аҭаразы алшара иазхьаԥшырц.
Инал Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2022
Аԥсны
"Ажәа аҟынтәи аус ахь аиасра аамҭа ааит": Инал Арӡынба аканал RT аинтервиу аиҭеит
Ажәабжьқәа зегьы
0