https://sputnik-abkhazia.info/20220301/fifa-i-uefa-i-urystylati-akomandaei-aklubei-aturnira-zegy-irylyrgeit-1037859141.html
ФИФА-и УЕФА-и урыстәылатәи акомандақәеи аклубқәеи атурнирқәа зегьы ирылыргеит
ФИФА-и УЕФА-и урыстәылатәи акомандақәеи аклубқәеи атурнирқәа зегьы ирылыргеит
Sputnik Аҧсны
ФИФА аԥхьалагамҭатәи асанкциақәа еиҳагьы иарӷәӷәеит. Уаанӡатәи асанкциақәа рыла Украина иҟалаз аҭагылазаашьазы Урыстәыла жәларбжьаратәи ахәмаррақәа рыдкылара... 01.03.2022, Sputnik Аҧсны
2022-03-01T12:53+0300
2022-03-01T12:53+0300
2022-03-01T14:23+0300
урыстәыла донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
ажәабжьқәа
аспорт
аполитика
лжәр
джәр
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/03/16/1032062407_0:78:1500:922_1920x0_80_0_0_834e77f2e9e1796176ee0bdc89461ce8.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Ашьапылампыл азы Жәларбжьаратәи Афедерациеи (ФИФА) Европатәи ашьапылампылтә федерациақәа Реидгылеи (УЕФА) урыстәылатәи акомандақәеи аклубқәеи атурнирқәа зегьы ирылыргеит ҳәа аанацҳауеит ФИФА асаит."ФИФА-и УЕФА-и аицыӡбамҭа рыдыркылеит: урыстәылатәи амилаҭтә командақәеи аклубқәеи жәларбжьаратәи атурнирқәа зегьы ирылыргоит ԥхьаҟа иҟало даҽа дыррак аҟынӡа. Ашьапылампыл Украина ааха зауз зегьы адгылара рнаҭоит. Аиҿкаарақәа рхадацәа (Александер Чеферин, УЕФА, Џьанни Инфантино, ФИФА. — аред.) ақәгәыӷуеит Украина аҭагылазаашьа хара имгакәа иҭышәынтәалап, ашьапылампылгьы акзаареи аҭынчреи ирхықәкны иҟалап ҳәа", - аҳәоит аҳәамҭаҿы.Урыстәылатәи ашьапылампылтә Еидгыла (РФС) ФИФА-и УЕФА-и рыӡбамҭа иақәшаҳаҭым.Ашәахьа Жәларбжьаратәи Аолимпиптә комитет анапхгара аспорттә федерациақәа ирабжьнагеит урыстәылатәии белоруссиатәии аспортсменцәа рықәгылара мап ацәыркырц. Иазгәарҭеит арҭ атәылақәа рыспортсменцәеи ркомандақәеи анеитралтә статус рыҭара мацара шалшо, амилаҭтә гимнқәеи абираҟқәеи рхархәарада.
https://sputnik-abkhazia.info/20220228/evroeidgyla-urystyla-abank-iadanaalaz-asanktsiaa-amchra-rouit-1037830830.html
лжәр
джәр
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e5/03/16/1032062407_84:0:1417:1000_1920x0_80_0_0_e3d3dadbf60575f1ede442403375e1ac.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аспорт, аполитика, лжәр, джәр
ажәабжьқәа, аспорт, аполитика, лжәр, джәр
ФИФА-и УЕФА-и урыстәылатәи акомандақәеи аклубқәеи атурнирқәа зегьы ирылыргеит
12:53 01.03.2022 (ирҿыцуп: 14:23 01.03.2022) ФИФА аԥхьалагамҭатәи асанкциақәа еиҳагьы иарӷәӷәеит. Уаанӡатәи асанкциақәа рыла Украина иҟалаз аҭагылазаашьазы Урыстәыла жәларбжьаратәи ахәмаррақәа рыдкылара азин аҭамызт, аҩнуҵҟатәи ахәмаррақәагьы ахәаԥшыҩцәа рыда анеитралтә ҵакырақәа рҿы имҩаԥгалазароуп ҳәа азшьан.
АҞӘА, хәажәкыра 1 - Sputnik. Ашьапылампыл азы Жәларбжьаратәи Афедерациеи (ФИФА) Европатәи ашьапылампылтә федерациақәа Реидгылеи (УЕФА) урыстәылатәи акомандақәеи аклубқәеи атурнирқәа зегьы ирылыргеит ҳәа
аанацҳауеит ФИФА асаит.
"ФИФА-и УЕФА-и аицыӡбамҭа рыдыркылеит: урыстәылатәи амилаҭтә командақәеи аклубқәеи жәларбжьаратәи атурнирқәа зегьы ирылыргоит ԥхьаҟа иҟало даҽа дыррак аҟынӡа. Ашьапылампыл Украина ааха зауз зегьы адгылара рнаҭоит. Аиҿкаарақәа рхадацәа (Александер Чеферин, УЕФА, Џьанни Инфантино, ФИФА. — аред.) ақәгәыӷуеит Украина аҭагылазаашьа хара имгакәа иҭышәынтәалап, ашьапылампылгьы акзаареи аҭынчреи ирхықәкны иҟалап ҳәа", - аҳәоит аҳәамҭаҿы.
Урыстәылатәи ашьапылампылтә Еидгыла (РФС) ФИФА-и УЕФА-и рыӡбамҭа иақәшаҳаҭым.
"Ари аҩыза аӡбамҭа еснагь аиҟарареи, аҳаҭыреиқәҵареи, аполитика ахьыԥшымреи рыпринципқәа ирықәныҟәоз адунеитә спорттә еилазаара еиҟәнашоит. ФИФА-и УЕФА-и рыӡбамҭа аҿагылара амҩаԥгара ахәҭаны иаабоит жәларбжьаратәи аспорттә зин анормақәа инарықәыршәаны", - ҳәа аҳәоит РФС арелиз.
Ашәахьа Жәларбжьаратәи Аолимпиптә комитет анапхгара аспорттә федерациақәа ирабжьнагеит урыстәылатәии белоруссиатәии аспортсменцәа рықәгылара мап ацәыркырц. Иазгәарҭеит арҭ атәылақәа рыспортсменцәеи ркомандақәеи анеитралтә статус рыҭара мацара шалшо, амилаҭтә гимнқәеи абираҟқәеи рхархәарада.