Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Германиеи НАТО-и Украинатәи ахҭысқәа рхы рыладырхәуам ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Шольц

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПрезидент РФ В. Путин встретился с канцлером ФРГ О. Шольцем
Президент РФ В. Путин встретился с канцлером ФРГ О. Шольцем - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Украина арратә операциа иалагеит жәабран 24 рзы ДЖәР-и ЛЖәР-и рхьыԥшымра азхаҵара ашьҭахь.
АҞӘА, хәажәкыра 2 – Sputnik. ГФР (ФРГ) аканцлер Олаф Шольц Германиеи НАТО-и Украинатәи ахҭысқәа рхы рыладырхәуам ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости.
"Ҳара арратә мҩа ҳанылаӡом, НАТО акәзаргьы иара убас, иҟоу аҭагылазаашьаҿы уи иашахомызт", - иҳәеит Шольц апресс-конференциаҿ иқәгылараан, Израиль аԥыза-министр Нафтали Беннет даниԥыла ашьҭахь.
Урыстәыла Украина арратә операциа иалагеит жәабран 24 азы. Атәыла ахада Владимир Путин "ари аашықәса агеноцид ззыруаз ауааԥсыра рыхьчара иазырхоуп" ҳәа ахиҳәааит. Уи азы арратә цәгьоуцәа рус ӡбатәуп, Украина абџьар ахыхтәуп ҳәа иҳәоит иара.
Флаги России и Турции - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Ҭырқәтәыла Урыстәыла иадҟарҵало асанкциақәа ирылахәхом ҳәа рҳәеит Анкара
Аминистрра адыррала, Арбџьармчқәа арратә инфраструктуроуп ааха зырҭо, аҭынч уааԥсыра ԥырхага рымам. Убри аан Украина аоккупациа азура аӡәгьы игәы иҭам ҳәа иҳәеит ахада.
Донбасс ахьчаразы урыстәылатәи арратә операциа ҷыда хырхарҭа рацәала ицоит. Уажәазы Киев мраҭашәаратәи аган амацәаз иҭакуп, иара убас ақалақь Мариупольгьы, ақалақь Херсон ар рнапахьы иааргеит. Атәыла аладеи мрагылареи ахәҭақәа рҿы украинатәи ар Азовтәи амшын ахь рнеира ԥкуп, ДЖәР жәлар рмилициа 40 еиланхарҭа рхы иақәиҭыртәит.
Ажәабжьқәа зегьы
0