Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Украина аибашьра "иазыҟарҵон": Лукианенко урыстәылатәи аоперациа ҷыда ахҳәаа аиҭеит

© Sputnik / Михаил Воскресенский / Амедиаҵәахырҭахь аиасраСитуация на границе РФ с Украиной в Белгородской области
Ситуация на границе РФ с Украиной в Белгородской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2022
Анапаҵаҩра
Украина абџьархыхразы Урыстәыла имҩаԥнаго аоперациа ҷыда иалагеит жәабран 24 рзы. Ажәыларақәа хырхарҭа рацәала имҩаԥысуеит.
АҞӘА, хәажәкыра 2 – Sputnik. Украина хықәкылаҵәҟьа аибашьра "иазыҟарҵон", абас игәаанагара иҳәеит арадио Sputnik аҟны ашәҟәыҩҩы Сергеи Лукианенко.
"Европа Урыстәыла иақәлеижьҭеи аамҭа акыр цазар акәхап, уажәы еиҵагылеит аҽазныкгьы ахԥышәара зҭаххаз. Иахьа иҟоу аҭагылазаашьа рҽазыҟарҵоижьҭеи акырҵуеит. 20 шықәса ҵуеит избоижьҭеи аурысҿагыларақәа рхы шьҭырхуа иалагеижьҭеи, Урыстәыла ӷак аҳасабала иахәаԥшларц аҿар рааӡоижьҭеи. Ауаагьы уи агәра ргоит. Европа, Америка ари амца аҵарҵон. Сара сгәаанагарала, ҳара зегь ҳаурыс жәларуп, махәҭа-махәҭала аурысцәа, абелорусцәа, украинаа ҳәа ҳшазаргьы, ҳаӡәыкуп. Рнапахьы ҳнаргарц азы ҳаиҟәыршеит, ҳаиӷартәит", - иҳәеит иара.
Лукианенко игәаанагарала, иӷәӷәоу Урыстәыла америкаа рзы ишәарҭоуп, уи "рызрыдкылом". Уи азоуп уажәы еидгыланы ақәыӷәӷәара зыҟарҵогьы иҳәеит иара.
Переговоры России и Украины в Гомельской области - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Песков: Урыстәыла Украинеи дареи реиҿцәажәара ацҵара иазыхиоуп ахаша ахәылбыҽха
"Адунеи аҽаԥсахит. Иҟалашагь адырра уадаҩуп. Ажәытә схемақәа, аиқәшаҳаҭрақәа, аҽынкыларақәа зегьы еиларбгоуп. Аҳәынҭқарратә зин ахәҭаҷ хадақәа ҩба – дара-дара еиҿагылоит: ахалахатәҳәаақәҵаразы ажәлар рзини акзаараз азини. Иҟоуп ҭынчмҩала еиҿыҵуа атәылақәа, аха иҟоуп шьакаҭәарала еиҿыҵуагьы", - иҳәеит ашәҟәыҩҩы.
Асоциалтә ҳақәа рҿы ауаа рацәа злахәу акциақәа, Урыстәыла атәылауаа рҳәынҭқарра ахымҩаԥгашьа иахьақәыӡбо ақәыргыламаҭқәа, Лукианенко "аҭагылазаашьа аныуадаҩу рыԥсадгьыл рҭиит" ауп иаанаго ҳәа рхиҳәааит.
"Ауаажәларра рҿы иҟоуп иарбанзаалак аҳәынҭқарреиҿкаара иаҿагыло. Ҳара ҳҿы уи мариахеит, анҭыҵынтәи адгалара аиуеит азы, аиҳабырагьы қәыӷәӷәарак ҟарҵом азы. Аӡәы ддыршәоит, аҽаӡәы ихаҭа дшәоит, аҽаӡәых ииҳәо агәра ганы дыҟоуп", - иҳәеит иара.
Лукианенко игәаанагарала, аоперациа ҷыда хыркәшахоит Донецки Лугански ареспубликақәа Украина азхаҵарала, Урыстәыла аҳәааҿы америкатәии европатәии ари абџьари рыҟамзаарала, аха Мраҭашәаратәи асанкциақәа нхоит.
"Ҳҽаҳаршьцылап. Сицилиа ацынхәрас Аԥсны ҳаԥсы ҳшьалап. Аамҭақәак рышьҭахь Европа асанкциатә политика шылҵшәадоу рбап", - иҳәеит иара.
Лукианенко иазгәеиҭеит, Аԥсны аганахьала иҟоу аҭагылазаашьаҿы адгылара аиура акыр шаҵанакуа.
"Ажәала. Гәыла-ԥсыла. Ҳҩызцәа шыҟоу аадыруеит", - иҳәеит иара.
Донбасс ахьчаразы арратә операциа ҷыда амҩаԥысраан Урыстәыла арратә мчрақәа хырхарҭа рацәала ицоит. Уажәазы Киев мраҭашәаратәи аган ала иҭахкаауп. Атәыла аладеи мрагылареи ахәҭақәа рҿы украинатәи ар Азовтәи амшын ахь рнеира ԥкуп, ақалақь Мариуполь амацәаз иҭакуп.
Хәажәкыра 2 рзы анапахьы иаагоуп украинатәи ақалақь (аобласттә центр) Херсон.
Жәабран 28 рзы Урыстәылеи Украинеи рделегациақәа аиԥылара рыман Гомельтәи аобласт аҿы, Белоруссиа. Аиҿцәажәарақәа хә-сааҭк иназынаԥшуа ицон, аҩганк иԥыларақәа ирыцҵазарц еиқәшаҳаҭхеит.
Флаги России и Турции - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Ҭырқәтәыла Урыстәыла иадҟарҵало асанкциақәа ирылахәхом ҳәа рҳәеит Анкара
Ажәабжьқәа зегьы
0