Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы акоронавирус зыхьуаз даҽа ҩыџьа ачымазыҩцәа рыԥсҭазаара иалҵит

© Sputnik / Алексей Сухоруков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЛечение пациентов с Covid-19 в Тамбовской областной больнице
Лечение пациентов с Covid-19 в Тамбовской областной больнице - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.03.2022
Анапаҵаҩра
Аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 52 274 - ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 46467- ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 655-ҩык.
АҞӘА, хәажәкыра 3- Sputnik. Иҳаҩсыз уахыки-ҽнаки рыла COVID -19 азы Аԥсны ауааԥсыра атестқәа арҭеит 236-ҩык, урҭ рахьтә 105-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Уахыки-ҽнаки рыла Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭаз аҿчымазара змаз 78, 82 шықәса зхыҵуаз ҩыџьа ахацәа рыԥсҭазаара иалҵит.
Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 32-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 13-ҩык, ибжьаратәуп - 19-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 26-ҩык, урҭ рахьтә 12-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит быжьҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 20-ҩык, урҭ рахьтә хҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы быжьҩык ачымазцәа шьҭоуп. Ареспубликатә иҷыдоу апсихиатриатә хәшәтәырҭаҿы ишьҭоуп ҩыџьа.
Ажәабжьқәа зегьы
0