https://sputnik-abkhazia.info/20220304/gdoua-asny-asovet-mchra-ashagylara-amsh-azgareit-1037925124.html
Гәдоуҭа Аԥсны Асовет мчра ашьақәгылара амш азгәарҭеит
Гәдоуҭа Аԥсны Асовет мчра ашьақәгылара амш азгәарҭеит
Sputnik Аҧсны
Хәажәкыра 4 , 1921 шықәсазы Аԥсны Асовет мчра шьақәыргылан. 04.03.2022, Sputnik Аҧсны
2022-03-04T13:19+0300
2022-03-04T13:19+0300
2022-03-04T13:19+0300
аԥсны
ауаажәларра
ажәабжьқәа
ақалақь-фырхаҵа гәдоуҭа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/04/1037924854_0:114:1280:834_1920x0_80_0_0_c2efeb782b91d1cd2bc3025a2652f11b.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik. Гәдоуҭа Аԥсны Асовет мчра ашьақәгылара амш азгәарҭеит ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.Араион анапхгара, аҳәынҭусбарҭақәа русзуҩцәа, аруаа, ауаажәларратә усзуҩцәа асовет револиуционер Нестор Лакоба ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭарҵеит.Аепидҭагылазаашьа ҳасаб азуны агәалашәаратә уснагӡатә аҟны амитинги ацәажәарақәеи мҩаԥгамызт.Араион анапхгара ахыбраҿы афбатәи абыжьбатәи аруаа ргәыԥ алархәны аилатәара мҩаԥысит. Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба еизаз ирыдиныҳәалеит Асовет мчра ашьақәгылара амш.Аҩӡба иазгәеиҭеит, хәажәкыра 4 - Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба идунеи аниԥсахыз амш шакәу, иара убас иҳәеит ари аҽны дышииз Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь. Атәыла уаанӡатәи ахадацәа минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит.Хәажәкыра 4, 1921ш. Аԥсны Асовет мчра шьақәыргылан, Аԥсны Советтә Социалисттә Республиканы ахьӡ рылаҳәан. Иара убри амшгьы ԥхьаӡоуп аԥсуа ҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылара иамшны. Жәабран анҵәамҭазы 1921 шықәсазы "Кьараз" агәыԥ, ажәбатәи Ар Ҟаԥшь арцыхцыхра ала ирҿагылеит ақырҭуа арҳәҭақәа. Хәажәкыра 4 рзы иҭарцәын Аҟәа, хәажәкыра 19 рзы Ԥсоу аӡиас инаркны Егрынӡа, Қырҭтәылатәи аменшевиктә архәҭақәа Аԥсны иалцан. Амчра зегьы Аԥсны Ареволиуциатә Комитет анапаҵаҟа иҟан. Нестор Лакобеи Ефрем Ешбеи напхгара зырҭоз Аҳәынҭқарра Аԥсны Аревком амчра зегьы хаҭәааны рнапаҿы иааргеит. Зыӡбахә ҳәоу ауаа рнапхгарала аиҭаира амҩа ианылеит зҭагылазаашьа уадаҩыз атәыла.Асовет аамҭазы ирацәамызт аԥсуаа еидызкылоз аныҳәақәа. Абри ахҭыс анаҩс, хәажәкыра 4, милаҭтә ныҳәаны иазгәарҭо иалагеит Аԥсны жәлар зегьы.Аԥсны Асовет мчра ашьақәгылара амш, сынтәа 101 шықәса ахыҵит.
https://sputnik-abkhazia.info/20211228/azhlar-rygragay-nestor-lakoba-igalashara-iazkny-1036946640.html
ақалақь-фырхаҵа гәдоуҭа
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/04/1037924854_0:0:1280:960_1920x0_80_0_0_44e0b2ef4aaae35c9baa650bf5700f42.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ауаажәларра, ажәабжьқәа, ақалақь-фырхаҵа гәдоуҭа
ауаажәларра, ажәабжьқәа, ақалақь-фырхаҵа гәдоуҭа
Гәдоуҭа Аԥсны Асовет мчра ашьақәгылара амш азгәарҭеит
Хәажәкыра 4 , 1921 шықәсазы Аԥсны Асовет мчра шьақәыргылан.
АҞӘА, хәажәкыра 4 - Sputnik. Гәдоуҭа Аԥсны Асовет мчра ашьақәгылара амш азгәарҭеит ҳәа ааицҳауеит Sputnik акорреспондент.
Араион анапхгара, аҳәынҭусбарҭақәа русзуҩцәа, аруаа, ауаажәларратә усзуҩцәа асовет револиуционер Нестор Лакоба ибаҟа аҿаԥхьа ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Аепидҭагылазаашьа ҳасаб азуны агәалашәаратә уснагӡатә аҟны амитинги ацәажәарақәеи мҩаԥгамызт.
Араион анапхгара ахыбраҿы афбатәи абыжьбатәи аруаа ргәыԥ алархәны аилатәара мҩаԥысит. Гәдоуҭа араион ахада ихаҭыԥуаҩ Валери Аҩӡба еизаз ирыдиныҳәалеит Асовет мчра ашьақәгылара амш.
Аҩӡба иазгәеиҭеит, хәажәкыра 4 - Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба идунеи аниԥсахыз амш шакәу, иара убас иҳәеит ари аҽны дышииз Аԥсны аҩбатәи ахада Сергеи Багаԥшь. Атәыла уаанӡатәи ахадацәа минуҭктәи аҿымҭрала иргәаладыршәеит.
Хәажәкыра 4, 1921ш. Аԥсны Асовет мчра шьақәыргылан, Аԥсны Советтә Социалисттә Республиканы ахьӡ рылаҳәан. Иара убри амшгьы ԥхьаӡоуп аԥсуа ҳәынҭқарра аиҭашьақәыргылара иамшны. Жәабран анҵәамҭазы 1921 шықәсазы "Кьараз" агәыԥ, ажәбатәи Ар Ҟаԥшь арцыхцыхра ала ирҿагылеит ақырҭуа арҳәҭақәа. Хәажәкыра 4 рзы иҭарцәын Аҟәа, хәажәкыра 19 рзы Ԥсоу аӡиас инаркны Егрынӡа, Қырҭтәылатәи аменшевиктә архәҭақәа Аԥсны иалцан. Амчра зегьы Аԥсны Ареволиуциатә Комитет анапаҵаҟа иҟан. Нестор Лакобеи Ефрем Ешбеи напхгара зырҭоз Аҳәынҭқарра Аԥсны Аревком амчра зегьы хаҭәааны рнапаҿы иааргеит. Зыӡбахә ҳәоу ауаа рнапхгарала аиҭаира амҩа ианылеит зҭагылазаашьа уадаҩыз атәыла.
Асовет аамҭазы ирацәамызт аԥсуаа еидызкылоз аныҳәақәа. Абри ахҭыс анаҩс, хәажәкыра 4, милаҭтә ныҳәаны иазгәарҭо иалагеит Аԥсны жәлар зегьы.
Аԥсны Асовет мчра ашьақәгылара амш, сынтәа 101 шықәса ахыҵит.