Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Хышба Аԥсны атуристтә еилазаарахь ааԥхьара ҟаиҵеит Донбассынтәи ахҵәацәа ацхыраара рырҭарц

© Sputnik / Томас ТхайцукТеймураз Хишба
Теймураз Хишба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны иаднакылеит ДЖәРи ЛЖәРи рҟынтәи зыҩнқәа ирхыҵыз 118-ҩык ахҵәаҟәа.
АҞӘА, хәажәкыра 4 – Sputnik. Аԥсны атуризм аминистр Ҭеимураз Хышба Аԥсны атуристтә еилазаарахь ааԥхьара ҟаиҵеит Донбассынтәи ахҵәацәа ацхыраара рырҭарц ҳәа аанацҳауеит аусбарҭа апресс-маҵзура.

"Абри аамҭа уадаҩ азы Аԥсны атуристтә еилазаара шәахь аҳәара ҟасҵоит Лугански Донецки рҟынтәи иааз ахҵәацәа ишәылшо ацхыраара рышәҭарц", - ҳәа иҳәеит Хышба.

Хәажәкыра 3 азы аминистрраҿы имҩаԥысит аминистр Хышбеи Донбассынтәи иааз ахҵәацәеи реиԥылара. Хышба ахәыҷқәа рҵараҵаразы ирҭахны иҟоу ахархәагақәа ҳамҭас ириҭеит.
Ахҵәацәа арахь раагара мҩаԥысуеит атәыла ахада Аслан Бжьаниа инапынҵала. Раԥхьатәи ахҵәацәа Аԥсныҟа иааргеит жәабран 24 азы, аҩбатәи агәыԥ - хәажәкыра 2 азы. Иахьазы Аԥсны иҟоуп 118-ҩык Донбасс ауааԥсыра. Ауаа раагара аиҿкааразы хаҭала Донбассҟа дцеит АҶА аминистр Лев Кәыҵниа. Дара ареспубликахь иааргеит аилахәыра "Турист" иатәу аекскурсиатә автобусқәа рыла, иаангылеит апансионат "Аиҭар" аҿы.
Аслан Бжания  встретился с беженцами из ДНР и ЛНР в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.03.2022
Аԥсны
Аслан Бжьаниа Донбасстәи ахҵәацәа дырҭааит
Хәажәкыра 1 азы, ахҵәацәа раԥхьатәи агәыԥ алахәылацәа рзы Афонҿыцтәи аҭыԥ ԥшӡарақәа ддырбеит.
Донбасс аҭагылазаашьа уадаҩхеит жәабранмзазы, ареспубликақәа рхадацәа аҭынч уааԥсыра рахыгара рыларҳәеит Украина ажәылара ҟанаҵоит ҳәа ашәаразы.
Иахьазы урыстәылатәи ар аоперациа ҷыда мҩаԥыргоит Украина абџьархыхразы.
Ажәабжьқәа зегьы
0