Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Агәабзиарахьчара: Аԥсны акоронавирус ахь аколлективтә иммунитет 30% еиҳахеит

© AFP 2023 / THOMAS KIENZLEТест на коронавирус
Тест на коронавирус  - Sputnik Аҧсны, 1920, 07.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥыза-министр Александр Анқәаб хәажәкыра 4 азы имҩаԥигаз аилацәажәараҟны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба аҳәамҭа ҟаиҵеит, Аԥсны COVID-19 лаҟәуа иалагеит, ахәшәтәырҭақәа ирҭоу еиҵахеит ҳәа.
АҞӘА, хәажәкыра 7 - Sputnik. Аԥсны ауааԥсыра акоронавирус ахь рколлективтә иммунитет 30% еиҳахеит, абри атәы лҳәеит НИИЕПиТ аиммунологиеи авирусологиеи рлабораториа аиҳабы, аоперштаб алахәыла Алиса Матуаԥҳа.
Лажәақәа рыла, атест аҭаразы иааиуа ауааи амедусҳәарҭақәа ирыдҵаалои рхыԥхьаӡара маҷхеит.
"Ус иҟоуп есымша. Иҟоуп аамҭақәа ахәшәтәырҭақәа ирыдҵаало рхыԥхьаӡара анырацәоу, нас ашьшьыҳәа аҽанеиқәнакуа", - лҳәеит лара.
Матуа иазгәалҭеит, Аԥсны аофициалла аҿкы шрыдбалаз 50 000-ҩык ауааԥсыра, иара убас 20 000 алаҵа ҟарҵахьеит. Абарҭ ауаа акоронавирус ахь аколлективтә иммунитет рымазар ахәҭоуп.
"Ҳара еилаҳкаауеит ҳажәлар реиҳараҩык ахәшәтәырҭақәа рахь ишымнеиз, урҭ ихьанҭамкәа изхызгази, ма ус аҿкы арбагақәа змамзи шраку. Урҭ астатистика иарбаӡам, аха аиммунитет рымазар алшоит. Иара убас, иҟоуп ацәеижьҿагылақәа змам ауаа рпроцентгьы. Ииашаҵәҟьоу ахыԥхьаӡарақәа рҳәара ҳалшом", - лҳәеит лара.
Вакцинация от COVID-19 в Москве - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.02.2022
Аԥсны
Апандемиа ҵысижьҭеи Аԥсны COVID-19 аҟынтәи 18 нызқьҩык алаҵа ҟарҵахьеит
Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр ицхырааҩ агәыӷра аалырԥшуеит, иаарласны амедицинатә еилазаара акоронавирус изаамҭанытәиу ачымазара еиԥш иршьо иҟалап ҳәа.
"Иаахҵәаны иҳазҳәаӡом уаҳа аҿкы аҽышьҭнахуам ма даҽа штаммк цәырҵуам ҳәа аҳәара, ҳақәгәыӷуеит алаҵаҟаҵарала акәымзаргьы, ачымазара зхызгаз рколлективтә иммунитет. Агәыӷра ыҟоуп, акоронавирус агрипп еиԥш ҳазыҟазаауеит, шықәсык ахь знык ауааԥсыра алаҵа ҟарҵалар", - лҳәеит лара.
Хәажәкыра 5 азы аоперштаб адыррақәа рыла Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 52 404 - ҩык рҟынӡа инаӡеит, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 658-ҩык.
Ажәабжьқәа зегьы
0