Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аибашьреи аԥҳәыси: аветеран Замира Ҷавҷаваӡе илызкны

© Foto / Замира ҶавҷаваӡеЗамира Ҷавҷаваӡе
Замира Ҷавҷаваӡе - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2022
Анапаҵаҩра
Аҳәса жәларбжьаратәи рымш азы Sputnik аколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа иҳазлырхиеит қыҭак илыцатәыз, школк илыцҭаз лҩыза, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз, ахәрақәа ирцәынхаз, "Агәымшәаразы" амедал занашьоу Замира Ҷавҷаваӡе илызку анҵамҭа.
Шәышықәса иреиҳауп адунеи аҿы аҳәса рымш хәажәкыра 8 азгәарҭоижьҭеи. Асовет аамҭа иалиааз ҳзы ари ныҳәа бзиоуп. Уи аԥшьгара хыҵхырҭас иамаз уамак ҳазхәыцуамызт ҳанҿаз, иаҳгәаԥхон ашәҭқәа анҳарҭоз, насгьы ԥсшьарамшын.
Абар иахьагьы ҳаԥылоит ари амш. Абри аҽны исҭахуп сҩызцәа ирылыскаауа илызкны анҵамҭа ҟасҵарц, лара ҳ-Џьынџьтәылатәи аибашьра даветерануп, уи адагьы д-Кәтолтәиуп, уи азымхо, класск аҿы аҵара сыцылҵон. Абарҭқәа инарҷыданы, лареи сареи аибашьраҿы ҳаиқәшәеит, уимоу, лыхәрагьы ҿасҳәеит. Нас, Замира Ҷавҷаваӡе илеиӷьу иззыскуада санҵамҭа?!
Ҳхәыҷра ашықәсқәа сгәаласыршәозар, исызшәаҳәом уи еиҩцаны аҵара лҵон, мамзаргьы ашколтә ԥсҭазаара активла лхы алалырхәуан ҳәа. Аиҵбыратәи аклассқәа рҿы ҳантәаз лыхцәы ҩбаны иԥаны илықәын, лыбжьы гомызт, аҭынчра лнубаалон еснагь. Аиҳабыратәи аклассқәа рахь ҳаниас, ҳаиҩыршеит, аха зегь акоуп ҳаибабон. Замира агәымшәара злоу лакәны лхы аалырԥшуамызт аҭынч ԥсҭазаараҿ, ашьац иаӷрамгыло ззырҳәо лакәны ашкол ҳалгеит.
Жәаха шықәса ҵит уи анаҩс. 1993 шықәса, цәыббрамзазы аибашьра ӷәӷәа цон Аԥсны ахақәиҭтәразы. Амза 19 рзы Ешыра лбаантәи иааргоз ахәцәеи иҭахази рацәаҩын. Сара убри аамҭазы Ешыра аевакуациатә пункт аҿы сыҟан. Ицон аҵыхәтәантәи ажәылара. Цәыббрамза 19 рыҽны ахәцәа ахьышьҭаз сылаԥш дыҵашәеит анкьа ашкол исыцҭаз Замира. Дсымбеижьҭеи маҷ ҵуазма, аха иаразнак дыздырит.
"Бара банызба заҟа сгәырӷьаз бдыруама. Сара уа быҟоуп ҳәа сыҟаӡамызт. Уажәшьҭа ак сыхьыргьы, мамараа рахь ак лҳәоит сгәахәит", - лҳәоит Замира иахьа, уи амш лгәаларшәо.
Ашкол ашьҭахь Замира аҵарахьы ддәықәымлеит, аколхоз аҿы даанкыланы ԥшьышықәса аус луит, убри анаҩсан ауп Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет апедагогикатә факультет данҭалаз. Аамҭак азы ахәыҷбаҳчаҿ аус луан, аха нас усҟан иҟаз акооперативқәа руак ахь усура ҳәа диасит.
© Foto / Замира ҶавҷаваӡеЗамира Ҷавҷаваӡе
Замира Ҷавҷаваӡе - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2022
Замира Ҷавҷаваӡе
Замира лаб Давид дақырҭуан, Кәачаратәин. Лан д-Лашәриаԥҳан, Бабуца лыхьӡын, зынӡа ишмаҷӡаз еиднагалаз роуп. Давид арра дыргеит, нас Лашәриаа рымаҳә арра дыҟанаҵы, раҳәшьа даарган рааигәара Кәтол дындырхеит. Аррантәи ихынҳәыз Давид иԥшәмеи иареи ирхылҵит хҩы ԥҳацәеи ҩыџьа арԥарцәеи. Ахәыҷқәа зегь Кәтолтәи абжьаратә аԥсуа школ иҭарҵеит, уа ақырҭуа школ шыҟазгьы. Абасала иаԥсыуаахеит Давид ихылҵыз зегьы. Замира ишылгәалашәо ала, раб аԥсышәала акәын дышрацәажәоз. Аԥсны Аџьынџьтәылатәи аибашьра цонаҵы Замира лаб Лабра итәаз ҳаибашьцәа рхәы игон, лашьцәа еибашьуан.
Элеонора Когония и Марина Барциц во время войны в Гудауте - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.08.2018
Аибашьреи аҭынчреи
Аибашьра аналага, Замира Аҟәа дыҟан, нас Гәдоуҭа днанагеит лҩызцәа гәыԥҩыки лареи. Лҩыза, аҵара лыцызҵоз Анжела Оҭырԥҳа Абгархықә дынхон, убарҭ рҿы иаангылеит еицыз зегьы.
"Анжела лашьцәа рыхҩыкгьы аибашьра ицеит. Ҳаргьы ҳлакҩакит, анахь ҳҳәеит, арахь ҳҳәеит, аха ҳармышьҭит афронт ахь. Шәара ҳамхқәа ҭажәгалароуп, ажь шәҭаароуп, амҿы ҳзаажәгароуп рҳәан, адҵақәа ҳарҭеит", - ҳәа еиҭалҳәоит Замира.
Лара лажәақәа рыла, ҽаҩраҭагалан даара бзиа аус руит.
"Ауардын ҳақәтәаны амҿы ааҳгон, иҟаҳамҵоз ибдыруеи. Иахьагьы ақыҭаҿы ҳаӡбахә рҳәоит", - ҳәа иаалырԥшуеит усҟантәи аамҭа аибашьра аветеран.
Цәыббрамзазтәи ажәылара аԥсыҭбарақәа рацәаны иацын. Лбаа Ешырантәи ахәцәеи иҭахази аԥхьа аевакпунт аҿы иааргон, нас еиҳа иӷәӷәаз дәыӷбала Афонҟа, ма Гәдоуҭаҟа ирышьҭуан.
Цәыббрамза 19 рзы еилыхаран. Аҳақьым Лев Ачба иакәын ахәцәа раԥхьатәи ацхыраара рызҭоз, уи дивагылан Гәында Џьниаԥҳа, аха зегь ахы рызҭоз, аиҿкааратә усқәа знапы ианыз Викториа Ҳашыгԥҳа лакәын. Амедиаҳәшьцәа раҳасабала араҟа ахәцәа ҿазҳәоз, аҳақьымцәа ирыцхраауаз иреиуан Анна Броидо, Асида Кәыҵниа уҳәа аӡәырҩы. Урҭ амшқәа рзы иҭахеит ҩыџьа ибзианы издыруаз Анзор Агрбеи Сергеи Ҳамыти.
Цәыббрамза 19 рзы аибашьра аҽарӷәӷәеит, адәахьы ухы уздәылымго артҟәацгақәа леиуан. Иҭахази ихәызи ҳәа ианеилырхуаз, ҿымҭӡакәа ишьҭаз Замира сналҿаԥшит…. 28 шықәса рышьҭахьтәи ахҭысқәа лара лыблақәа рыла абас иҟан:
"Цәыббрамза 16 рзы сааҭ 3 шыҟаз Ешыра ацҳа ҳақәсит. Ахысра иаламгацызт. Нас атәыла бгеит. Ажәылара иалагеит. "Учхоз" аҩнеихагылақәа рыҵаҟа амза 19 рзы сырхәит. Уи аԥхьа дырхәит ҳкомбат Муха Оҭырба, артҟәацга ишьапы хнаҵәеит. Имагә аанкыланы, Анжела маркатылла ихылҵәеит ижьы аибаркыра... Иара амашьына дҭаҵаны дҳашьҭит. Ешыра урҭ амшқәа рзы аибашьцәа рацәаҩын. Аҭабиа ду ржит аҩнеихагылақәа рааигәа. Аснариадқәа заахаз рацәаҩуп, иҭахазгьы маҷҩымызт... Ус ҿырҭит ахәцәа ыҟоуп ҳәа. Сыҩны сцеит аӡы ахықә ахь. Ихәны ишьҭаз артҟәацга аҟәырҷаха илан. Сшьамхы арсны ҳа ҳганахь сыбӷа рханы ацхыраара иҭара салагеит. Иара дазусҭоу сыздыруамызт. Дышҿасҳәоз, убас тҟәацрак ҳәа ҟалеит аха… Иара сыҽиқәыжьны дхызҩеит. Деиқәхеит. Сара ҩбаҟа метра саршәит икаҳаз аснариад. Сыҳәҳәар сҭахын аха, сыбжьы ҭыҵӡом…"
...Аевакпункт аҿы Замира сара санлыхәаԥш, лыхәра баргәымызшәагьы збеит. Лыжәҩахыр ааҿасҳәеит. Нас, аҳақьымцәа дангәарҭа, Афон агоспиталь ахь ддәықәырҵеит, избанзар лышьҭахь лрыԥҳа иамариашаны ӷәӷәала дхәын…
...Абгархықә аҽаҩрақәа анҭаргала, уа рхы рзықәымкуа, афронт ахь ацаразы ацәажәарақәа еиҭашьҭырхит Замира лҩызцәеи лареи 1993 шықәса алагамҭазы. Ирымуа ианалага, Оҭырԥҳа лашьцәа Гәдоуҭа агоспиталь ахь иааргеит аҳақьымцәа ирыцхрааларц.
"Ҩымз раҟара агоспиталь аҿы ҳацхыраауан, аха аҭагылазаашьа анаҳба, ара ҳашԥатәо ҳахқәа ҟәаз-ҟәазӡа ҳҳәан ,афронт ахь ҳцароуп ҳҳәеит", - еиҭалҳәоит Замира ажәабжь.
Мшаԥымза 1993 шықәсазы ауп дара афронт ахьҵәҟьа ианцаз. Аҽазыҟаҵара иахысит, маҭәаҩыҭәала еибырҭеит. Замира ишылгәалашәо ала, баржала Очамчыра араион ахь изныкымкәа рхы дырхахьан, аха дара зықәтәаз зыӡхымҵит.
Убри ашьҭахь, Анжела лашьцәа ирамҳәаӡакәа ауаԥсқәа ргәыԥ иалалан, афронт ацәаҳәахьы рҿынархеит.
"Уахыки-ҽнаки ҳныҟәон, ҳахьцоз сыздыруамызт. Ашьхарахь џьара ҳрыманы ицон. Сшәеит азныказы. Ак ҳахьыргьы, ҳаазгодаз, урҭгьы ҳашьцәа роуп, аха иаԥсыуаамызт ҳәа схәыцуан", - илгәалалыршәоит Замира раԥхьатәи леибашьратә мшы.
Анжела лашьцәа ирцәыбналан ауп ари агәыԥ иацны ишцаз. "Алашара ыҟам, акы ыҟам, џьара ҳаҩнаргалан, абра шәиа уаха рҳәеит, - урҭ амшқәа ибзианы илгәалашәоит аветеран, анаҩс Замира лажәа иацылҵоит: - Ашьыжьымҭан асааҭ 5 рзы ажәылара ҳцон. Анцәа сиҳәеит, снапы хҵәаргьы, сшьапы хҵәаргьы, сҭаацәеи сареи ҳаибараба ҳәа. Ус, ахацәа рӷьалпалбжьы геит "Девочек верните сюда" ҳәа", - еиҭалҳәоит Замира игәнылкылаз ахҭысқәа. Зыбжьы гоз Анжела лашьа еиҵбы Баҭал иакәзаарын. Рышьҭа дынхылан дрыхьӡеит. Ауаԥсқәа рхада дақәшаҳаҭмызт аӡӷабцәа рырхынҳәра, аха ирышьҭалан инеиз имуит. Баҭал аҭыԥҳацәа ажәа риҭеит иара ибаталион ахь ишигоз азы. Абасала, уи агәыԥ аҿы даанхеит уаанӡа дара ирыцыз Мзиа Самсониа. Замира, Анжела, Аида ракәзар, Ешыраҟа ахԥатәи абаталион ахьыҟаз иааит. Усҟан Руслан Зарданиа иакәын уи иахагылаз. Замира ишылгәалашәо ала, уаҟа калдахәараа рацәаҩын….
Аҭынч ԥсҭазаараҿ гәымшәара зламызшәа избоз Замира 1993 шықәса нанҳәамзазы ахысрақәа анаанкылаз, аицәажәаразы Гәымсҭа ахықә ахь дцеит. Дзыхьчоз рахьынтә илгәалашәо Хьрыԥс Џьапуеи Алхас Амԥари роуп.
"Зынӡа ҳаизааигәан сзацәажәоз агвардееци сареи", - лхәеит Замира. Лара хаҭала илҭахын амилаҭ еилыхра злаз Кәачаратәи лыуацәа зҿыз, изныз аилкаара. Ажәакала, Замира агыршәа ахьылдыруаз аибашьра аамҭазы илыхәеит, "аԥшыхәраҿы уамак сакәым" лҳәозаргьы…
30 сентября 1993 года - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.09.2017
Аҟәа ҳшалалаз
Цәыббрамза 19 рзы... Хымш ҵуан ажәылара цоижьҭеи. Аҭыԥҳацәа рҽырыԥсахыр рҭахын. Замира илгәалашәоит аҩнеихагылақәа рук аҿы ишырыԥшааз аҩнуҵҟатәи амаҭәа: "Сыцқьаӡа акәыба сҭоуҵаргьы сыԥхоумшьо сааҟалеит", - ҳәа алаф лҳәоит Замира, амаҭәа ҿыцқәа анылшәылҵаз лгәалаҟара шыҟалаз дахцәажәо...
...Аевакпункт аҟынтәи ахәцәа зҭаз адәыӷба Афон иаангылт. Замира усҟан "схы здыруа сыҟан" лҳәоит. Ашьҭахь аԥҟарҭаҿы дыҩнаргалеит, дзырцәоз агәыр налзыҟаҵаны дԥырҟеит. Лрыԥҳа иалаз зегь рзалымхит усҟан, нас аибашьра ашьҭахь Ереван дцаны даҽазныкгьы лҽылыхәшәтәыр акәхеит.
Цәыббрамза 27 рзы Аҟәа ахы ишақәиҭыртәыз анлаҳауаз, Афон агоспиталь аҿы дышьҭан Замира. "Аҵәыуара салагеит", - ҳәа саҭалкит, уи ишԥабыдыбкылеи аиааира ахыԥша ҳәа азҵаара анлысҭа.
Замира Ҷавҷаваӡе аибашьра ашьҭахь аҩнра ҳәа данцоз дагьхәыҷымызт. Лыԥшәма Рудольф Кәарҷиа аибашьра даветерануп. Дара ирхылҵит ҩыџьа аԥацәа, урҭ иахьа истудентцәоуп.
© Foto / Замира ҶавҷаваӡеЗамира Ҷавҷаваӡе
Замира Ҷавҷаваӡе - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2022
Замира Ҷавҷаваӡе
Лареи сареи еиҳарак асоциалтә ҳақәа рҿоуп ҳахьеибабо, аха иҟоуп лабҿаба ҳанеиқәшәогьы. Ианакәзаалакгьы иџьасшьоит лара лхымҩаԥгашьа. Замира лыбжьы рдуны "сара сеибашьуан, атәыла сырбгон" ҳәа лҳәо смаҳацт. Аибашьра анеилга, ашкол аамҭазы илымаз лҟазшьахьы дгьежьит. Дынхоит лыбжьы мырдуцәакәа, ҭынч, ԥсымшьа. Иланашьоуп "Агәымшәараз амедал". Ҽаанбзиала, сҩыза Замира!
Ажәабжьқәа зегьы
0