https://sputnik-abkhazia.info/20220309/asny-akhadei-urystyla-aekonomiara-aministr-ikhayuai-tylaa-ruseitsura-ialatsazheit-1038018314.html
Аԥсны ахадеи Урыстәыла Аекономҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩи ҳтәылақәа русеицура иалацәажәеит
Аԥсны ахадеи Урыстәыла Аекономҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩи ҳтәылақәа русеицура иалацәажәеит
Sputnik Аҧсны
Ахаша хәажәкыра 9 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвачи реиԥылара мҩаԥысит. 09.03.2022, Sputnik Аҧсны
2022-03-09T21:40+0300
2022-03-09T21:40+0300
2022-03-09T21:40+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аполитика
аслан бжьаниа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/09/1038016424_0:85:1620:996_1920x0_80_0_0_161398d2d2e33c38aaacdbc7d4163cce.jpg
АҞӘА, хәажәкыра 9 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвачи аекономика аусхк аҟны аҩтәылак русеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.Аслан Бжьаниа ихәҭакахьала Урыстәыла анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит акыршықәса инеиԥынкыланы есымша иҟанаҵо ацхырааразы.Аԥсны ахада иара убас иазгәеиҭеит ҳтәыла ԥхьаҟагьы ишазхиоу ДЖәР-иЛЖәР-и рҟынтәи ахҵәацәа арыцхраара.Дмитри Вольвач Аслан Бжьаниеи ҳҳәынҭқарра зегьи иҭабуп ҳәа реиҳәеит Донецктәии Лугансктәии Жәлар Рреспубликақәа ахьазхарҵаз, иара убас Аҟәа ахҵәацәа ахьрыдыркылаз."Сара сгәаанагарала, ишьақәгылаз аҭагылазаашьаан ҳтәылақәа ас еиԥш реимадарақәа еиҳагьы рҵакы ӷәӷәахоит. Акраҵанакуеит ҳҳәынҭқаррақәа асоциал-економикатә хырхарҭаҟны русеицура иацырҵалар", - иҳәеит Вольвач.Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Донецктәи Жәлар Рреспубликеи Лугансктәи Жәлар Рреспубликеи рхьыԥшымрақәа шазхеиҵо азы аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит жәабран 25 рзы.Ахаша хәажәкыра 9 рзы Аԥсни ДЖәР-и адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит.
https://sputnik-abkhazia.info/20220309/asni-dzhr-i-adiplomatiat-eizyazaashaa-rybzhareit-1038015004.html
https://sputnik-abkhazia.info/20220225/asny-lzhri-dzhri-rkhyshymraa-azkhanaeit-1037791077.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e6/03/09/1038016424_90:0:1530:1080_1920x0_80_0_0_a92aead31aa2ec9f0d5572a094078407.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аполитика, аслан бжьаниа
ажәабжьқәа, аполитика, аслан бжьаниа
Аԥсны ахадеи Урыстәыла Аекономҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩи ҳтәылақәа русеицура иалацәажәеит
Ахаша хәажәкыра 9 рзы Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвачи реиԥылара мҩаԥысит.
АҞӘА, хәажәкыра 9 - Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвачи аекономика аусхк аҟны аҩтәылак русеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит.
Вольвач инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәылазы Аԥсны иазыҟанаҵо адгылара ртәылазы ихадоу ахырхарҭақәа иреиуоуп ҳәа.
Аслан Бжьаниа ихәҭакахьала Урыстәыла анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит акыршықәса инеиԥынкыланы есымша иҟанаҵо ацхырааразы.
Аԥсны ахада иара убас иазгәеиҭеит ҳтәыла ԥхьаҟагьы ишазхиоу ДЖәР-иЛЖәР-и рҟынтәи ахҵәацәа арыцхраара.
"Иахьа Урыстәылатәи Афедерациа иуадаҩу аамҭа иҭагылоуп, ҳара ҳазхиоуп Урыстәыла ажәлар рыдгылара. Шәара ижәдыруеит аиаигәа ҳара ДЖәР-и ЛЖәР-и рхьыԥшымрақәа шазхаҳҵаз, арҭ ареспубликақәа рҟнытәи ахҵәацәа ԥыҭҩык шҳадаҳкылаз, наҟ-наҟгьы ари ахырхарҭала аусура ҳазхиоуп. Иаҭаххаргьы, даҽа хырхарҭак алагьы аусеицура ҳазхиоуп", - иҳәеит Аԥсны ахада.
Дмитри Вольвач Аслан Бжьаниеи ҳҳәынҭқарра зегьи иҭабуп ҳәа реиҳәеит Донецктәии Лугансктәии Жәлар Рреспубликақәа ахьазхарҵаз, иара убас Аҟәа ахҵәацәа ахьрыдыркылаз.
"Сара сгәаанагарала, ишьақәгылаз аҭагылазаашьаан ҳтәылақәа ас еиԥш реимадарақәа еиҳагьы рҵакы ӷәӷәахоит. Акраҵанакуеит ҳҳәынҭқаррақәа асоциал-економикатә хырхарҭаҟны русеицура иацырҵалар", - иҳәеит Вольвач.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Донецктәи Жәлар Рреспубликеи Лугансктәи Жәлар Рреспубликеи рхьыԥшымрақәа шазхеиҵо азы аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит жәабран 25 рзы.
Ахаша хәажәкыра 9 рзы Аԥсни ДЖәР-и адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит.