Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Украинатәи аҭагылазаашьа - Урыстәыла адунеи аполитикатә хсаалаҿ аҟазаара азықәԥароуп

© Sputnik / Павел Бедняков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВстреча глав МИД РФ и Киргизии С. Лаврова и Р. Казакбаева
Встреча глав МИД РФ и Киргизии С. Лаврова и Р. Казакбаева - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2022
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 10 азы Анталиа имҩаԥысит Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Украина рыдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рхадацәа реиԥылара.
АҞӘА, хәажәкыра 10 - Sputnik. Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров Украина иҟоу аҭагылазаашьа Урыстәыла адунеи аполитикатә хсаалаҿы аҟазаареи аҟамзаареи рзықәԥароуп иаанаго, Мраҭашәара Урыстәыла аганахь ала ахымҩаԥгашьа "аапкроуп" ҳәа иҳәеит ҳәа аҩуеит РИА Новости.
"Иҟоу аҭагылазаашьа аганахь ала Мраҭашәараа аапкызшәоуп рхы шымҩаԥырго. Сажәа ԥшӡамзаргьы иԥсыда-инхада ҳәа шырҳәо ауп иахьа иҟоу. Урыстәыла адунеитә политикатә хсаалаҿы аҟазаара, убри аан ахатәы интересқәа рыхьчароуп иззықәԥо" ҳәа иҳәеит Лавров Украина АА рминистр Дмитри Кулебеи иареи реиԥылара ашьҭахь.

Украина аоперациа ҷыда

Адәныҟатәи аусқәа рминистр инаҵшьны иазгәеиеҭит, Урыстәыла Украина имҩаԥнаго аоперациа ҷыда ауснагӡа ишарбаз аиԥш ишымҩаԥысуа.
"Аоперациа ҷыда иамҩаԥсышьои ҳәа азҵаара ҟашәҵозар, уи аҭак ҟарҵоит Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнакцәа, атәыла ахада адҵаҟаҵаҩ хада иҳасаб ала. Иара изныкымкәа иазгәеиҭехьеит аоперациа иазԥхьагәаҭаз ауснагӡа инақәыршәаны ишымҩаԥысуа", - ҳәа иҳәеит Лавров.
Убри аан Урыстәыла Украина ацәажәара иазыхиоуп.
Лавров иажәақәа рыла, Анталиа имҩаԥысуаз аиԥылара Белоруссиа Урыстәылеи Украинеи рделегациақәа реиԥыларақәа аԥсахуа иҟам.

"Ҳара иаҳҭахуп Белоруссиатәи аицәажәарақәа ҭакԥхықәрала рызнеира, украинатәи акризис инарҭбааны аҭышәнартәаларазы акызҵазымкуа ақьаадқәа анап рыҵаҩра ахәҭаны иҳаԥхьаӡом", - ҳәа иҳәеит аминистр.

Иара иажәақәа рыла, Белоруссиа имҩаԥысуаз аиҿцәажәарақәа аҵыхәтәантәи реиԥылараан Урыстәыла Украина иаднагалеит изылшоны иаԥхьаӡоз ажәалагалақәа аҭагылазаашьа аҭышәныртәаларазы. Киев урыстәылатәи апроект аус аднаулоит.
Сергеи Лавров иҳәеит Мраҭашәара аганахь ала Украина бџьарла аиқәыршәара ашәарҭара аҵоуп ҳәа.
"Украинаҟа аҳәаанырцәынтә абџьар аагара иаҳнарбоит мраҭашәаратәи ҳпартниорцәа заҟа ашәарҭара аԥырҵо. Евроеидгылагьы апринципқәеи адоуҳатә беиарақәеи ирыӷрагыланы ашьакаҭәаразы абџьар Украинаҟа инанашьҭуеит. Урҭ иреиуоуп азенит-ракетатә комплексқәа, атеррористцәа ахархәараз бзиа ирбо. Урҭ аграждантә авиациазгьы ишәарҭахар алшоит", - ҳәа иҳәеит Лавров.
Учения по огневой подготовке Народной милиции ЛНР - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Украина авиациеи Аҳаиртә хыхьчаратә шьақәгылақәеи рнапхгара уаҳа иалшом
Иагьациҵеит Мраҭашәарантәи Украина иаиуа ари абџьар-хкы нанагар ахьалшо аҳәара шыуадаҩу.
"Арҭ еиҭоугар алшо азенит-ракетатә комплексқәа ушьҭан инанагар абалшои ҳәа азҵаара ықәҳаргылоит Евроеидгыла иалахәу рҿаԥхьа. Аха ари азҵаара аҭак аӡәгьы иҟаиҵом, иагьизыҟаҵом. Аӡәгьы издырам уи хылаԥшышьас иамоу", - ҳәа азгәеиеҭит Сергеи Лавров.
Сергеи Лавров иара убасгьы имцуп ҳәа ахиҳәааит Урыстәыла Украина ауаа рӷьычоит ҳәа иаладырҵәо.
"Шәара ишәҳәоит афактқәа ҳамоуп ҳәа, аха сара сгәаанагарала уи ус акәӡам, уи мцуп. Мцыла иҭәуп аефир, аинтернет, амассатә информациа ахархәагақәа. Сара исмаҳацызт адепутаттә корпус ахаҭарнак дӷьычуп ҳәа цәажәарак. Аха сара ибзианы издыруеит киевтәи арежим ахымҩаԥгашьақәа. Иацы ирҳәеит адепутат (Евгени - аред.) Шевченко дыӡит ҳәа. Дрымԥшааӡаци? Сара макьана акгьы смаҳацт" - иҳәеит Лавров, украинатәи ажурналист Запорожиатәи аобласттә хеилак адепутат Леила Ибрагимова дыӡит, уи азы ижәдыруазеи ҳәа ииҭаз азҵаара аҭакс.
Встреча главы МИД РФ С. Лаврова с президентом Швейцарии И. Кассисом  - Sputnik Аҧсны, 1920, 02.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Лавров: Урыстәыла азыхиоуп ашәарҭадара ахәдықәҵаразы Украина ацәажәара
Иара иҳәеит Москва ишаҭахым Украина амилитаризациа шаҭахым.
"Ҳара иаҳҭахым Украина амилитаризациа. НАТО иалахәны аума НАТО иалахәымкәа аума. Избанзар НАТО адагьы уа иқәдыргылар ҟалоит ҳтәыла иақәку асистемақәа", - ҳәа иҳәеит Лавров апресс-конференциаҿ.
Аминистр иҳәеит: "Ҳәарада ҳара иаҳҭахуп Украина неитралтә тәыланы иҟазарц. Путин изныкымкәа иҳәахьан НАТО аҽамырҭбаарц. Ҳара иаҳҭахуп украинатәи ажәлар, украинатәи аҳәынҭқарра, европатәи атәылақәа, ҳәарада Урыстәыла ршәарҭадара ахәдықәҵара амазарц".
Урыстәыла иаҭахуп Украина ҩызак аҳасаб ала иҟазарц, аурыс бызшәеи аурыс культуреи шьҭарымшьырц.

Урыстәыла иаҿагыло Мраҭашәара асанкциақәа

Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр иҳәеит Урыстәыла ахатәы економика иара ахаҭа азхәыцыртә ишыҟоу.
Иҳаҭырқәҵарам ҳәа ахиҳәааит ЕАА Китаи, Индиа уҳәа егьырҭ атәылақәа рахь ганкахьалатәи асанкциақәа Урыстәыла иадҟарҵаларц ахьрыднагало.

"Америкаа иагьырӡом Ҭырқәтәыла, Индиа, Египет, Китаи уҳәа асанкциақәа Урыстәыла иадҟарҵаларц шрыднагало. Асеиԥш аҳәынҭқарра дуқәа, ацивилизациа дуқәа ҳаҭыр-пату рықәымҵара алшоит ҳәа сыҟамызт". - ҳәа реиҳәеит иара ажурналистцәа.

Убри аан Урыстәыла ахатәы економика иара ахаҭа азхәыцыртә ишыҟоу азгәеиҭеит.
"Ҳекономикатә уадаҩрақәа ракәзар – ҳхала иҳаӡбыртә ҳаҟоуп", - ҳәа иҳәеит иара.
Аминистр иазгәеиҭеит "ари акризис ҳара ҳалҵуеит Мраҭашәара узықәгәыӷша ҩызцәаны ишыҟам агәра ганы" ҳәа.
Лавров иажәақәа рыла, Москва апозициа апартнерцәа Украина назлоу ирызнанагоит ЕАА аиԥш акәымкәа ҳәа.
"Ҳацҳаражәҳәаҩцәа ибзианы идҳардыруеит ҳпозициа, урҭ нас ари аинформациа иахьыҟоу атәылақәа рхадацәа иддырдыруеит, урҭ иҟоу шыҟоу еилыркаарц. Адкнеи зегь уеинҟьеиныруа ихьыԥшым, исуверентәу ҳәынҭқаррак абасеиԥш ҟауҵароуп ҳәа аҳәара ҳара иҳатрадициаӡам", - иҳәеит Лавров.
Президент РФ В. Путин провел встречу с премьер-министром РФ М. Мишустиным - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Путин Ердоган изеиҭеиҳәеит Украина аоперациа ҷыда амҩаԥысшьа атәы
Москва анефҭи агази рызҵаара Мраҭашәара иаӡбырц иааннажьуеит, убри аан аенергетикатә усхк бџьар ҳасабла ахы ианархәом ҳәа иҳәеит Сергеи Лавров.
"Ари азҵаара мраҭашәаратәи ҳколлегацәа рыламыс иабааит. Анефҭи агази рыла аӡәгьы ҳиқәмыӷәӷәацт", - ҳәа азгәеиеҭит Лавров.
Европа Урыстәылатәи анефҭи агази аанамхәозар ҳаҳәап ҳәа ҳгәы иҭам иҳәеит иара.
Сергеи Лавров мраҭашәаратәи асанкциақәа дырзааҭгыло иҳәеит ахатәтәра напеинҟьаракны ишалгаз.

"Мраҭашәара адоуҳатә беиарақәа ианрылацәажәо ражәақәа рхаҭақәа рыгәра шыргоз аадыруан, аха абас иаалырҟьаны, напеинҟьарак аиԥш ахатәтәра азин амазаара еиладырбгап ҳәа ҳаҟамызт" - иҳәеит иара апресс-конференциаҿы.

"Агәра шәсыргоит ҳара аҭагылазаашьа ҳшаиааиуа, ушьҭарнахыс Мраҭашәара ада ԥсыхәа ҳамамшәа ҳаҽшыҟаҳамҵо", - ҳәа иҳәеит аминистр.

Хәажәкыра 10 азы Анталиа имҩаԥысит Урыстәыла, Ҭырқәтәыла, Украина рыдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рхадацәа Сергеи Лавров, Мевлиут Чавушоглу, Дмитри Кулеба реиԥылара.
Ажәабжьқәа зегьы
0