Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Вольвач: Урыстәыла аус хадақәа иреиуоуп-Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рылшарамчқәа реиҵыхра

© Sputnik / Томас Тхайцук Дмитрий Вольвач
Дмитрий Вольвач  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2022
Анапаҵаҩра
2021 шықәсазы Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи Урыстәыла ирзыҟанаҵаз афинанстә цхыраара 12 миллиард мааҭ иахысуеит.
АҞӘА, хәажәкыра 10 - Sputnik. Урыстәыла аус хадақәа иреиуоуп Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рылшарамчқәа реиҵыхра, ацхыраараҟаҵара ҳәа ТАСС аинтервиу аҭо иҳәеит Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр Дмитри Вольвач.

"Аԥсны ахатә ҭоурых амоуп. Иҷыдоу агеографиатә ҭагылазаашьа амоуп. Арахь инашьҭтәуп аинвистициақәа, ақыҭанхамеи атуризми рганахь ала апроектқәа аус друтәуп. Ҳара иаҳуалу ареспубликақәа дасу ирымоу алшарақәа рынагӡара алыршароуп, ацхыраара рыҭароуп", - иҳәеит Вольвач.

Дмитри Вольвач Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистрра ареспубликақәа урыстәылатәи аԥараиура иаҟәыҵны рхатә ԥараарыхра аекономикатә формат ахь ииасып ҳәа игәыӷуеит ҳәа азгәеиеҭит.
"Уажәазы дара еиҳа рхала рхы иахәо, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рҟны ихьыԥшым субиектны рыҟалараз ацхыраара рыҭароуп ихадароу. Аекономика аганахь ала, арҭ ашықәсқәа урыстәылатәи абиуџьет рыцхраауан, аулафахәқәа аладатәи афедералтә округқәа рҟынтәи раҟаратәра аҽазнашәон, уажәгьы ари аусура иацаҳҵоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Встреча Аслана Бжания и Дмитрия Вольвача  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.03.2022
Аԥсны
Аԥсны ахадеи Урыстәыла Аекономҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩи ҳтәылақәа русеицура иалацәажәеит
Урыстәыла Аекономикатә ҿиара аминистр иазгәеиҭеит ицахьоу аамҭақәа рыҩнуҵҟа Аԥсны 500 ргылара аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаԥыргахьоу, 2021 шықәсазы афинанстә цхыраара 5 миллиардк ишреиҳахаз. Убир аан аҭыԥантәи абиуџьет ахатә хашәалақәа 41,5 инаркны 52% ишацлаз.
Вольвач иҳәеит аекономика ҿиаларцаз ишадԥхьалалатәу аинвестициақәа.

"Ареспублика аинтерес змоу аинвесторцәа адыԥхьалалатәуп. Аха уаанӡа аинвестициатә ҭагылазаашьа бзиа аԥҵатәуп, ирмариатәуп аҳазалхратә ҭышәынтәалара, ашәахтә ҭагылазаашьа. Урыстәыла абри аганахь ала иҟоу иреиӷьу уагьы иаларҵәатәуп. Уахь инеиуа аинвесторцәа ашәахтәқәа ршәалоит, абиуџьет иацлалоит, иҿиалоит аекономика", - иҳәеит Вольвач.

Хәажәкырамза 9 азы Аԥсныҟа иааит Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара Аминистрра аделегациа. Аделегациа напхгара аиҭоит Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач.
Ажәабжьқәа зегьы
0