Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа реиԥыларақәа аихшьаала ҟарҵеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Главы МИД Абхазии и Южной Осетии подвели итоги переговоров в Сухуме
Главы МИД Абхазии и Южной Осетии подвели итоги переговоров в Сухуме  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2022
Анапаҵаҩра
Аҟәа имҩаԥысыз аиҿцәажәарақәа реихшьаалақәа рыла еицрыдыркылеит акоммиунике.
АҞӘА, хәажәкыра 11 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыдәныҟаполитикатә усҳәарҭақәа рхадацәа Инал Арӡынбеи Дмитри Медоеви Аҟәа имҩаԥысыз реиҿцәажәара аихшьаалақәа ҟарҵеит.
"Иахьа аиԥылара ҳаман Аахыҵ Уаԥстәылатәи сколлега Дмитри Николаи-иԥа Медоеви сареи. Ҳреспубликақәа ризыҟазаашьақәа Аԥсны аполитикаҿ иҷыдоу аҭыԥ ааныркылоит. Аиҿцәажәарақәа раан иазгәаҭан ҳҳәынҭқаррақәа рыбжьара еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы аусеицура аҵак иамоу", - ҳәа иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Инал Арӡынба.
Аԥсны адәныҟаполитикатә усҳәарҭа ахада иҳәеит аиԥылара аихшьаалақәа рыла ишеицрыдыркылаз акоммиунике.
"Ҳара иазгәаҳҭеит жәларбжьаратәи ҳаимадарақәа рганахь ала аусура аҵак ду шамоу. Ҳтәылақәа аҳәынҭқаррақәа зегь ринтересқәа, рзинқәа ахьазгәарҭо, ркультуреи рҭоурыхи пату ахьрықәу хырхарҭарацәалатәи адунеи аиҿкаара иадгылоит", - ҳәа иҳәеит Арӡынба.
Иахьатәи агеополитикатә ҭагылазаашьаҿы иҷыдоу аҵакы аанахәоит ООН, жәларбжьаратәи ашәарҭадара еиҿызкаауа институтк аҳасаб ала ҳәа иҳәеит аминистр.
"Иарбан милаҭзаалак, ажәлар ирымоуп азин ООН алаларазы. Убри аан ҳажәларқәа ирықәлаз Қырҭтәылахь ааԥхьара ҟаҳҵоит ҳсуверенитети ҳхьыԥшымреи азханаҵарц, амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵанаҩырц", - ҳәа иҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр.
Инал Ардзинба - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.02.2022
Аԥсны
"Ажәа аҟынтәи аус ахь аиасра аамҭа ааит": Инал Арӡынба аканал RT аинтервиу аиҭеит
Иара убасгьы иазгәеиҭеит, иколлегеи иареи реиԥылараан Украина иҟоу аҭагылазаашьа ишалацәажәоз.
"Аԥсны иазханаҵеит ДЖәРи ЛЖәРи рхьыԥшымрақәа, адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рыбжьарҵеит. Адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара ҳажәлар рҭоурыхтә ҿиара иақәшәо иҟоуп. Ари даҟьа ҿыцуп ҳажәларқәа рыԥсҭазаараҿы. Иара иазԥхьагәанаҭоит аекономика, атуризм, аинвестициақәа, ақыҭанхамҩа, агуманитартә еиныррақәа рыҿиара. Ҳара Урыстәыла Донбасс ауаажәлар рыхьчаразы имҩаԥнаго ауснагӡатәқәа адгылара раҳҭоит", - ҳәа иҳәеит иара.
Флаг Республики Южная Осетия и  Республики Абхазия - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2022
Аԥсны
Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи ААР рхадацәа Қырҭтәылаҟа ааԥхьара ҟарҵеит ҳтәылақәа азхарҵарц
Аахыҵ Уаԥстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Дмитри Медоев иҳәеит Урыстәыла Украина амилаҭеилыхра аҟазаара ахьалнамыршо адунеитә ҭоурых азы аҵак ду аманы ишыҟоу.
"Арҭ апроцессқәа идырҿиаз асанкциақәа ҳаргьы иҳаҩсран иҟам", - ҳәа иҳәеит иара.
Медоев иазгәеиеҭит, Қырҭтәыла Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи азхарҵар ахәҭаны дшахәаԥшуа.
"Ҳара еилаҳкаауеит агәыларатә ҳәынҭқарразы ари имариоу зҵаараны ишыҟам. Ибзианы иаадыруеит уаҟатәи аҭагылазаашьа. Иҟалап иахьазы ари аус аҟалара алымшозаргьы аха ҳара ҳгәыӷуеит ԥхьаҟазы аилкаара аиуп ҳәа. Агәра згоит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи азхаҵара шроуа", - ҳәа иҳәеит Дмитри Медоев.
Жәабран 21 Урыстәыла ахада Владимир Путин ЛЖәРи ДЖәРи рхьыԥшымра азхаиҵеит Жәабран 24 азы ДЖәРи ЛЖәРи анапхгара иҟарҵаз аҳәарала, урыстәылатәи ахада арҭ ареспубликақәа иҟарҵаз аҳәарала арратә операциа ҷыда ишалагоз азы аҳәамҭа ҟаиҵеит. Иара иажәақәа рыла арратә цәгьоуцәа рыхәҭа иақәыршәатәуп Донбасс ауааԥсыра ирҿагыланы рыцәгьоурақәа рзы, Украина абџьар ахыхтәуп, анацизм ықәхтәуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0