Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Аинвестпрограммала аргыларақәа рысметатә хәԥса аҳәаақәҵара еиҭакзарц аҳәара ҟанаҵеит

© Sputnik / Владимир Трефилов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраМонеты номиналом один рубль
Монеты номиналом один рубль - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны аԥыза-министр Александр Анқәаби Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвачи аилацәажәара рыман хәажәкыра 10 азы.
АҞӘА, хәажәкыра 11 - Sputnik. Аԥсны Аинвестпрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны аԥаразоужьра зырҭо аргыларақа рысметатә хәыԥса аҳәаақәҵара аԥҟара еиҭакзарц аҳәара ҟанаҵеит ҳәа аанацҳауеит "Аԥсныпресс" амаҵзура.
Дмитрий Вольвач  - Sputnik Аҧсны, 1920, 10.03.2022
Аԥсны
Вольвач: Урыстәыла аус хадақәа иреиуоуп-Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рылшарамчқәа реиҵыхра
Ари иалнаршоит аргылара, аиҭашьақәыргылара, арҽеирақәа рымҩаԥгаразы иахәҭаны иҟало аныхрақәа зегьы разгәаҭара, иара убасгьы Аинвестпрограмма хра аманы анагӡара, ахәқәа ианрыцло аамҭазы иаанхаз аԥарақәа рнымхара.
Абри азы урыстәылатәи аган ажәадгала азыҟаҵоуп:
2022 шықәсазы иазыԥхьагәаҭоуп 2020-2022 шықәсазтәи Аинвестпрограмма анагӡара (26 уснагӡатә), 2017-2019 шықәсазтәи Аинвестпрограмма анагӡара (3 уснагӡатәык).
Встреча Аслана Бжания и Дмитрия Вольвача  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.03.2022
Аԥсны
Аԥсны ахадеи Урыстәыла Аекономҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩи ҳтәылақәа русеицура иалацәажәеит
Аилацәажәараан ирзааҭгылан:
2021 шықәсазы Аинвестпрограмма анагӡара,
2022 шықсазы асоциал-економикатә ҿиараз аԥаразоужьра,
Аиҩызареи астратегиатә партниорреи рзы Аиқәшаҳаҭра иаҵанакуа аилаӡарақәа рынагӡара.
Уи адагьы ирылацажәан адокументқәа разырхиара:
абиуџьет аусхк аҟны аулафахәы ацҵара;
аинвистициатә усура адгыларазы абиуџьеттә инвистициақәа рымҩаԥгара;
анаплак маҷқәа акредитрыҭара асистема адгылара;
ақыҭанхамҩеи ааглыхреи русхк аҟны апроектқәа адгылара рыҭара;
ашәахтәқәа напхгара рыҭара асистема аԥҵара;
Хәажәкыра 9 азы Аԥсныҟа усутә ныҟәарыла иааит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач зхадараҿы дыҟоу аделегациа.
Ажәабжьқәа зегьы
0