Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Апарламентахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьынтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса.

Аԥсны ауаажәларратә палата рԥылеит алхрақәа ирылахәхо Урыстәылатәи анаԥшҩцәа

© Sputnik / Асмат Цвижба Встреча членов общественной палаты Абхазии с наблюдателями из России
Встреча членов общественной палаты Абхазии с наблюдателями из России - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла ауаажәларратә палата алахәылацәа Аԥсныҟа иааит Апарламет ахь алхрақәа рыҟны анаԥшҩцәа раҳасаб ала. Алхрақәа мҩаԥысуеит асабша хәажәкыра 12 азы.
АҞӘА, хәажәкыра 11 – Sputnik. Аԥсни Урыстәылеи руаажәларратә палатақәа рлахәылацәа реиԥылара мҩаԥысит ахәаша хәажәкыра 11 азы.
Аԥсны ауаажәларратә палата амаӡаныҟәгаҩ Гәыли Кьычԥҳа асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо иазгәалҭеит, 2009 шықәсазы аҩ-палатак рыбжьара аусеицуразы аиқәшаҳаҭра шрыбжьарҵаз.
"Сгәы иаанагоит, шәаара ҳаԥхьаҟатәи ҳусецура арцыхцыхраз шьаҿа бзиоуп ҳәа, иагьарҵабыргуеит аҩызаратә аизыҟазаашьа бзиақәа шҳабжьоу. Ҳара ҳзы игәаахәароуп Урыстәыла Ауаажәларратә палата алахәылацәа алхрақәа шәахьрылахәу", - ҳәа лҳәеит Кьычԥҳа.
Амилаҭбжьаратәи адинхаҵарабжьаратәи еизыҟазаашьақәа реишьаршәаларазы урыстәылатәи Ауаажәларратә палата акомиссиа ахантәаҩы Владимир Зорин иазгәеиҭеит, Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа рҽазҵәылхны аҽазыҟаҵарақәа ишарҿу.
"Иара убас, даара акраҵанакуеит иуадаҩу аамҭазы ҳҽахьеидаҳкылаз. Ҳара ҳгәы иаахәеит иахьа имҩаԥысыз амитинг, иаҳдыруеит мышқәак раԥхьа Аԥсны аиҳабыра Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра шазхарҵаз, арҭ зегьы даара акыр зҵазкуа шьаҿақәоуп, уи иаанагоит ҳара ҳаизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара", - ҳәа иҳәеит иара.
Акция в поддержку Российской Федерации  - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2022
Аԥсны
Донбасси Урыстәылеи рыдгыларазы акциа ҭбаа мҩаԥысуеит Аҟәа
Зорин иҳәеит, аделегациа раара ахықәкы хада Апарламент ахь алхрақәа хылаԥшра рыҭара иара убас, аԥхьаҟа аԥышәеимадара шакәу.
Ауаажәларратә палата абжьыҭаразы ауаажәларратә хылаԥшра акоординациатә хеилак амаӡаныҟәгаҩ ихаҭыԥуаҩ Алена Булгакова илҳәеит , аделегациа алахәылацәа гәахәарыла ишрыдыркыло ауажәларра рхылаԥшраҿ ироуа аԥышәа рымадара.
ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Алхратә комиссиа хада аҟны ирҳәеит Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа зегь рыла ишазхиоу
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Апарламентахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. Аԥсны Апарламент адепутатс дҟалар илшоит дарбанзаалак 25 шықәса ирҭысхьоу, алхратә зин змоу атәылауаҩ.
Жәабран 10 раахыс АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьынтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса. Бжьаратәла, адепутатк ҭыԥк ахь хҩык ықәгылоуп. Акандидатцәа зегь реиҳа иреиҵоу 25 шықәса ихыҵуеит, зегь иреиҳабы -75.
Ажәабжьқәа зегьы
0