Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Апарламентахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьынтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса.

АКХ: абжьыҭаразы ауаа рааишьа ҳаракуп Гал араион аҟны

© Sputnik / Томас Тхайцук Выборы в Народное Собрание Абхазии
Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа раан асааҭ 12:00 рызтәи аҭагылазаашьала ауаа рааишьа 10% артәахьеит. Алхрақәа хыркәшахоит асааҭ 20:00 рзы.
АҞӘА, хәажәкыра 12 - Sputnik. Апарламент ахь абжьыҭаразы ауаа рааишьа ҳаракуп Гал араион аҟны, 35 алхырҭатә округ - 23,2%, ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит Аԥсны АКХ ахантәаҩы Дмитри Маршьан.
Гагра араион иатәу 11 алхырҭатә округ аҟны ауаа рааира уамак ирацәам - 5,1%.
Аҟәа аҭагылазаашьала ауаа рааишьа:
актәи алхырҭатә ҭыԥ хада - 7,8%,
аҩбатәи алхырҭатә ҭыԥ хада - 5,7%,
ахԥатәи алхырҭатә ҭыԥ хада - 6%,
аԥшьбатәи алхырҭатә ҭыԥ хада - 10,2%,
ахәбатәи алхырҭатә ҭыԥ хада - 9,2%,
афбатәи алхырҭатә ҭыԥ хада - 8%,
абыжьбатәи алхырҭатә ҭыԥ хада - 7,5%,
аабатәи алхырҭатә ҭыԥ хада - 10,9%,
ажәбатәи алхырҭатә ҭыԥ хада - 13,1%.
Аҟәатәи 22-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада - 16,3%, 23 алхырҭатә ҭыԥ хада - 16,1%.
Гагра араион 10-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада - 6%, 11-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада - 5,1%, 12-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада -12, 4%, 13-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада - 9,8%, 14-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада - 6,2%.
Гәдоуҭа араион 15-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада - 17,2%, 16-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада - 8,2%, 17-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада - 13,6%, 18-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада - 8,6%, 19 алхырҭатә ҭыԥ хада - 10,9%, 20-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада - 18,2%, 21-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада - 14,6%.
Гәылрыԥшь араион 24 алхырҭатә ҭыԥ хада - 12%, 25 алхырҭатә ҭыԥ хада - 12, 5%, 26 алхырҭатә ҭыԥ хада - 13,9%.
Очамчыра араион 27-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада - 17,3%, 28-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада - 17%, 29-30-тәи алхырҭатә ҭыԥ хадақәа рҟны - 18,5%, 31-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада - 22, 7%, 32-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада - 10,1%.
Тҟәарчал араион 33-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада - 11,6%, 34-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада - 10,3%,
Гал араион 35-тәи алхырҭатә ҭыԥ хада - 23,2%.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысуеит хәажәкыра 12 рзы 35 алхратә ҭыԥқәа рҿы. Алхратә ҭыԥқәа аартызаауеит асааҭ 8:00 инаркны 20:00 рҟынӡа.
Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Аԥсны АКХ ахантәаҩы Апарламент ахь абжьыҭаразы ауаа рааишьа шыҟоу иҳәеит
Аԥсны имҩаԥысуа апарламенттә алхрақәа ирылахәуп 123-ҩык акандидатцәа. 107-ҩык хацәоуп, 26-ҩык - ҳәсоуп.
Бжьаратәла, ҭыԥк азы еиндаҭлоит хҩык акандидатцәа, зегьы иреиҵбу 25 ихыҵуеит, зегьы иреиҳабу - 75.
Алхратә ҭыԥ хадақәа хԥа - 5, 10, 14 рҿы аӡәаӡәа ықәгылоуп.
Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа раан ибжьы аиҭахьеит ахада Аслан Бжьаниа Тамшьтәи алхырҭаҿы, иара убас ибжьы аиҭахьеит Жәлар Реизара аиҳабы Валери Кәарҷиа Аҟәатәи 10-тәи алхратә ҭыԥ аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0