Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Апарламентахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьынтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса.

Анаԥшцәа Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа еилыкка, адемократиатә ҟазшьа рымоуп ҳәа ахырҳәааит

© Sputnik / Томас Тхайцук Выборы в Народное Собрание Абхазии
Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2022
Анапаҵаҩра
Бжьаратәла Апарламент ахь инеиуа ҭыԥк аҿы хҩык ықәгылоуп.
АҞӘА, хәажәкыра 12 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы аҭагылазаашьа ҭынчуп ҳәа иҳәеит Урыстәыла Аҳәынҭқарратә дума адепутат, Урыстәылеи Белоруссиеи Реидгыла Апарламенттә еизара ашәарҭадареи атәылахьчареи реилак ахантәаҩы Андреи Красов.
"Алхырҭатә ҭыԥқәа маҷымкәа ҳарҭан. Аҭагылазаашьа акыр иҭынчроуп. Ауаа активла рхы аладырхәуеит. Анаԥшцәа рус иаҿуп. Алхырҭатә ҭыԥқәа рхаҭарнакцәа роума, анаԥшцәа роума, гәынамӡара аадырԥшуам", - ҳәа иҳәеит иара.
Урыстәылеи Белоруссиеи Реидгыла Апарламенттә еизара аҭакзыԥхықәу амаӡаныҟәгаҩ Сергеи Стрельченко еиҭеиҳәеит Аԥсны Апарламенти иареи 2008 шықәса раахыс Аԥсны аус шеицыруа.
"Урыстәылеи Белоруссиеи Реидгыла Апарламенттә еизара ауснагӡатәқәа рҿы Аԥсны Апарламент ахаҭарнакцәа рхы аладырхәуеит. Ҳаргьы иара убас. Иазгәасҭар сҭахуп Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа еилыккаӡа адемократиатә ҟазшьа шрымоу. Егьырҭ атәылақәа рызгьы иҿырԥшыганы шәреспубликаҿы алхрақәа мҩаԥысуеит", - ҳәа азгәеиҭеит Стрельченко.
ЦИК Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
АКХ аҟны ирҳәеит Апарламент ахь алхрақәа рҿы ауаа рааишьа бжьаратәла изеиԥшроу
Иара убасгьы иҳәеит анаԥшцәа рделегациа Урыстәыла Украина имҩаԥнаго аоперациа адгылара аҭаразы амитинг ишалахәыз.
"Ажәлар ргәы иҭоу рҳәоит, Владимир Владимир-иԥа Путин иус адгылара арҭоит. Ҳара уи ҭабуп ахаҳҳәаауеит. Аԥсны аҟара Урыстәыла иадгыло, ҩызара азызуа даҽа тәылак ыҟамзар ҟалап. Ҳара амитинг аҿы адагьы иара ус адәаҿы ҳрацәажәоит. Ииашаҵәҟьаны, ишҳадгыло рҳәоит. Иҭабуп. Уи уажәы ҳара ҳзы акраанагоит", - ҳәа иҳәеит Сергеи Стрельченко.
Акция в поддержку действий России по обеспечению мира и порядка в Донецкой и Луганской народных республиках - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2022
Аԥсны
Аҭынчреи аиашареи рзы: Урыстәыла адгыларазы Аԥсны имҩаԥысыз акциа
Апарламент ахь алхрақәа ирылахәуп 123-ҩык акандидатцәа: 107-ҩык ахацәеи 16-ҩык аҳәсеи.
Бжьаратәла ҭыԥк аҿы хҩык ықәгылоуп. Иреиҵбаӡоу 25 шықәса ихыҵуеит, иреиҳабӡоу - 75.
Заанаҵтәи аихшьаалақәа ҟаҵахоит хәажәкыра 13 асааҭ 12:00 рзы АКХ апресс-центр аҿы. Ашәҟәы иҭагалоуп 130 нызқьҩык абжьы зҭиуа. Алхырҭатә ҭыԥ хадақәа 5, 10, 14 рҿы аӡәаӡәа ықәгылоуп.
Депутатс далхуп ҳәа дыԥхьаӡоуп алхыҩцәа рыбжьқәа реиҳарак зауз акандидат. Алхрақәа 25% асиа иану алхыҩцәа алахәызар имҩаԥысит ҳәа ишьоуп.
Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны
93 материал
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
12 Жьҭаара 2022, 21:55
Ажәабжьқәа зегьы
0