Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Боррель Евроеидгыла украинатәи акризис аҽаланагалом иҳәеит

© Foto / МИД РФЖозеп Боррель
Жозеп Боррель - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2022
Анапаҵаҩра
Уаанӡа Украина ахада Владимир Зеленски иҳәахьан НАТО Украина аиқәырхаразы иара аилазаара алаҵара шазымгәаӷьуа.
АҞӘА, хәажәкыра 13 – Sputnik. Европатәи аидгыла Украина иҟоу аҭагылазаашьа еибашьрала иадгылом, абри атәы аанацҳауеит РИА Новости, Аҳәаанырцәтә усқәеи ашәарҭадара аполитикеи рзы Евроеидгыла иреиҳаӡоу ахаҭарнак, Еврокомиссиа ахада ихаҭыԥуаҩ Жозеп Боррель иҳәамҭа шьаҭас иганы.
"Хымԥада, ҳара аибашьра ҳҽалаҳгалаӡом. Ҳара иаҳҭахӡам аибашьра аҽеиҵнахырц, аха ҳара Киев ҳадгылароуп. Москва аекономикатә ԥхасҭа аҳҭароуп аибашьра ацҵара алымшарц," - ҳәа аҳәамҭа ҟаиҵеит европатәи аполитик Анталиа имҩаԥысуаз адипломатиатә форум аҿы.
Боррель иара убас иҳәеит адунеитә еилазаара излауала абаланс аԥшаарц иаҿуп - ганкахьала Украина иацхраарц, ҽа ганкахьала - аибашьра ду ааннакыларц.
Еврокомиссиа ахада ихаҭыԥуаҩ агәҭынчымра ааирԥшит Урыстәыла адәныҟатәи аполитика ахьыџьбароу азы, иазгәеиҭеит Урыстәыла ахада НАТО атәылақәа арыжәларақәа ирыциҵар илшоит ҳәа. Убри азы Урыстәыла адунеитә еилазаара иаҟәыҭхатәуп иҳәеит.
Президент РФ В. Путин провел заседание Совбеза РФ - Sputnik Аҧсны, 1920, 13.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Путин Макрони Шольци киевтәи арежим анырра арҭарц ааԥхьара ҟаиҵеит
Иара убас, аполитик иажәақәа рыла, Евроеидгыла (ЕЕ) Урыстәыла иаҿагылоу асектортә санкциақәа хаз игоу ахаҿқәеи аиҿкаарақәеи ирзырхақәоугьы шаларгалаз.
"Ҳажәалагалақәа ррежим иатәу аолигархцәа, еицырдыруа абизнесуаа, урҭ рҭаацәарақәа ирԥырхагахоит. Асанкциақәа ирыбзоураны адезинофрмациеи апропагандеи ирҿу ауаа аӡәырҩы ирыхькьысуеит", - иҳәеит Боррель.
Пресс-конференция президента Украины В. Зеленского - Sputnik Аҧсны, 1920, 12.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Зеленски аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәылеи Украинеи реиҿцәажәара Иерусалим амҩаԥгара дшазыхиоу
Ажәабжьқәа зегьы
0