Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны алашара арцәарақәа реихшанҵа ԥсахуп

© Sputnik / Томас ТхайцукДиспетчерская черноморэнерго
Диспетчерская черноморэнерго  - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.03.2022
Анапаҵаҩра
Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара ишәарҭоу адыргаҟынӡа илеит, уи адагьы, ареспублика аенергосистема зҵоу ақәыӷәӷәара еиҳагьы еиҳахеит.
СУХУМ, 14 мар - Sputnik. Иахьазы амч змоу аамҭа-аамҭала алашара арцәарақәа реихшанҵа аԥсахрақәа алагалоуп ҳәа аанацҳауеит "Амшынеиқәафымцамч".
Аенергетикцәа иазгәарҭоит аԥкрақәа ҿыцқәа заларгалаз Џьуартәи аӡеизакырҭаҿы аӡы аҩаӡара ишәарҭоу адыргаҟынӡа иахьлеиз, уи адагьы, ареспублика аенергосистема зҵоу ақәыӷәӷәара еиҳагьы иахьеиҳахаз азы.
Аԥсны алашара аамҭа-аамҭала арцәара аихшанҵа алагалан жәабран 7 рынахыс.
Ԥхынҷкәын 21 2021 шықәса инаркны Аԥсны мраҭашәаратәи ахәҭа Урыстәылантәи афымца аиуа иалагеит, мрагыларатәи ахәҭа - Аӡхыҽҽатә ГЕС-1 аҟынтәи алашара аиуеит.
Ажәабжьқәа зегьы
0