Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Бжьаниа Донецк аҭынч уааԥсыра ахьҭахаз азы адышшылара ҟаиҵеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Инспекционная поездка Аслана Бжания в Ткуарчал
Инспекционная поездка Аслана Бжания в Ткуарчал - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.03.2022
Анапаҵаҩра
Ҩажәаҩык ҭахеит, жәҩык ахәрақәа роуит украинатәи аруаа Донецк аракета "Точка-У" ала хәажәкыра 14 рзы рылахысраан.
АҞӘА, хәажәкыра 14 – Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа Донецктәи Жәлар Рреспублика ахада Денис Пушилин Донецк аҭынч уааԥсыра ахьҭахаз азы дидышшылеит ҳәа аанацҳауеит ахада ипресс-маҵзура.
"Аԥсны Аҳәынҭқарра ажәлари хаҭала сареи ҳшәыдашшылоит Донецк ақалақь аҿы украинатәи аган иҭнарҟьаз акомплекс "Точка-У" иахҟьаз аҭынч уааԥсыра рыбжьара аԥсыҭбарақәа рзы", - ҳәа аҳәоит адышшылара атекст аҿы.
Бжьаниа ари ахҭыс агрессиатә актуп ҳәа ахиҳәааит.
"Аԥсны ажәлар иҭахаз рыуацәеи рҭынхацәеи ргәырҩа рыцеиҩыршоит, ихәу иаарласны ргәабзиара ашьақәгылара рзеиӷьаршьоит", - ҳәа иҳәеит ахада.
Ҩажәаҩык ҭахеит, жәҩык ахәрақәа роуит украинатәи аруаа Донецк аракета "Точка-У" ала хәажәкыра 14 рзы рылахысраан.
Украинские военные обстреляли Донецк - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Украинатәи аруаа Донецк ианалахысуаз ҩажәаҩык ауааԥсыра ҭахеит
Донецктәи амчрақәа иҟалаз терактуп ҳәа ахырҳәааит. ДЖәР ахада Денис Пушилин иажәақәа рыла, аракета акассетатә хеиҵаҵа аман. Ақалақь ахада Алексеи Кулемзин уаанӡа аҳәамҭа ҟаиҵеит иара Аиҳабыра рыҩны ааигәара ишкарыжьыз.
Ажәабжьқәа зегьы
0