Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Instagram Урыстәыла аусура ааныркылеит

© Sputnik / Рамиль СитдиковЛоготип приложения для обмена фотографиями и видеозаписями с элементами социальной сети Instagram
Логотип приложения для обмена фотографиями и видеозаписями с элементами социальной сети Instagram - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.03.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Апрокуратура хада атәыла аҩнуҵҟа Instagram аусура ԥкызарц аӡбеит асоциалтә ҳала урыстәылаа рганахьала амчхархәараз аҳәамҭақәа ахьыҟарҵо азы.
АҞӘА, хәажәкыра 14 - Sputnik. Асоциалтә ҳа Instagram Урыстәыла аусура аанкылоуп хәажәкыра 14 асааҭ 00:00 инаркны ҳәа аанацҳауеит Роскомнадзор.

Урыстәыла Апрокуратура хада атәыла аҩнуҵҟа Instagram аусура ԥкызарц аӡбеит асоциалтә ҳала урыстәылаа рганахьала амчхархәараз аҳәамҭақәа ахьыҟарҵо азы.

Аусбарҭа адырра ҟанаҵеит Instagram ахархәара шыԥкхо хәажәкыра 14 асааҭ 00:00 инаркны. Meta Platforms Украина иҟоу ахҭысқәа инарыдҳәаланы аамҭала урыстәылатәи аруаа рганахьала амчхархәараз ааԥхьарақәа рзин ҟанаҵеит, аха аҭынч уааԥсыра рганахьала акәымкәа ҳәа иҳәеит уаанӡа аилахәыра апресс-маӡаныҟәгаҩ Енди Стоун.
Страница социальной сети Вконтакте на экранах смартфона и компьютера - Sputnik Аҧсны, 1920, 14.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Асоциалтә ҳа ВКонтакте абизнес маҷи абжьаратәии адгылара рынаҭоит
Meta асоциалтә ҳақәа реилахәыра-оператор ахада ихаҭыԥуаҩ Ник Клегг иҳәеит Facebook-и Instagram-и рполитика ҿыц ахархәара ахьаиуа Украина заҵәык ауп ҳәа. Убри аан иара иазгәеиҭеит Meta ишалнамыршо иара аплатформаҿы аурысцәымӷра аарԥшра. Абри ашьҭахь Урыстәыла Апрокуратура хада аҳәамҭа ҟанаҵеит аилахәыра Meta, асоциалтә ҳақәа Facebook-и Instagram-и амессенџьер WhatsApp-и зхатәу, аӡбарҭа екстремисттә еиҿкаароуп ҳәа иашьарц, аусурагьы Урыстәыла иаанкылазарц. УА Ашьаусҭҵааратә еилакы аҳәамҭа ҟанаҵеит "Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа рганахьала амчхархәарахь ааԥхьара ҟазҵо америкатәи аилахәыра Meta аекстремисттәи атеррористтәи ус иадгылоит ҳәа уи аганахьала ашьаус шхацыркхо.
Ажәабжьқәа зегьы
0