Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Аргәынԥҳа Алықьса Гогәуа иҩымҭақәа рзы: дара зегьы ма атеатр ианаалоит, ма акино

Аргәынԥҳа Алықьса Гогәуа иҩымҭақәа рзы: дара зегьы ма атеатр ианаалоит, ма акино
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, "Ахьӡ-аԥша" аорден актәи аҩаӡара занашьоу Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа иазгәаиҭоит иубилеи, аклассик ду ихыҵит 90.
Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа иубилеитә мшныҳәа аламҭалазы, Sputnik Аԥсны амультимедиатә пресс-центр аҿы имҩаԥысыз апресс-конференциаҿы Аԥсуа атеатр арежиссиор Мадина Аргәынԥҳа илҳәеит, Алықьса Гогәуа иҩымҭақәа атеатр ишанаало, аха урҭ ақәыргыламҭақәа рылхразы ауадаҩрақәа шыҟоу.
"Сара издыруеит Алықьса Ноча- иԥа атеатр ибзианы дшазыҟоу. Аҟазарақәа рҟынтә алитературеи атеатри роуп зегь реиҳа амч змоу ҳәа дызхәаԥшуа. Зныкоуп иареи сареи аԥсҭазаараҿы ҳанеиқәшәа, "Елана" аинсценировка ҟаҵаны исымоу исырбеит. Усҟан "сара атеатр атәы сзеилкааӡом" ҳәа сеиҳәеит, аха азин сиҭеит ақәыргыларазы, сара алшара смоуӡеит акәымзар. Уи жәашықәса раԥхьа акәын ианыҟаз, аха иахьагьы аҩымҭа сазхьаԥшыр сҭахуп. Иара баша деиҭаҳәаҩӡам, баша дышәҟәыҩӡам, иара дыҭҵааҩуп. Иара иҩымҭақәа зегьы ма атеатр ианаалоит, ма акино, аха уадаҩрас иҳамоу, адраматургцәа ҳамаӡам ароман ду атеатр абызшәахь аиагаразы", - ҳәа азгәалҭеит Аргәынԥҳа.
Мадина Аргәынԥҳа илҳәеит арежиссиор қәыԥш Занда Какалиаԥҳаи лареи "Асду" аус адулара ишаҿу. Анаҩс апиеса автор ирбаны азин имхны, аспектакль ду ақәыргылара гәҭакыс ишлымоу.
Иаҳа инеиҵыху аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0