Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Зырҿиарала аԥхьаҩ дзыргәырӷьо: Аҟәа иазгәарҭеит Алықьса Гогәуа иубилеи

© Sputnik / Наала Гумба Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, "Ахьӡ-аԥша" аорден актәи аҩаӡара занашьоу Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵра инамаданы, Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аҟны аныҳәатә еилатәара мҩаԥысит
Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, Ахьӡ-аԥша аорден актәи аҩаӡара занашьоу Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵра инамаданы, Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аҟны аныҳәатә еилатәара мҩаԥысит - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2022
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 15 рзы 90 шықәса ихыҵит Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Алықьса Гогәуа.
АҞӘА, хәажәкыра 15-Sputnik, Наала Гәымԥҳа. Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵра иазкны Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аҟны имҩаԥысит алитературатә хәылԥазы.
Еизаз азааҭгылеит Алықьса Гогәуа иахьатәи аԥсуа классикатә литература аҭоурых аҟны ҭыԥс иааникыло, ашәҟәыҩҩы идҳәалоу рыхҭысқәа еиҭарҳәеит, ирыԥхьеит иҩымҭақәа рҟынтәи ацыԥҵәахақәа.
© Sputnik / Наала Гумба

Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, "Ахьӡ-аԥша" аорден актәи аҩаӡара занашьоу Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵра инамаданы, Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аҟны имҩаԥысит алитературатә хәылԥазы.

Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, "Ахьӡ-аԥша" аорден актәи аҩаӡара занашьоу Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵра инамаданы, Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аҟны имҩаԥысит алитературатә хәылԥазы.  - Sputnik Аҧсны
1/2

2/2

Дырмит Гәлиа иҩны-амузеи аиҳабы Светлана Корсаиаԥҳа ахәылԥаз аартуа дазааҭгылеит аиубилиар ирҽиаратә мҩа, иазгәалҭеит аамҭаказы адунеи иҳацану аклассик ду Алықьса Гогәуа ииубилеитә хәылԥазы аиҿкаара насыԥк ишырзаҩызахаз.
"Иахьатәи амш милаҭтә ныҳәоуп - иирамшуп зегьы бзиа еицаабо, Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа. Гогәуа иҩымҭақәа "Асдуи" "Амацәыс агьамеи" анҭыҵ инаркны аԥсуа проза адунеизегьтәи алитература иахәҭакны иҟалеит ҳәа сыԥхьаӡоит", - лҳәеит Корсаиаԥҳа.
Алексей Гогуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2022
Аԥсны
Апроза иныҟәнаго апоезиа: аԥсуа литература аклассик Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵит
Апоет Владимир Занҭариа дазааҭгылеит Алықьса Гогәуа идҳәалоу ахҭысқәа, инаҵшьны иазгәеиҭеит аклассик иарбан хырхарҭазаалак апрофессионалтә ҟазшьа шааирԥшуа. Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу иқәгылараҟны иӡыригеит Алықьса Гогәуа аибашьра ашьҭахьтәи иажәабжьқәа аурысшәахь реиҭагамҭа знылаз "Вкус молнии" зыхьӡу ашәҟәы.
Аԥсуаҭҵааратә институт аиҳабы Арда Ашәба иҳәеит Алықьса Гогәуа Аԥсны анҭыҵгьы ҳажәлар ӡырызгаз дыруаӡәкуп ҳәа.
"Алықьса Ноча-иԥеи сареи имаҷымкәан аҳәаанырцә аиԥыларақәа рахь ҳаиццахьан, усҟан атәым милаҭ ааины иҳадырныҳәалон ас еиԥш иҟоу абаҩхатәра ду змоу ашәҟәыҩҩы дахьҳамоу. Изеиӷьасшьарц сҭахуп агәабзиара ӷәӷәа, зқьышықәсала ихьыӡ ҳҳәалартә еиԥш алшара Анцәа иаҳзыҟаиҵааит", - иҳәеит Арда Ашәба.
ААУ аԥсуа литература акафедра арҵаҩы Дифа Габниаԥҳа лықәгылараҟны дазааҭгылеит Алықьса Гогәуа иҩышьа аформа, ибызшәа аарԥшышьа, шаҟа иҵауланы ауаҩы иҩнуҵҟатәи идунеи дшазнеиуа атәы. Аҵарауаҩ лажәақәа рыла, Алықьса Гогәуа ирҿиамҭақәа рыҟны иҷыдоу аԥсихологиатә знеишьа аҵаҵаны иааирԥшуеит аԥҳәыс лхаҿсахьа.
Алықьса Гогәуа иааигәа аҟазаара еснагь ныҳәак исзаҩызан сара хаҭала ҳәа иҳәеит апоет, ауаажәларратә усзуҩ Геннади Аламиа.
Алексей Гогуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2022
Аԥсны
Аиубилеитә ҭоурых: Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵит
"Ирҿиара аҳәаақәа сырҭыҵны исҳәарц сҭахуп, шаҟа насыԥ имоу иҭаацәаратә дунеи аҟны. Иԥшәмаԥҳәыс изаамҭанымкәан лыԥсҭазаара лалҵра акыр игәнигазаргьы, рыхшара рыла ихы дақәгәырӷьартә дыҟоуп. Иара иҟазара мацарала адунеи ақәзаара агәахәара унаҭоит, аԥсынҵры ду иоуааит ҳашьа ду", - иҳәеит Аламиа.
Аҧсны ахада Аслан Бжьаниа иааишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы даҧхьеит аҭҵаарадырреи акультуреи рзы атәыла ахада иабжьгаҩ Нугзар Логәуа.
Иазгәеиҭеит Алықьса Гогәуа ҳаамҭазтәи аҧсуа интеллигенциа ираҧхьагылоу дшыруаӡәку: "Амилаҭ ргәыблыреи, еиҳау апатуи дрыҧсахеит Алықьса Ноча-иҧа. Акыршықәса Аҧсны жәлар дҳагымзааит, ирҿиаратә баҩхатәра иҵегь ҳаршанхартә еиҧш алшара Анцәа ииҭааит", - иҳәеит Нугзар Логәуа.
Ахәылԥаз хыркәшо, Алықьса Гогәуа имаҭа Кан Ҭаниа рҭаацәа рыхьӡала зегьы ҭабуп ҳәа реиҳәеит.
Дырмит Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Жәларбжьаратәи адыгатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ҳаҭыр зқәу академик, Ажәларқәа рдоуҳатә акзаара адунеи Жәларбжьаратәи академиа алахәыла, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы, Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Алықьса Ноча-иԥа Гогәуа 90 шықәса ихыҵит.
Алексей Гогуа. - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.03.2022
Аԥсны
Ажәлар рзы ихьӡырҳәагахаз: Алықьса Гогәуа иҿцәажәара
Алықьса Гогәуа раԥхьатәи ажәабжь иҩит хә-класск рҿы дантәаз, раԥхьаӡа иҩымҭа акьыԥхь абеит жә-класск рҿы аҵара аниҵоз, раԥхьатәи ишәҟәы ҭыҵит 1957 шықәсазы. Иара ироманқәеи, иповестқәеи, иажәабжьқәеи, ипублицистикеи иааидкыланы аизгақәа ҩажәа дравторуп. Иҩымҭақәа еиҭаргахьеит еиуеиԥшым абызшәақәа рахь: англыз, анемец, аиспан, авенгер, польтәи, аболгар, иапониатәи. Алықьса Гогәуа аԥсуа литература аклассик ҳәа дыԥхьаӡоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0