Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Апроза иныҟәнаго апоезиа: аԥсуа литература аклассик Алықьса Гогәуа 90 шықәса ихыҵит

© Sputnik / Томас ТхайцукАлексей Гогуа
Алексей Гогуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2022
Анапаҵаҩра
Хәажәкыра 15 азы 90 шықәса ихыҵит Аԥсны Жәлар рышәҟәыҩҩы, Д. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат, Жәларбжьаратәи адыгатәи аҭҵаарадыррақәа ракадемиа ҳаҭыр зқәу академик, Аԥсны зҽаԥсазтәыз акультура аусзуҩы, "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара занашьоу Алықьса Гогәуа.
Арҿиаҩ ду ииубилеи аҳаҭыр азы Sputnik Аԥсны иазнархиаз аматериалқәа рсериа иацҵо, ишәыдаагалоит ҳколумнист Елеонора Коӷониаԥҳа ирҿиарахь абзиарабара шлызцәырҵыз, иареи лареи реибадырра шыҟалаз, ашәҟәыҩҩы идҳәаланы реиҳа лгәалашәараҿы иаанхаз хҭысқәак, насгьы иара усҟак аӡәгьы иеимҳәалоз маӡақәак ртәы ахьылҳәо анҵамҭа.
Sputnik
Ҳаҩын ду ҳаргылаанӡа еихагылак змаз ахыбраҿы ҳанхон. Уа иҩнагылан ашәҟәқәа зҭаз ажәытә шьқаԥ. Ашәҟәы ишаԥхьатәу ҳзырбаз ҳаб Асҭамыр иоуп. Уи иреиҳау аҵараиурҭа дшалымгацызгьы, алитература хшыҩзышьҭра аиҭон. Ҳан аҵара лымамызт, философиала дынхаҩын, "шәаб иеиԥш шәышәҟәы аакны шәнатәеит" ҳәа ҳашьҭалҳәон, аусура ҳацәыбналоит ҳәа иԥхьаӡаны... Ҳаб анхара азы лара илаԥигомызт, уи аҩбатәи аҭыԥ аман идунеихәаԥшышьаҿы, убри иабзоураны акәу џьысшьоит ихшара ашәҟәыԥхьара зышьҭаҳкааз.
Аҩын ду анҳаргыла ашьҭахь, асасааирҭахь ихагаланы ашәҟәҭаҵараҭақәа рҿы аҭыԥ рзалхын саб ибиблиотека еиднакылоз зегьы. Игәасҭахьан саб "Аҽыкәаҳа" захьӡыз ашәҟәы даԥхьоны. Ҽнак зны, иҟаиҵо ҟасҵап сҳәан, ашәҟәыҭра иааҭыган аԥхьара сҽазыскит уи ароман. Исхыҵуаз сгәалашәом, иҟалап быжь-класск рҿы стәазҭгьы… Аха уаанӡа, сара саԥхьахьан ароман "Аси амацәыси", нас, ҳаныҩеидас, ашкол аҿгьы дҵас иҳарҭеит. Сызҿу ароманқәа равтор Алықьса Гогәуа сынтәа зыԥшьынҩажәижәаба шықәса ахыҵра азгәаҳҭо усҟан хаҭала дсымбацызт, аха, хыхь ишысҳәаз еиԥш, 14-ҟа шықәса санырҭагылаз инаркны илитература агьама збахьан.
Саб ашәҟәыԥхьареиԥш арадио азыӡырыҩрагьы дазгаган. Усҟан "ирхәаҽуаз" аканалқәа ԥшааны уаха шаанӡа испидола абжьы иргон. Абжьааԥны уи амаҵурҭаҿы иқәгылан, убра акәын еиҳаракгьы Аԥсуа радио абжьы ахьсаҳауазгьы.
Презентация книги Алексея Гогуа Ас ду - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.03.2021
Абзиабара, анасыԥ, аразҟыдара: аҳәса рлахьынҵақәа Алықьса Гогәуа ипрозаҿы
Ааԥынран. Амхы лаҳҵон, ҳаспидолагьы Бзана ахықәан "ицәажәон". Саб аҽы аӷәра сыркны аԥхьа сиргылеит, тәаха ҳазымҭоз сангьы, аус шызуаз анылба, лгәы аалырҭынчит. Акәаҭан амаа икын саб, сан ацәаҳәа аџьықәреи ҭалыԥсон. Абас ҳашнеиуаз, саб аҽы аԥсы аиршьарцаз Бзана ахықә аҿы дааҭгылеит. Аӡы ахықә аҿы игылаз аспидола аӷьара ҳақәнаҵы иаҳнарҳауан акоммунистцәа ражәабжьқәа инадыркны ихыркыз амузыкагьы. Ҳаԥсы ааиҭаҳкырц ҳнатәеит. Аԥсуа радио аацәырҵит ацәқәырԥаҿы. Абраҟа раԥхьаӡа акәны исаҳаит Алықьса Гогәуа ибжьы. Иара далацәажәон ароман "Асду" аҩра инапы шалаку…
Аамҭа цеит, сыстудентхеит. Қарҭтәи атеатртә институт сҭанаҵы, ашәҟәыҩҩы иҭыҵуаз иҩымҭақәа срыԥхьон. Иарбан сыздызхало ашәҟәыҩҩы ирҿиараҿы?.. Зегь раԥхьаӡа иргыланы аҩышьа астиль, нас иаҵоу абызшәа амузика, апсихологиа ҳәа изышьҭоу аазырԥшуа ахәыцратә лексика. "Сара сзы аԥхьа игылақәоу иреиуоуп апроза иныҟәнаго апоезиа", - иҳәоит Гогәуа ихаҭа ирҿиара далацәажәо. Ашәҟәыҩҩы иҳәан еиԥш, игәасҭеит егьырҭ "аушәақә жәабжьқәа" реиҿкаашьеи ари автор иҩымҭақәеи шеиԥшымыз. Араҟа избеит, агәынкыларазы акыр игәцаракны ишаԥхьатәу. Ахҭысқәа ишаабац еиԥш еишьҭагыланы, ажәытә жәабжьқәа реиҿкаашьа амҩала ишымцоз. Гогәуа аҿатә дшалацәажәо, ажәытә хҭысқәа рахь диасуан, нас даҽаџьара, ирацәан агәҭахәыцрақәа, афырхацәа рнысымҩақәа реихдарақәа. Ажәакала, даара ахәыцра аҭахын ашьҭкааразы, насгьы, иҩымҭақәа рфырхацәа абжьааԥны иаҳдырҵоз атеориа - "иҵоуроуи иҵоурами" ахаҿсахьақәа ҳәа иузеихшомызт. Ауаҩы иара дааирԥшуеит еиуеиԥшым аганқәа рыла, истериотиптәу астиль дацәыхараны…
Санстудентыз Гогәуа иҩымҭақәа рцыԥҵәахақәа ракәын еиҳарак ҿырҳәала аԥхьаразы иалысхуаз, урҭ ирыҵаз адраматизми "апроза иныҟәнаго апоезиа" ҳәа автор иззиҳәо сцәаҩа ианаалошәа збон. Абас ицон аамҭа, аха арадио ала зыбжьы саҳахьаз автор лабҿаба абри-абри иоуп ҳәа дыздырыртә дааигәаны дсымбацызт.
Аҵара саналгаз, 1985 шықәсазы иҭыҵит Гогәуа ироман – арапсодиа "Асду". Ашәҟәы анҭыҵ, аԥхьаҩцәа иаразнак рыбжьы ақәдыргеит. Исгәалашәоит, Аҟәа ареспубликатә библиотекаҿы ишеиҿкааз аԥхьаҩцәеи автори реиԥылара. Усҟан аԥсуаа алитература иазҿлымҳан аҟынтә, абиблиотека азал ду иазымкуа уааԥсырала иҭәын. Абраҟа сықәгылеит усҟан 22 шықәса зхыҵуаз аԥхьаҩ. Аиашазы, исҳәаз уажә исгәалашәом, аха сара стәала "анализ" ҟасҵеит. Аиԥылара ашьҭахь аԥсшәа сеиҳәеит автор ихаҭа, "аӡәы идамхаргьы аԥхьаҩ данумоу, разҟуп", - ҳәа насаҳәаны снапы сымхуа. Абас иалагеит бзиа избо ашәҟәыҩҩи сареи ҳаибадырра.
Асду аиҭаҭыжьра: Sputnik аҟны еиҭарҳәеит ашәҟәы аиҭаҭыжьра шыҟалаз - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.09.2017
"Асду" аиҭаҭыжьра: Sputnik аҟны еиҭарҳәеит ашәҟәы аиҭаҭыжьра шыҟалаз
Арадио аҿы исаҳаз абжьы зхылҵыз афырхаҵа ихаҭа данызба акыр сааигәырӷьеит. Убри ашьҭахь ирлас-ырласны ҳаибабон Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла ахыбраҿы (иахьа Д. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт). Уаҟа тәарҭас-гыларҭас иҳаман арҿиара иадҳәалаз аҿар. Нас иалагеит амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара 1989-тәи ахҭысқәа. Ижәдыруеит, Гогәуа жәлар рфорум "Аидгылара" дшахагылаз, СССР Жәлар Реизара адепутатс дшыҟаз, аха исҳәарц сылшоит, аполитикатә хҭысқәа рӡеибафара егьа аамҭа ицәагозаргьы, ашәҟәыҩҩы иаҳасабала икалам шықәимҵоз.
"Аидгылара" анапхгараҿы рацәакгьы днымхакәа, инапынҵақәа иеиҵбыз инарыҭаны арҿиарахь дахьыгьежьыз иҳанаҳәо - ашәҟәыҩҩра иԥсҭазаараҿ зегь реиҳа ишхадоу ауп. Уи иааирԥшуан ижәлар рҭоурых, изнысуаз аҭагәҭасрақәа. Усҟан Гогәуа ахәыҷтәы журнал "Амцабз" редактор хадас даман. Убрахь сасра снеиуан, уаҟа избон Сарион Ҭаркьыл, Геннади Аламиа, Сергеи Ҵәыџьба, убас егьырҭгьы. Иҟазшьала Гогәуа атәамбара, ахдубеиабара инубааломызт, "ара бтәа" иҳәон саныныҩналалкгьы, иара иаҟараз аӡәы далацәажәошәа аҭоурыхқәа аацәыригон.
Сгәанала, сара иҩымҭақәа сышреилаҳауаз еиԥш, иаргьы ахә ишьон аԥхьаҩ лаҳасабала иҟазара шаҳаҭс сахьамаз. Раԥхьа абиблиотекаҿы санибаз нахыс лымкаала ҳаҭыр сықәиҵозшәа сгәы иснарбон, мамзар ус имамкәа дтәаны дсацәажәарызма, мшәан… Ипублицистикатә нҵамҭақәа рҿы акырынтә аԥхьаҩ изхәыцрақәа цәыригахьан:
"Ҳәарада, алитературатә текст аԥхьаҩ даҭахуп, маҷк иадамзаргьы азыҟаҵара змоу, еилызкаартә иҟоу", - иҳәоит иара. Ақьаад игәаӷьны изанымҵоз ахәыцрақәа ансыцеиҩишозгьы убарын. Иара игәалашәарақәа рҿы иҳәоит, раԥхьа аҩра даналагоз хыҵхырҭас имаз аӡӷаб хәыҷы аӡы дахьагаз ахҭыс шакәу. Зны исҳәахьеит, аха еиҭасҳәоит, акаҳуажәырҭаҿы ҳанеицәажәоз, исеиҳәеит, аиҵбыратәи аклассқәа рҿы дантәаз, рқыҭаҿы аӡы иагаз аӡӷаб иара игәы шлызҭаз. Лара лҭахарала Гогәуа ирҿиара аӡыхь ахы ыҵнахыртә иҟалеит, избанзар, уи ахҭыс ашәҟәыҩҩы игәы ахәра анаҭеит.
Алексей Гогуа. - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.03.2022
Аԥсны
Ажәлар рзы ихьӡырҳәагахаз: Алықьса Гогәуа иҿцәажәара
"Ашкол аҿы ари ахҭыс хәыҷы-хәыҷла ирхашҭит, аха сара исхамышҭит. Убри аҟара сгәы иалан, убри атәы зҩыр сҭаххеит. Изҩыр, еиҳа ихыжьжьап ҳәа сгәы иаанагеит", - игәалаиршәоит ашәҟәыҩҩы.
Усҟан Гогәуа хә-класск рҿы дтәан. "Аӡхыда" зыхьӡиҵаз уи ажәабжь уамак игәы иахьақәымшәаз азы аиқәырхарагьы иҭахымхеит. Зыӡбахә сымоу ахҭыс ашәҟәыҩҩы иԥсҭазаара иаҵаҵәахны имазаргьы ҟаларын, ԥхыӡ иибоз хҭысхарын. Уи азы акәхап, ароман "Аҽыкәаҳа" аҿы иазааигәоу асиужет зҳадигало, аԥсҭазаараҿы изеиқәмырхаз аӡӷабгьы аҩымҭаҿы лыԥсы даԥшәмахазшәа зҳаиҳәаз: "Аӡы иашьуаз дыӡӷабын… Лыхцәы данкны сахьлыхоз, шьыҵәра-шьыҵәра снацәкьарабжьарақәа ирыбжьахо, аҟәара днаганы днықәсҵеит..." Уажәы ароман "Аҽыкәаҳа" санеиҭаԥхьа, инысымҩа исанаҳәо саназхәыц, Гогәуа аӡы иагаз лызхәыцра ирҿиара зегьы иагәылганы иааигозар ҟалап ҳәа агәаанагара соуит:
Ҳцон абас ақалақь ҳалалан.
Ҳцон, ҿаҳҭуамызт.
Лара лнапы сара ирӷәӷәаны искын.
Сара снапы лара далаԥсны илкын…
Абри зхысҳәаауа, ашәҟәыҩҩи сареи ақәра ду шҳабжьазгьы, зны-зынла имаӡақәа сеиҳәалон. Далацәажәон иҷкәын, аибашьра аветеран Дима, ԥҳәыс дааигар шиҭаху, рыҩны аԥсуа ҭаца дахьыҩнамлац игәы ишалоу. Зны-зынла адәахьала ихжәоу, зԥан бааԥсу иакәны данубозгьы ыҟан ашәҟәыҩҩы, аха ус акәзаргьы ихаҭарала дромантикуп, дфилософуп ҳәа сизхәыцуеит, избанзар ироманқәеи иажәабжьқәеи зызкызаалакгьы, цәаҳәа хаданы иалсны ицо абзиабара атемоуп.
Алексей Гогуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 01.03.2022
Аԥсны
Ҿыцәаара зқәым абаҩхатәра: Алықьса Гогәуа ииубилеи иазкны апресс-конференциа мҩаԥысит
Ҽнак зны, аҭыхрақәа рзы ателехәаԥшраҟнытә Гогәуа иҩныҟа ҳнеит. Икабинет зегьы шәҟәыла иҭалаҳан. Астол қьаадла ихҟьан. "Арахь шамаха уаҩ дыҩнеиҵом", - лҳәеит иԥшәма Еҭери. Аоператор икамера ықәиргылаанӡа лареи сареи акҿаҩраҿы ҳааидтәалт. Сара амаӡақәа ирышьҭаз, иара исызимҭоз азҵаара лара илысҭеит, илаԥш шԥашәықәшәеи ҳәа. Еҭери ашәҟәыҩҩы Иван Ҭарба диԥҳан. Иахьеибабашаз ыҟан, ҳәарада, аха исылҭаз аҭак дырҩагьых агәра снаргеит, Гогәуа аромантик ззырҳәо ихаҭаԥсаҭа шиакәу.
Лара ишылҳәаз ала, Еҭерираа рыҩны аԥсра ыҟан... Аҭоубыҭ иахагылаз аџьабацәа дрылагылан иқәыԥшӡаз зылаӷырӡ кыдырҩны илеиуаз Еҭери. "Алаӷырӡ иакәабаз быблақәа сылаԥш иҵашәеит ҵәыуара ҳәа саннеи, иагьыздырит, сара урҭ аблақәа сшырзыхынҳәуаз", - сеиҳәеит лҳәеит ашьҭахь. Лара дыздыруаз исымаркрым, Еҭери лыԥшреи-лсахьеи рыла дшылашоз, егьырҭ илымаз аҟазшьа бзиақәа уи инацҵаны. Ашәҟәыҩҩы имуза Еҭери илызцәырҵыз ачымазара иахҟьаны, шықәсқәак раԥхьа ари адунеи аанлыжьит. Хымԥада, иара ихшареи имаҭацәеи абаа ду иеиԥш икәыршазаргьы, лара лыҟамзаара акыр иныԥшит, деиҵанарӷәӷәеит уи ахьаа. "Аԥҳәыс лнапы згу, уи назхьымсуа хәыҷы-хәыҷла ицәа аҳаԥшьаӡәӡәага ахьушьыргьы, илымсуа дҟалоит", - иҩуеит иара "Асду" аҿы аиԥш зеиԥшу аҭагылазаашьазы.
Гогәуа ипрозаҿы аԥҳәыс лҭеиҭыԥш акыр икылкааны, қыцә ҵарыла иҭихуеит. "Шлацк зларшәымкәа инхаз лыџьымшьқәа кыдыхәхәала, аҳкәажә ллакҭа лхы-лҿы иаацәдухома уҳәо иҭбаан, аха уи ахь анеирҭақәа зегь акхьан, ауаҩреи ахьаақәеи рышәқәа рыда", - абас лсахьа ааирԥшуеит "Асду" аҿы аҳкәажә Ҳауида.
Иҟан ашәҟәыҩҩи сареи аимак анҳаулозгьы. Сара стәала исгәаԥхомызт зны-зынла Д. Гәлиа ипремиа ашашьа, уи "ахәажәҵәы" аҩымҭа хьысҳақәа иахьрықәшәоз. Уи аӡбахә ала аҭел санизас, аӷьеҩ аасхиргеит, иаасцәымыӷхартәы… Гогәуа иҟазшьа аҭра ианыҭҟьоз, алитератураҿы ихыԥша шдууз еиԥш дыџьбаран. Дук мырҵыкәа, аԥшаҳәаҿы амшын сааӡааҵны аҩныҟа сандәықәла, ибзиан издыруаз бжьык схьанарԥшит. Гогәуа иакәын сықәҿызҭыз. "Бсыргәаазар ҟалап, аха абри апремиа аҩымҭа дуқәа цәырҵаанӡа ашара ҳаҟәыҵыр, зынӡа иҩуа дҟалаӡом", - иҳәеит, аамҭа ахы ахьхо дазхәыцуа...
Алексей Гогуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.07.2020
... Сара исҭаху иара иаздыруам, иара иаҭаху сара исыздыруам – Алықьса Гогәуа
Гогәуа аҿар гәцареикуан акыр, иара дымҩахыҵуан ҳлитературатә клуб "Ажәа" еиҿнакаауаз ахәылԥазқәа рахь. Хымԥада, дарбанзаалакгьы имоуп исубиективтәу ҳәа ззырҳәо аҟазшьақәа. Алықьса Ноча-иԥа ихы иҭашәаз баша имоумкын, ииҳәаз иҳәеит, дхьаҵрангьы дыҟаӡам. Ари зхысҳәаауа, Нугзар Логәуа акультура аминистрс даныҟаз, саҳәшьеи сареи ицхыраарала имҩаԥаҳгеит ашколхәыҷқәа рыбжьара исахьаркны ажәеинраалақәа раԥхьаразы аицлабра. Уи мҩаԥысуан акультуратә центр "Абаза" аҿы. Аӡбаҩцәа дреиуан Гогәуа, иара убас уи иалан акритик Владимир Аҵнариа, "Аԥснышәҟәы" ахада Манана Кәыҵниаԥҳа.
Аицлабра иалахәыз рыбжьара дыҟан Таиф Аџьба имаҭа Нарсоу Ҳаразиа. Аиаша ҳҳәозар, уи ахәыҷы иаԥхьоз дрылыҳәҳәо дыҟамызт. Гогәуа уи дазусҭаз шизымдыруазгьы: "абри акостиум зышәҵаны иҟаз, зеиқәарала игәыкыз аҷкәын актәи аҭыԥ иаҳҭароуп" ҳәа даҿаапкит. Ахәыҷқәа ҳабжьы раҳауамызт, иԥхьакыз ауадаҿы ҳтәан аӡбаҩцәа. Сара иԥхасшьон, илыуаз аҷкәын аиааира игартә дныҟәеит ҳәа ргәы иаанагар сҭахымызт. Егьырҭ аӡбаҩцәагьы сықәшаҳаҭын, аха Гогәуа дхьаҵырц игәы иҭамызт. "Акостиум зшәыз аҷкәын гәыкы" ҳәа даҿаапкӡеит. Актәи акәымкәа, ма аҩбатәи аҭыԥ иаҳҭап, иара иаҵкыс еиӷьны иаԥхьаз дыҟоуп ҳәа ҳанаҟәымҵӡа, "ибзиоуп, нас" иҳәеит Гогәуа. Аҷкәын ихаҭа дазыԥшымызт аԥхьахә иоуп ҳәа. Абасала, "акостиум зшәыз" ҳәа Гогәуа илаԥш зыдхалаз, заншьцәа Аџьаа иреиԥшыз Нарсоу хәыҷы иҳамҭа деигәырӷьо аҩныҟа дцеит.
Зегь анеимп, ҳарҭ аиҿкааҩцәеи аӡбаҩцәеи ҳанааилатәа, Гогәуа ҳиазҵааит - "абри аҷкәын хәыҷ дыжәдыруама?" ҳәа. "Мап, дсыздырӡом, дызтәыда?" - дҵааит иара. Итәаз руаӡәы "Таиф имаҭа иоуп" иҳәеит. "Сара сцәа иалашәеит уи аҷқәын хәыҷ акала дшысзааигәаз. Исыздыруамызт Таиф дшимаҭаз, аха инықәгылашьа, илакҭа зеиԥшраз ала, синтуициа исанаҳәеит аԥхьахә дшаԥсоу".
"Аамҭа бжьалеит Таиф Аџьба ихаҭа дҳалагыламижьҭеи, иччаԥшь ҳамбоижьҭеи", - иҩуан Гогәуа игәалашәарақәа рҿы. Ус анакәха, игәхьааигоз аблақәа иреиԥшнишьалоз аниба, инырит, уаҳа даҽакы сызхәыцуам абри ахҭыс сгәаларшәо.
Аԥсны Жәлар Рышәҟәыҩҩы, Ахьӡ-Аԥша аорден актәи аҩаӡара занашьоу Алықьса Ноча- иԥа Гогәуа - Sputnik Аҧсны, 1920, 15.03.2020
Алықьса Гогәуа: сызнысхьоу амҩеи сызхаану аамҭеи даара имариамызт
Гогәуеи сареи амҩаду аҿеиԥш, ҳаибабон ажурнал "Алашара" аредакциаҿгьы, еиуеиԥшым ахәылԥазқәа раан. Зны-зынла игәы кыдгыланы исеиҳәон аполитикатә ӡыргарақәа рҿы ақәгыларақәа уамак ишиҭахым. "Сыгәра ганы иансарҳәалакгьы, мап ацәкра сылшом", - иҳәеит иара апрезиденттә кампаниақәа руакы ашьҭахь. Хымԥада, аполитикцәа еснагь ирҭахын, зышәҟәыҩҩра адагьы, амилаҭ-хақәиҭратә қәԥара ҵәатәы шьаҟас иамаз ауаҩы дрывагылазарц, аха иара игәы анеихьнашьуаз ыҟан...
Ҽнак зны, "Аиааира апроспект" ианыршәланы сышнеиуаз, Гогәуа ҩыџьа аԥсуа интеллигенциа ахаҭарнакцәа ицны саарықәшәеит. Харантәгьы избарҭан аемоциақәа аҵаҵаны акы дшалацәажәоз. Ҳанааиԥыла, Аԥсны "амаа зку" ачынуаа ирзынархаз игәынамӡарақәа рхыԥша сара сахь рҿааирхеит. Иара иааҭырҟьа цәгьоуп, аха убасгьы ирлас изхыԥсаауа уаҩуп. Сара иаасцәымыӷхазаргьы, ҿысымҭит, аӡәгьы дахьиласымҵо ырҵабыргуа. Сцеит, исыхьыз акыр ихьааго. Адырҩаҽны смобилтә ҭел абжьы геит. Избеит иасуаз иара шиакәыз. Избеит, аха ашьҭыхра сҭахымхаӡеит. Иара ддуми, дазхәыцзар акәхап, ироманқәеи иажәабжьқәеи рыԥхьаҩ баша дыширгәааз. Дасит, деиҭасит, аха сара иара иеиҳа смаҷми, ишьҭысымхӡеит… Усгьы, ҽнак зны ҳанеибаба: "Ҳара хаизыҟазаашьақәа шыҟац иҟазароуп", - иҳәеит, сзыргәааз схаиршҭырц шиҭаху сырдыруа. Уи ашьҭахь ҳаиқәшәарақәа еиҳа иԥкхеит, аха сара ашәҟәыҩҩы иҩымҭақәа рыԥхьара саҟәымҵӡеит...
Ажәабжьқәа зегьы
0