Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Атәылахьчара аминистрра: Мариуполь украинатәи абаталионқәа зҭаку амацәаз ҭшәахеит

© Sputnik / Алексей Куденко / Амедиаҵәахырҭахь аиасра Оставленные позиции ВСУ
 Оставленные позиции ВСУ - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.03.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла Украина арратә операциа иалагеит жәабран 24 рзы. Ахада Владимир Путин иара иахықәку киевтәи арежим аҟынтәи аашықәса агеноцид иҭагылоу ауааԥсыра рыхьчароуп ҳәа иҳәеит.
АҞӘА, хәажәкыра 18 – Sputnik. ДЖәР аруааи Урыстәылатәи арбџьармчқәеи Мариуполь итәоу украинатәи амилаҭеилыхыҩцәа рбаталионқәа ирыкәшаны иҟоуп. Уажәы урҭ зҭаку амацәаз еиҳа-еиҳа еиҵахоит ҳәа иҳәеит Урыстәыла атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак, аинрал-маиор Игор Конашенков.
Беженцы из Мариуполя - Sputnik Аҧсны, 1920, 18.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Басурин аҳәамҭа ҟаиҵеит Урыстәыла ишеиҿнакааз Донбасс ажәҩан аҿы аԥырра ахьыԥку азона
"Мариуполь, Донецктәи Жәлар Рреспублика ари Урыстәылатәи арбџьармчқәеи украинатәи амилаҭеилыхыҩцәа рбаталионқәа ирыкәшаны ақалақь аҩнуҵҟа еибашьуеит", - ҳәа иҳәеит иара.
Аинрал иазгәеиҭеит ар ргәыԥ уахыки-ҽнаки рыла 16 километра ԥхьаҟа ицаны аиланхарҭақәа Золотаиа Нива, Новодонецкое, Новомаиское, Пречистовка рнапахьы ишааргаз.
Иара иажәақәа рыла, ЛЖәР аҵакыра 90% рҟынӡа ахы иақәиҭтәуп.

"Лугансктәи Жәлар Рреспублика ар Урыстәылатәи арбџьармчқәа рыцхыраарала 90 процент ареспублика аҵакыра ахы иақәиҭыртәхьеит. Уажәтәи аамҭазы Лугансктәи Жәлар Рреспублика ар аиланхарҭа Рубежное игылаз украинатәи абаталионқәа рнырҵәара иаҿуп", – иҳәеит иара.

Хәажәкыра 18 рызтәи адыррақәа рыла ирхәашоуп 4 000 инареиҳаны Украина арратә инфраструктура аобиектқәа, иҭархоуп аԥырҩы дызҭам аппаратқәа 183, Bayraktar TB2 назлоу, 1406 танки акәылӡтәы машьынақәеи, 138 ареактивтә системақәа, 535 артиллериатә шьақәгылақәеи аминаршәгақәеи, 1197арратә автомашьынатә техника ҷыда.
Иара иҳәеит уахыки-ҽнаки рыла аоператив-тактикатә, арратә авиациа 81 ак Украина арратә обиект шдырхәашаз, ареактивтә системақәа ԥшьба, акомандаҟаҵаратә ҭыԥқәа хԥа, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа ааба, аибашьыга техника агыларҭа ҭыԥқәа 28.
Ажәабжьқәа зегьы
0