Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Сангәлиа Дәрыԥшьтәи ауахәама аиҭашьақәыргыларазы

Раионк аԥсҭазаараҟынтә: Сангәлиа Дәрыԥшьтәи ауахәама аиҭашьақәыргыларазы
Анапаҵаҩра
Акультура аминистрра аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчаразы аусбарҭа аиҳабы Гарик Сангәлиа арадио Sputnik аефир аҿы еиҭеиҳәеит Дәрыԥшьтәи ауахәама аиҭашьақәыргылара атәы.
Дәрыԥшьтәи ауахәама Лыхны акәша-мыкәша иҟоу ақыҭақәа рҟны иахагылаз ҭауади-аамсҭеи ирымаз акы еиԥшуп, ҵакыла, аамҭала изҵазкуа аабатәи ашәышықәса иахгамкәа ҳәа иҳәеит Сангәлиа аиҿцәажәараҿы.
"Ауахәама ақыҭаҿы ишьақәыргыланы, аус ауа, аныҳәаҩ дныҳәо аҟаҵаразы анхаҩцәа арзаҳал рҩит 2013 шықәса рзы. Ажәытә ишыҟаз, убрахь иазкылганы, иагьа уадаҩра азцаргьы, ус иҟаҵатәуп. Апроект аԥхьатәи аескиз цәырган, аха еиҭа иақәшәартә еиԥш, иазааигәахарцаз аилацәажәара ҳаман. Анаҩс апроект инагӡаны ицәыргахоит, усҟан еиҭа ҳахәаԥшуеит, нас нап адыркуеит аиҭашьақәыргылара. Уадаҩрас иамоу ахыб ауп, уи ахы инаркны аҵыхәанӡа иҟаҵатәуп. Асовет аамҭазы ахыб ахырхын, ақыҭаҿы акультура аусбраҭаҟны инаганы иақәырҵахьан. Аҭыӡқәа уашәшәырахеит, ирӷәӷәатәхоит. Игәыгәҭажьижьҭеи даара акрааҵуеит, ирлас иҟауҵо ак акәӡам", - ҳәа иҳәеит Сангәлиа.
Аиҿцәажәара шәазыӡырҩыр шәылшоит арадио Sputnik Аԥсны аефир аҿы, мамзаргьы аудиофаил аҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0