Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Зажәа ахҭа иҭазыршәуаз апоет: Таиф Аџьба игәалашәара иазкны

© Foto / предоставлено Елеонорой КогониаТаиф Аджба
Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.03.2022
Анапаҵаҩра
Ҳазну хәажәкырамза 11 рзы диижьҭеи 83 шықәса ҵит Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Таиф Шьаадаҭ-иԥа Аџьба. Уи изку анҵамҭа ҳадигалоит аԥсуа поет, ажурнал "Алашара" аредактор хада, Таиф Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа алауреат Анатоли Лагәлаа.
Таиф Аџьба сара даара ибзиаӡаны дысгәалашәоит. Ашәҟәҭыжьырҭа аҟынтәи ажурнал "Алашарахь" усура саниас, 1982 шықәсазы, иара Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылаҿы консультантс аус иуан. Усҟан Аԥсны Ашәҟәыҩҩцәа реидгылагьы, ажурнал "Алашарагьы" егьырҭ арҿиаратә еиҿкаарақәагьы зегьы иахьа Аԥсуаҭҵааратә институт ахьыҩноу ахыбраҿы ҳаҩнан. Таифи ҳареи уи аҩбатәи аихагылаҿы ҳашәқәа еиҿаԥшуан, Рауль Лашәриеи сареи ажурнал аредакциаҿы уадак аҿы ҳаидтәалан, Таифи Даур Наҷҟьебиеи Ашәҟәыҩҩцәа реидгыла иатәу ауадаҿы. Изхысҳәаауа, ирлас-ырласны ҳаиқәшәон, акырынтәгьы Таиф иажәеинраала ҿыцқәа дҳазрыԥхьахьан. Иара даара зхы ӡырзымгоз поетын, иацәажәарагьы, ицныҟәарагьы, агәҭыха еибыҳәараҿгьы ахаан тәымуаҩра зымуаз, знык уанишьцыла, даара ирласны ухы-угәы иҭалоз, иузааигәахоз уаҩԥсын…
Поэт Таиф Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2022
Аԥсны
Ахәыҷтәы поезиа арҿиаҩы: Таиф Аџьба игәаларшәаразы
Насгьы, сара усҟан Таиф иажәеинраалақәа рацәаны ҿырҳәала издыруан, убри азы исзымариан иара изааигәахара, иацәажәара. Ҵакылагьы, философиатә хәыцрылагьы иҭәыз уи иажәеинраалақәа руак, сара даара усҟангьы иахьагьы бзиа избо, ирлас-ырласны сизаԥхьалон ҳанеишьцыла, иаргьы, ихаҭа иакәӡамызшәа изҩыз, сара сахьаԥхьоз шигәаԥхоз сырдыруа, гәыблыла ихааӡа даасҿаччон. Уи ажәеинраала иахьӡын "Ҳара ҳцәырҵра", сара иахьа снапы иаку ҿыц ҳашәҟәҭыжьырҭа иҭнажьыз уи иреиӷьӡоу иажәеинраалақәа еидызкыло ишәҟә ҿыцгьы иагәылалеит.
© Foto / Предоставил Анатолий ЛагулааҾыц иҭыҵыз апоет Таиф Аџьба ишәҟәы "Амра ссируп аҭашәамҭаз". Аизга еиднакылоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалаӡыз ҳаамҭазтәи аԥсуа поет ду Таиф Аџьба (1939-1992) ҳлитература ахьтәы фонд иагәылалаз иреиӷьу иажәеинраалақәа. Еиқәиршәеит академик Валентин Кәаӷәаниа.
книга Таифа Аджба - Sputnik Аҧсны, 1920, 19.03.2022
Ҿыц иҭыҵыз апоет Таиф Аџьба ишәҟәы "Амра ссируп аҭашәамҭаз". Аизга еиднакылоит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалаӡыз ҳаамҭазтәи аԥсуа поет ду Таиф Аџьба (1939-1992) ҳлитература ахьтәы фонд иагәылалаз иреиӷьу иажәеинраалақәа. Еиқәиршәеит академик Валентин Кәаӷәаниа.
Машәыршақә, ма хәмаршақә, ма цас,
Аӡәгьы ҳаишарымызт ҳара.
Ибашоу акакәзар ҳзыхшаз,
Абаша ҳзацәцозма ҳара?!
Иӷәӷәоуп ҳара ҳамчи ҳалшеи,
Ҳхьышьҭрагьы хымԥада иӷәӷәоуп.
Дуӡӡак аҟынтәи ҳаауеит,
Ҳцәырҵрагьы- дуӡӡак иазҳәоуп!..
Таиф ҟазшьала даара дҭынчын, шамахаӡак дыццакӡомызт, насгьы уи шьоукы-шьоук апоетцәа реиԥш амыцхә иҽиҟьаӡомызт, шамахаӡак иенергиа зегьы ипоезиа иаиҭон, имчгьы убри азы есымша иҵәахны иман!..
Поэт Таиф Аджба на сухумском причале - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2021
"Анцәа иҟынтә, ауаҩ иҟынтә, маҷӡак аҩсҭаа иҟынтә": Таиф Аџьба игәаларшәаразы
Иҟалап, апоезиа иаҵидыраазар убри аҩыза маӡак, имуза анааиуа аламҭалаз иара зегьы дырҟәыганы дырхианы дартәозҭгьы, маӡала иҵанаҳәозҭгьы иара дыззыԥшу ажәа ахьынӡааихьоу, ианизааигәахалак, ицәа иалашәартә еиԥш, ма, рымҵәыжәҩа шьҭыбжьқәа иаҳартә еиԥш изааигәаӡахон… Иаргьы, сара акырынтә игәасҭахьан, дышҳалагылоу, аӡә диԥхьазшәа ԥшьаала днаҳалҵуан, иҟалап, ажәа бзиак, хшыҩҵак ҵаулак, "инапы" данкны днаҳалган дагозҭгьы!.. Абар, шаҟа ҵакыла иҭәу "Ашәа" захьӡу уи иажәеинраала, абраҟа иаазгоит ацыԥҵәахак:
Уашәақәа ссируп,
Аҵыс хәыҷ, аҵыс,
Уашәақәа рышьҭахь,
Исымеи ҳәатәыс?!
Уа уҿынӡа сҟамларгьы,
Саргьы сшәаҳәаҩуп.
Иудыруама, ҳарҭ
Лахьынҵала ҳаиԥшуп.
Аԥсҭазаара еиқәхозар,
Ашәоуп еиқәзырхо.
Ишәарҭоуп- ишәарҭазар-
Ашәа зымҳәо.
Иудыруаз, нас, дыҟам
Урҭ рыда изгәаӷьра -
Аԥсҭазаарагь ашәагь
Мышкала рбылра…
Ииашаҵәҟьан, ашәа былуеит, аха иаанажьуеит ауаҩы игәаҿы акәицқәа акыраамҭа дзырԥхо, игәалазыршәо, аԥшӡара иаҩысны ишымцо, уи знык, мацәысеимҟьарак еиԥш иҿаԥхар, акыраамҭа ихааӡа игәы ишҭазаауа, деиҭашархынҳәуа, даҽа кәиц хәыҷык иара изы иҵәахны ишамоу, уи игәы аԥхарра анацраслак, амца ду шеиқәнаҵо…
Поэт Таиф Аджба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.09.2020
Ҳааигәара иҟоу апоет: Таиф Аџьба иҩымҭақәа реизга рыҩтомк ҭыҵит
Абар, 1980 шықәсазы ааԥын анааиуаз маи мзазы ииҩыз илирикатә жәеинраалақәа иреиӷьӡоу рахь иушьаша ажәеинраала " Бареи сареи ҳхала" аҟынтәи цыԥҵәахақәак. Ари ажәеинраалагьы абри ашәҟәы иагәылашәеит, абраҟа аҭыԥ иара ахала иаԥшааит!..
Иҳанахеит аҵых,
Бареи сареи ҳхала.
Уи еиӷьу ҽа ҳамҭак,
Абаҟоу уахала!..
Аҵых лашьцара,
Аҵых баагәара.
Быбла ҭыџьџьара,
Амза ԥхашьара.
Ашамҭаз ҳаидызбало,
Ирарҳәап имӡакәа,
Еиԥырҵшьа шаҳзыҟамҵаз,
Рыҵых мыршакәа.
Иҳанахеит аҵых,
Бареи сареи ҳхала.
Насыԥымзар - гәнаҳак,
Бацәымшәан уахала!..
Таиф аизара дуқәа рҿы дықәгыломызт шамаха, уи ибжьы нароуны ҳажәлар рахь ихы нарханы политикатә митингк аҿы шамаха дсымбацызт, аха ипоезиаҿы, иажәеинраалақәа рҿы, ипублицистика аҿы, ицәаҳәақәа амца былыбылуа ирыцран, ирыԥхьозгьы, шамахак игәы рҭынчны ддыртәаӡомызт. Урҭ иажәеинраалақәа рзы иҵәахны иман ауаҩы ҭынч дызмыртәоз амца, урҭ ирымбаӡакәа ирыцрасуан, ирнырыртә иаирбылуан, аҭынчра мыцхә рыцәирӡуан… Абар, уи ус шакәу агәра узырго ажәеинраала "Ирҳәази исҳәази" аҟынтәи куплетқәак:
Зныкгьы, еизеит, рҳәеит,
Ҩынтәгьы, еизеит, рҳәеит,
Хынтәгьы еизеит, рҳәеит,
Уа зегь рыӡбеит, рҳәеит.
Зныкгьы имеизандаз,
Рыбжьгьы дмыргандаз,
Ҳахгьы рымгаӡандаз,
Рыхгьы дмыргаӡандаз, сҳәеит!..
Аизара-еизароуп,
Уанеиза- иуӡбароуп.
Иануӡба-инаугӡароуп,
Егьи зегь- барбарроуп, сҳәеит!..
Поэт Таиф Аджба на сухумском причале - Sputnik Аҧсны, 1920, 11.03.2020
Иара аԥсҭазаара агәра игон, ма ииҳәарыз Таиф Аџьба иахьа дҳалагылазар
Сара ибзиаӡан исгәалашәоит 1975 шықәсазы ииҩыз ажәеинраала "Сара сҭынчра" хьӡыс иаҭаны ашәҟәы анҭижь,Ҷлоутәи аҵаҩцәа гәыԥҩык Очамчыра ашәҟәыҭирҭаҿы ҳцаны ишааҳхәаз, ҳакласс аҿы шамахак ҳацыԥхьаӡа шҳамаз, ҳаҵаҽырбаны ҳшаԥхьоз аӡӷабцәа рҿаԥхьа. Дара аӡӷабцәагьы, гәаныла уа ианыз абзиабара иазку алирикатә жәеинраалақәа мыцхәгьы иргәаԥхон, аха иԥхашьаны, аграждантә лирика еиҳа иазҿлымҳаушәа ҳдырбон!.. Аха уи ҳара иаҳфозма, куплетк, ҩ-куплетк ҿырҳәала ҳанрыԥхьалак, даргьы маӡа-аргама ҳацҳәара иалагон!..
Ссирқәак цәырҵуеит хәылбыҽхала,
Рыбла, рыччаԥшь, рныҟәашәа.
Уҟаӡамшәа инувсуеит ԥшьаала,
Уҭынчра уцәырӡны ушырзыԥшуа.
Шьҭа иумхьаан, уаҳа ихнымҳәуа,
Ицаз, ибналаз, уҿара!
Шьҭа уанышәа ажәра мчымха,
Ԥхара зхылымҵуа абылра…
Шьҭа иҳәала: "Ҳдунеи лашара!"
Шьҭа иҳәала: "Иҭабуп, ҳазшаз!"
Шьҭа ирҽхәала, нас, аԥсабара,-
Ишьҭых иунаҭаз лахьынҵас!
Таиф акырынтә усҟан ашәҟәыҩҩцәа рыԥсы ахьыршьоз Москва азааигәара Переделкино ԥсшьара дцалон. Иџьаушьаша, уа даннеилак, ирҿиара усгьы игәы рҭынчны џьарак дартәаӡомызт, ажәеинраала ссирқәа импыҵыҵуан. Убарҭ иреиуоуп Аԥсны ныҳәацыԥхьаӡа иахьа аҿар иргәаԥханы гимынны ирҳәо "Аԥсны агимн". Ари ажәеинраала аиашаз ианиы нахыс аҿар иргәаԥхеит, амҵәыжәҩа рнаҭеит, зегьы еицырҳәо иалагеит… Усҟангьы, иахьагьы ишааиц иааиуеит, зегьы иргәаԥхоит, апоезиатә разҟ бзиа амоуп!.. Иџьаушьаша, уи Аԥсны аибарххарақәа ианыршыкьымҭаз, 1989 шықәса рзы, цәыббрамзазы иит. Иаагап куплетқәак уи иссирӡоу ажәеинраала-ашәа аҟынтәи:
Иҭбаауп адунеи, иҭбааӡоуп,
Иагьбеиоуп, иагьыԥшӡоуп зқьыхкыла.
Аԥсадгьыл атәы даҽакӡоуп,
Уи ауп зегьы иреиӷьу атәыла!..
Иахьӡоит изызшоу аразҟы,
Ахачҳара змоу Аԥсынтәыла.
Аԥсуара иарԥшӡоит зегьы,
Иарҭәуеит абри адгьыл ҵакыла.
Ишәҭуеит Анцәа иишаз Аԥсны,
Ашьхеи амшыни рыбжьара!
Наӡаӡа иарԥхоз иахьӡаны,
Иԥшьоу ахақәиҭра лашара!
Поэт Таиф Аджба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 09.10.2019
Ихнымҳәыз апоет: Таиф Аџьба игәаларшәаразы
Апоет иахьа дҳалагылам, аха иҳацуп уи ԥсра-ӡра зқәым, ес ииуа ирыциуа иҩымҭақәа! Сара агәра згоит, уаҵәы игыло аҿар рзы иреӷьӡоу апоезиатә рҿиамҭақәа рантологиа аиқәыршәара зразҟы ианылоу апоет Таиф Аџьба иажәеинраалақәа хҩык-ԥшьҩык аԥсуа поетцәа дуқәа рыхьӡ аамышьҭахь иара ижәла шдыргыло!.. Уи анасыԥ иара имбазаргьы, ҳҵеира бзиахә ахаанхоит!..
Ажәабжьқәа зегьы
0