Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭатәи ахәшәтәырҭаҿы даҽа х-ԥсыҭбарак ҟалеит COVID злаз рыбжьара

© Sputnik / Сергей Аверин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУчения МЧС в Донецке по развертыванию полевого медицинского лагеря
Учения МЧС в Донецке по развертыванию полевого медицинского лагеря - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2022
Анапаҵаҩра
Аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 53191-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 49008-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 675-ҩык.
АҞӘА, хәажәкыра 21 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны ауааԥсыра COVID -19 азы атестқәа арҭеит 213-ҩык, урҭ рахьтә 69-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы рыԥсҭазаара иалҵит хҩык ачымазцәа: 57 шықәса зхыҵуаз аԥҳәыси 76, 79 шықәса зхыҵуаз ахацәеи.
Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 24-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп хәҩык, ибжьаратәуп 19-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 17-ҩык, урҭ рахьтә 10-ҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит жәҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - 8-ҩык, Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы хәҩык ачымазцәа шьҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0