Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны 39-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит

© Sputnik / Александр Патрин / Амедиаҵәахырҭахь аиасраОтделение для пациентов с Covid-19 в Кузбасской клинической больнице им. М. Подгорбунского
Отделение для пациентов с Covid-19 в Кузбасской клинической больнице им. М. Подгорбунского - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.03.2022
Анапаҵаҩра
Аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 53 263-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 49 178-ҩык ауааԥсыра, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 676-ҩык.
АҞӘА, хәажәкыра 23 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны ауааԥсыра COVID -19 азы атестқәа арҭеит 143-ҩык, урҭ рахьтә 39-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 23-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп хҩык, ибжьаратәуп 20-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу 12-ҩык, урҭ рахьтә хәҩык рҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит фҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - фҩык, Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы хәҩык ачымазцәа шьҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0