Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Гәдоуҭа амҩаду хадаҟны иааихеит акәылӡтәы машьынеи аминивени

© Foto / предоставлено очевидцем Военная техника столкнулась с минивеном
Военная техника столкнулась с минивеном - Sputnik Аҧсны, 1920, 24.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра актәи амотохысратә ҟәша Гәдоуҭа араион аҟны аҽазыҟаҵарақәа ирхысуан апшьаша хәажәкыра 24 азы.
АҞӘА, хәажәкыра 24 – Sputnik, Бадри Есиава. Акәылӡтәы машьынеи (МТЛБ) аминивени еиҿасит Гәдоуҭа ареспубликтә трассаҿы, аҭыԥаҟынтәи афото аинтернетҳақәа рҿы ицәырҵит аԥшьаша хәажәкыра 24 ахәылбаҽха.
Аԥснытәи ар аполковникеиҵбы, архәҭа адҵаҟаҵаҩ Омар Парцхалиа Sputnik акорреспондент ишизеиҭеиҳәаз ала, аграждантә машьына иақәтәан ҩыџьа ауаа - зцәа зтәымыз аԥҳәыси уи лыԥшәмеи. Иҟалаз амашәыр аҟны аӡәгьы ааха имоуӡеит, зцәа зтәымыз аԥҳәыз ахәшәтәырҭахь днаган. Аха аҳақьымцәа дангәарҭа ашьҭахь даанымгылаӡеит.
Парцхалиа иажәақәа рыла, аррамаҵзурауаа аҽазыҟаҵарақәа рҟынтәи ихынҳәны иаауан. Атехникатә еишьҭагыла мҩаԥыргон Аԥсны ААИ. Амҩаҿ иҟалаз амашәыр зыхҟьаз азинхьчаратә усбарҭақәа иҭырҵаауеит.
"Ҳара асолдаҭцәа акәылӡтә техника иақәҳартәаӡом, уи аԥсҟы зку аԥышәа змоу роуп", - иҳәеит иара.
Парцхалиа Аԥсны ауааԥсыра рахь аҳәара ҟаиҵеит, амҩан агәҽанызаара аадырԥшырц, еиҳаракгьы арратә техника еишьҭагыла амҩаду аҟны иоурыжьларц.
Аԥсны Атәылахьчара аминистрра актәи амотохысратә ҟәша Гәдоуҭа араион аҟны аҽазыҟаҵарақәа ирхысуан апшьаша хәажәкыра 24 азы.
Ажәабжьқәа зегьы
0