Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ахрик Цәеиба "Зенит" аспортбаза Аԥсны аргыларазы алшарақәа ахәшьара риҭеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАхра Цвейба
Ахра Цвейба  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2022
Анапаҵаҩра
Санкт-Петербургтәи "Зенит" Гагра араион Цандрыԥшь ақыҭан аспорттә база аргылара агәҭакуп.
АҞӘА, хәажәкыра 25 – Sputnik. Еицырдыруа аԥсуа шьапылампыласыҩ Ахрик Цәеиба арадио Sputnik аинтервиу анеиҭоз "Зенит" аспортбаза Аԥсны аргылара аԥеиԥш ахәшьара аиҭеит.

"Ари Аԥсныҟа иалалаз раԥхьатәи клубуп. Раԥхьа иргыланы аинфраструктура аҿиара бзиахоит, идыргылоит ашьапылампыласырҭақәа, иҟоу ахыбра дырҿыцуеит. Арахь иаалоит "Зенит" академиа иҭоу. Ҳазыҟаҵаҩцәа аԥышәа роуеит", - иҳәеит иара.

Цәеиба иазгәеиҭеит аҭыԥантәи ауааԥсыра рзы аусурҭа ҭыԥ ҿыцқәа, иара убас аԥснытәи ашьапылампыласыҩцәа ҿарацәеи академиа ахәмарыҩцәеи реиԥыларақәа хра шрымоу. Уи адагьы абаза аурыс ҳәаа иахьацәыхарам урыстәылатәи акомандазы иманшәалоуп.
Футбольный клуб Зенит - Sputnik Аҧсны, 1920, 22.03.2022
Аԥсны
Ашьапылампылтә клуб "Зенит" Гагра араион аҿы аспорттә база аргылара агәҭакуп
"Зенит" ахәмарыҩцәа ҿарацәа аалоит. Урҭ ара аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥыргалоит. Рыԥсы ршьалоит. Аҭыԥантәи аспортсменцәеи дареи еинырлоит, еицыхәмарлоит. "Зенит" –клуб бзиоуп, уи иамоу афинанстә лшарақәа аспортбазақәа рыргылара алшоит", – иҳәеит Ахрик Цәеиба.
"Зенит" аҿырԥштәы егьырҭ аклубқәа рызгьы иҿырԥштәхар алшоит ҳәа иҳәеит иара.
Аслан Бжания принял делегацию российского ФК «Зенит» - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2021
Аслан Бжьаниа ашьапылампылтә клуб "Зенит" анапхгара идикылеит
Ахрик Цәеиба – ашьапылампыласыҩ, СССР аспорт азҟаза, СССР, ИАР, Украина, Урыстәыла еизгоу амилаҭтә командақәа рыхәмарыҩ.
Ашьапылампылтә клуб "Зенит" Академиа Аԥсны иаатит хәажәкыра 27, 2021 шықәсазы. Иахьатәи аамҭазы академиа афилиал Гәдоуҭа иҟоуп 2012-2013 шықәсқәа рзы ииз рыла ишьақәгылоу агәыԥқәа, Афон ҿыц - 2008-2009 ашықәсқәа рзы ииз, Аҟәа - 2010-2013 ашықәсқәа рзы ииз.
Ажәабжьқәа зегьы
0