Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Лавров иҳәеит Урыстәыла Аԥсни, ДЖәР-и, ЛЖәР-и реинырра ишацхраало

© Sputnik / Пресс-служба МИД РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраВстреча главы МИД РФ С. Лаврова и президента Абхазии А. Бжании
Встреча главы МИД РФ С. Лаврова и президента Абхазии А. Бжании - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Донецктәи жәлар Рреспубликеи Лугансктәи жәлар Рреспубликеи рхьыԥшымра азханаҵеит жәабран 25, 2022 шықәсазы.
АҞӘА, хәажәкыра 25 - Sputnik. Аԥсны ахада Аслан Бжьаниеи Урыстәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лаврови реиԥылараан Лавров иҳәеит Аԥсни, ДЖәРи, ЛЖәРи реинырра ишацхраало.

"Аԥсны Донецктәи жәлар Рреспубликеи Лугансктәи жәлар Рреспубликеи рхьыԥшымра ахьазханаҵаз ахә ҳшьеит, Аԥсни, ДЖәРи, ЛЖәРи реинырра аҿиара ҳацхраалоит. Сгәанала, ари азеиԥш геополитикатә ҵакыраҿы аҭагылазаашьа аҭышәынтәалара иацхраауеит", - иҳәеит Лавров.

Уи адагьы, иара иазгәеиҭеит Урыстәыла ишамоу алшара Аԥсны адунеитә еилазаараҿы азакәантә ҭыԥ аанкылараҿ ацхыраара аҭаразы.
Аԥсны ахада Аслан Бжьаниа усутә ныҟәарыла Москва дыҟоуп. Хәажәкыра 25 рзы иара диԥылеит Урыстәыла аиҳабыра рхада ихаҭыԥуаҩ Александр Новак.
Флаг Абхазии и России  - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2022
Аԥсны
Лавров: Урыстәылеи Аԥсни рполитикатә диалог агәахәара ҳнаҭоит
Ажәабжьқәа зегьы
0