Микрофон  - Sputnik Аҧсны, 1920
Арадио

Логәуа аҵарауаа атәыла ахада иахь ражәадгалақәа рзы: хылаԥшрада шьҭа иаанхаӡом

Логәуа аҵарауаа атәыла ахада иахь ражәадгалақәа рзы: хылаԥшрада шьҭа иаанхаӡом
Анапаҵаҩра
Аҭҵаарадырреи акульутуреи рзы аҳәынҭқарра ахада иабжьгаҩ Нугзар Логәуа еиҭеиҳәеит Аԥсны ахадеи академиа аҵарауааи реимадара шыҟоу.
Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа 2021 шықәсазтәи аусуразы азеиԥш аихшьалатә еилатәара мҩаԥысит Аботаникатә Институт аҟны хәажәкыра 23 азы. Академиа ахада Зураб Џьапуа иажәақәа рыла, академиа иамоу ауадаҩрақәа рыӡбаразы аҵарауаа изныкымкәа Аԥсны анапхгара ирыдҵаалахьеит, аха макьана илыҵшәадоуп.
Академиа апрезидент Зураб Џьапуа иқәгылараҿы иҳәеит, ацитата: "Иаҳҭахуп ҳакадемиа иҵегьы лаԥшы ҵарыла иазхьаԥшырц, сагьақәгәыӷуеит Аԥсны иахьатәи ахадареи ҳареи ҳахшыҩеилаҵара иабзоураны ҳҳәынҭқарра арҿиара иахәаша алҵшәақәа шаиуа".
Аҭҵаарадырреи акультуреи рзы аҳәынҭқарра ахада иабжьгаҩ Нугзар Логәуа академиа аилатәара далахәын. Арадио Sputnik аефир аҟны еиҭеиҳәеит аҵарауааи Аԥсны ахадеи реимадара шеиҿкаау, иҟарҵо ажәадгалақәа реилыркаа ахьынӡаиауа атәы.
"Хымԥада, ақьаадқәа (ажәадгалақәа - азгәаҭа) ахьцаз, иахьааз, азҵаарақәа шықәгылоу хылаԥшра асҭалоит уажәшьҭарнахыс. Ари аус хылаԥшрада иаанхаӡом", - иҳәеит Логәуа.
Ажәабжьқәа зегьы
0