Песков ЕАА Урыстәыла аҭахкааразы имҩаԥнаго аполитика лҵшәадоуп ҳәа ахиҳәааит

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЕжегодная пресс-конференция президента России Владимира Путина
Ежегодная пресс-конференция президента России Владимира Путина - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2022
Анапаҵаҩра
Уаанӡа ЕАА рхада Џьо Баиден Урыстәыла "Адуқәа ҩажәа" ирылгатәуп ҳәа иҳәеит.
АҞӘА, хәажәкыра 25 - Sputnik. Кремль Еиду Америкатәи аштатқәа Урыстәыла аҭахкаара зырҭаху рдыруеит, аха уи иҟамло акоуп ҳәа аҩуеит РИА Новости Урыстәыла ахада ипресс-маӡаныҟәгаҩ Дмитри Песков иажәақәа шьаҭас иганы.
"Еиду Америкатәи аштатқәа Урыстәыла аҭахкаара шырҭаху бзианы иаадыруеит. Аха адунеи ЕАА ргәы ишаанаго акәымкәа акыр иҭбаауп, еиԥшынгьы иҟам. Ирацәоуп атәылақәа еиҳа хшыҩла аҭагылазаашьа азнеира ахәҭаны избо", - ҳәа реиҳәеит Песков ажурналистцәа.
Москвеи Вашингтони ашәарҭадара ахәдықәҵараз рдиалог азы Песков иҳәеит иахьа уи аԥеиԥш алацәажәара шыуадаҩу. Даҽа знеишьақәак шаҭаху.
Иара иҳәеит G20 алцара Урыстәыла шацәымшәо, уи алахәыла-тәылақәа реиҳарак аекономикатә еибашьра ахьадҟарҵалаз азы.
Уаанӡа Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров иҳәахьан Урыстәыла иаҩызоу атәылақәа ԥхьаҟагьы аус шрыцнауло.
Эмблема Организации Объединённых Наций (ООН) в Женеве. - Sputnik Аҧсны, 1920, 17.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Песков: Урыстәыла Украинатәи аимак азы ООН аӡбра аднакылом
Ажәабжьқәа зегьы
0