Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәылатәи авиациа уахыки-ҽнаки рыла Украина арратә обиектқәа 117 ҭанархеит

© Sputnik / Министерство обороны РФ / Амедиаҵәахырҭахь аиасраНанесение ударов РК "Бастион" и ракетами "Калибр" по инфраструктуре украинской армии
Нанесение ударов РК Бастион и ракетами Калибр по инфраструктуре украинской армии - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2022
Анапаҵаҩра
Мызкы инеиҳаны имҩаԥысуеит Урыстәыла Украина имҩаԥнаго арратә операциа. Аурыс ар еибашьуеит аиланхарҭатә ҭыԥқәа Новомихаиловкеи Новобахмутовкеи рхақәиҭтәразы.
АҞӘА, хәажәкыра 26 - Sputnik. Урыстәылат аоператив-тактикатәи арратәи авиациа 117 обиект уахыки-ҽнаки рыла иҭанархеит ҳәа аанацҳауеит РИА Новости, Атәылахьчара аминистрра аофициалтә хаҭарнак Игор Конашенков иажәақәа шьаҭас иганы.

"Иҭархоу аобиектқәа рыбжьара иҟоуп акомандаҟаҵаратә пунктқәа фба, ареактивтә системақәа хԥа, азенит-ракетатә комплекс С-300, аџьаԥҳанышьҭаҵарҭақәа жәба, 92 ар ргыларҭа", - иҳәеит Конашенков.

Аусбарҭа адыррақәа рыла, уи аԥхьа аурыс ар аракетақәа "Калибр" ала Житомиртәи аобласт аҿы ашьҭаҵарҭа иеихсны иԥыржәеит, абылтәышьҭаҵарҭа ԥыржәеит Николаев иахьаҵанакуаз аракета "Оникс" ала.
Конашенков иҳәеит Аҳауаҽацәыхьчаратә хархәагақәа (ПВО) украинатәи Су-25 ҩба, Су-24 акы, аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа фба карыжьит ҳәа.
Ситуация в Донецкой народной республике - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла атәылахьчара: арратә операциа ҷыда ахықәкы аҵыхәтәанынӡа инагӡахоит
Украина арратә операциа иалагеит жәабран 24 рзы. Владимир Путин иҳәеит иара Украина абџьарахыхра иазырхоуп ҳәа.
Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭала аоперациа актәи аетап нагӡоуп. ЛЖәР аҵакыра абжеи ДЖәР аҵакыра аиҳараӡаки рхы иақәиҭтәуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0