Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥгахоит хәажәкыра 12 2022 шықәсазы. Апарламентахь иалххоит 35-ҩык адепутатцәа. АКХ аҟны ашәҟәы иҭарыҩхьеит 123-ҩык акандидатцәа, урҭ рахьынтә 107-ҩык хацәоуп, 16-ҩык аҳәса.

"Зегьы аиааиааит": Аԥсны Апарламент ахь алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысуеит

© Sputnik / Томас Тхайцук Выборы во второй тур в Народное Собрание Абхазии
Выборы во второй тур в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысуеит хәажәкыра 26 рзы.
Алхратә ҭыԥқәа аартын Аԥсны алхратә ҭыԥ хадақәа 17 рҿы асааҭ 8:00 рзы.
Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа, Sputnik.
Иазгәаҭаз аамҭа иақәыршәаны
Аҳабла ҿыц аҿы иҟоу алхратә ҭыԥ хада №1 иатәу алхырҭа аартын ишазгәаҭаз еиԥш асааҭ 8:00 рзы. Алхратә комиссиа алахәылацәеи алхыҩцәа рсиақәеи зегь рҭыԥ аҿы иҟан, аҩналарҭаҿы амилицаа гылан, иара убас раԥхьатәи алхыҩцәагьы ааихьан. Алашарагьы, абжьааԥны ишдырцәалоз еиԥш, убри аамҭа иақәыршәаны идырцәеит.
Выборы во второй тур в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 26.03.2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Аԥсны АКХ: Жәлар Реизарахь алхрақәа аҩбатәи ртур амҩаԥгаразы алхратә ҭыԥқәа зегьы аартуп
Раԥхьа инеиз алхыҩцәа зег хацәан. Дара алхырҭатә ҭыԥ аадыртаанӡагьы иадеизалахьан, ҭаҭынк иахон, ари аполитикатә хҭыс иалацәажәо игылан.
Шьыжьнаҵы ауаа рааишьа бзиоуп ҳәа уҳәар ауеит, жәаминуҭк рыла 20-ҩык инареиҳаны рыбжьы арҭахьан.
- Анцәа иҳәааит, иахьа зегь аиааира рго! – ҳәа дныҳәаныԥхьеит алхҩык.
- Усҟан даҽа туркгьы мҩаԥгатәхоит, - рҳәеит аҭакс акомиссиа алахәылацәа.
- Ус акәзаргьы, зегь аиааиааит!
Аҩынтә раан абжьыҭирахь шәзааи ҳәа ҳзазҵаауаз зегьы ирҳәон ртәылауаҩратә уалԥшьа нарыгӡар шырҭаху.
"Иаҭаххаргьы, хынтәгьы ҳааиуеит. Ҳара ҳабжьы шаҳҭииз еиԥш ауп ҳ-Парламентгьы зеиԥшрахо", - ҳәа азгәеиҭеит алхҩык.
Алхрақәа рыԥҟарақәа
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа аҩбатәи ртур мҩаԥысуеит хәажәкыра 26 рзы. Алхратә ҭыԥқәа аартын алхратә ҭыԥ хадақәа 17 рҿы асааҭ 8:00 рзы. Зынӡа 64 алхырҭатә ҭыԥқәа рҿы абжьыҭира мҩаԥысуеит.
Хәажәкыра 12 рзы еиҳа абжьы зауз акандидатцәа Жәлар Реизара 17 ҭыԥ рахь иқәгылоуп 34-ҩык. Урҭ рҟынтәи ԥшьҩык ҳәсақәоуп, 30-ҩык хацәоуп.
Выборы в Народное Собрание Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 25.03.2022
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа-2022
Аҩбатәи атур: Жәлар Реизарахь алхрақәа рзы идыртәу
Азакәан инақәыршәаны, бжьы заҵәык ала еиҳахаз акандидат даиааит ҳәа дыԥхьаӡоуп. Абжьыҭара инеираны иҟоуп ҳәа алхыҩцәа рхыԥхьаӡара иазԥҵәоу ыҟаӡам.
Аԥсны Жәлар Реизарахь алхрақәа мҩаԥысит хәажәкыра 12 рзы. 35 ҭыԥ рзы иқәгылан 123-ҩык акандидатцәа. 17 алхратә ҭыԥ хадақәа рахь адепутатцәа алхуп, даҽа 17 рҿы аҩбатәи атур мҩаԥысуеит, даҽакаҿы - аиҭалхрақәа.
Ажәабжьқәа зегьы
0