Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

"Касыш зхоу" пату рықәҵара: аԥсуаа рхымҩаԥгашьаҟынтә ҿырԥштәқәак

© Foto / предоставила Эсма ТодуаАкасы. Головной платок
Акасы. Головной платок - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.03.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсуаа аԥҳәыс лышҟа иаадырԥшуа апату атәы ҳазҳәо аматериал ҳадылгалоит Аԥсуаҭҵааратә институт афольклортә лабораториа аусзуҩ Сусанна Ҭаниаԥҳа.
Аԥсуаа ражәаҳәаҿы иуԥылоит абри аҩыза ажәаԥҟа "Аҩны гәашьамхыс иаҵоу аԥҳәыс лоуп" ҳәа. Аиашазы, наџьнатәаахыс аҩнаҭа зырԥшӡоз, еиҿызкаауаз аԥҳәыс лакәын, аха иаҭахханы ианыҟалоз, аҽықәтәарагьы, ахысрагьы дазҟазан, ахаҵа дарӷьажәҩаны дивагылон еиуеиԥшым аамҭақәа раан.
Аамҭақәа иргәылгоуп уҳәар алшоит "касыш зхоу" рыхьчара, пату рықәҵара. Ахаҵа аԥҳәыс (аԥҳәызба) лҿаԥхьа ихымҩаԥгашьа, ицәажәашьала иааӡареи иламыси рыҩаӡара еилыркаауан. Ус иҟоуп уҳәар алшоит ҳаамҭазгьы.
Леиаа рныҳәара. Акасқәа зхоу аҳәса - Sputnik Аҧсны, 1920, 27.10.2019
Ахҷаҭхылԥа, акасы еицарса, ашьал: аҳәса рхаҵатәы азы ажәақәак
Ахацәа аԥҳәыс дышрыцыз, мамзаргьы иахьылбо ҵаҵӷәык амамкәа еисуамызт "ԥхашьароуп" ҳәа иԥхьаӡаны. Аԥсуаа рыдагьы кавказтәи ажәларқәагьы ирымоуп абри аҩыза аҟазшьа ҷыда, ҩыџьа ахацәа ахьеисуа аԥҳәыс лкасы аалхыхны ирыбжьалыршәыр, иаразнак ихаҳәхазшәа иаангылон, убриаҟара лымч ӷәӷәан. Ҳаҭыр лықәырҵон аԥҳәыс.
Аԥҳәыс амҩан днаскьазгоз ахаҵа лаԥхьа дгыланы дцон аӡәы даарԥылар, лара дыхьчатәызар дихьчарц, дахьнеиуаз аҭыԥаҿ днамгакәа дгьежьуамызт. Дгәыла ааигәазаргьы аҩнынӡа длыцнаскьон, лашҭа дынҭаланы лыҩн ашә дныҩналаанӡа "аԥҳәыс сыбӷа леиасырхом" ҳәа ишьҭахьҟа дхынҳәуамызт.
Иарбан еизаразаалакгьы аԥҳәыс данаарыхҭыгәла, абырггьы аҿаргьы лхаҵгылон. Џьара еизарак, чарак аҿы итәазар, ахаҵа ибӷа аԥҳәыс илеирханы дтәомызт. Аԥсны жәлар рпоет Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба аԥсуа етикет азы гәаанагарақәак еидызкыло ишәҟәы "Адацқәа бзанаҵы – аҵла аԥсы ҭоуп" аҟны иҩуан:
"Аԥҳәызба қәрала лара лаҵкыс еиҳабу, дхаҵазаргьы дыԥҳәысзаргьы амҩан илықәшәар, аԥсшәа дара ирҳәаанӡа лара ҿылҭӡом, илаҩсуазар, лара дааҭгылан арыӷьарахь ала илаҩлыжьуеит, лара драҩсран дыҟазар, рышьҭахь ала ауп акәымзар, раԥхьа диасуам.
Аԥҳәыс дышнеиуа ахаҵа дылԥылар, раԥхьа аԥсшәа зҳәаша ахаҵа иоуп, уи дҽыжәзар, дышҽыжәу аԥҳәыс длацәажәом, дҽыжәҵуеит, иҽы аӷәра ианкны данааҭгылалак, машьынала дыҟазар амашьына дааҭыҵны данаагылалак, усҟан ауп аԥҳәыс лацәажәара анихәҭоу.
Ахаҵа арыӷьарахь ала аԥҳәыс диаҩижьуеит, аԥҳәыс иахьлаҳауагьы ажәа мкьыкь иҳәом, асамырҟәыл бааԥсгьы иҿаиршәуам". Иара убас, апоет иҟаиҵаз анҵамҭақәа рҿы иҳәоит ахаҵа, ишьапы хырҟьаҟьа ма хыхьтәи амаҭәа ишәымкәа, аԥҳәыс лыбла иахьабо дцәырҵыр иара изы ишыԥхашьара дуу.
Коса - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.12.2018
Соура уоураны, сыҭбаара уҭбаараны: ахцәы иадҳәалоу аԥсуаа рыгәрагарақәа
Ахаҵа ила ишабо зынӡаск изымдыруа ԥҳәызбак дымҵадырсыргьы, ацхыраара лыҭара ихәҭан, уимоу лхақәиҭтәра ихы анақәиҵозгьы шьарда џьара иуԥылон. Убас иҟалахьаз хҭыск иазкуп ажәытә аԥсуа жәабжь. Уи ажәабжь аагоуп Наҭела Хәыҭа-иԥҳа Аргәын лыстатиа "Аԥсуаа рхымҩаԥгашьа аҷыдарақәак" аҟнытә.
"Дыҟан Ардашьын ҳәа Чаҵәбак, аԥҳәызба дымҵарсны дшыргоз лыҳәҳәабжь иаҳан дрышьҭалеит. Аԥҳәызба дызгоз дрыхьӡан дареи иареи еиҿахысуа, зегь ҭаирхеит. Аԥҳәызба диманы иҿанынеиха, "Аа абааԥсы, скасы нхеит" – лҳәеит аԥҳәызба (аԥҳәызба лҟәых аӷа иҿы ааныжьра хьымӡӷ дууп). Иҽы дынҽыжәԥан лкасы шьҭысхуеит ҳәа ихы ахьылаирҟәыз, ихәны ишьҭаз аӡәы дымԥсыцзаарын, диеихсит, ӷәӷәалагьы дихәит. Ӷәӷәала сышхәу аԥҳәызба илсырбом, иҳәан, ихәра изнапык адгәаланы икны, аԥҳәызба лкасы налиркит, "ушьҭа хьымӡӷ бымам" ҳәагьы нациҵеит. Диман даан лҭаацәа рҿы дааныжьны, деиханы иҩны дааит, иҩны ашә даахыҵуан еиԥш иԥсгьы ааихыҵит".
Аҵла - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.07.2019
Агәыблаа, аԥхныга, алагьан, нас акасы: ижәытәу аԥшаҿаҳәара ақьабз иазкны
Ажәабжьқәа зегьы
0