https://sputnik-abkhazia.info/20220113/aepidemiolog-iazgaleit-tylay-aky-alaara-akhylayz-aamalatkhar-aloit-a-1037139384.html
Аепидемиолог иазгәалҭеит ҳтәылаҿы аҿкы алаҵәара ахьылаҟәыз аамҭалатәхар ҟалоит ҳәа
Аепидемиолог иазгәалҭеит ҳтәылаҿы аҿкы алаҵәара ахьылаҟәыз аамҭалатәхар ҟалоит ҳәа
Sputnik Аҧсны
Ажьырныҳәа 13 рызтәи аҭагылазаашьала Аԥсны акоронавирус здырбалахьоу 38673-ҩык ыҟоуп. 13.01.2022, Sputnik Аҧсны
2022-01-13T18:26+0300
2022-01-13T18:26+0300
2022-01-13T18:29+0300
аԥсны
ажәабжьқәа
аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0a/16/1031147859_0:104:2000:1229_1920x0_80_0_0_39befc4734730db4eb2887a9bb79f18d.jpg
АҞӘА, ажьырныҳәа 13 – Sputnik. Гәдоуҭа акоронавирус здырбало рхыԥхьаӡара иагхо иалагеит, аха уи аамҭалатәхар ҟалоит лҳәеит Гәдоуҭа араион асанитартә ҳақьым хада Инга Ҷанба.Лара иазгәалҭеит убри аан араионтә медусбарҭақәа рахь асезонтә грипп рыманы ауаа еиҳа иадҵаало ишалагаз."ПЦР-диагностика инақәыршәаны, ачымазара лаҟәуа иалагеит уҳәар ауеит, аха иҳадҵаало ауаа рхыԥхьаӡара иагхом. Уи зыхҟьо агрипп аҿиара аамҭа ҳахьҭагылоу ауп, убри аан уи аилкааразы атестқәа ҳамаӡам", - лҳәеит лара.Ауаа еиҳа ирацәаны ирыдҵаало иалагеит аҵыхәтәантәи 2-3 мчыбжьа рзы.Алаҵаҟаҵара акәзар, Ҷанԥҳа агәынамӡара аалырԥшит уи амҩасшьазы."Лаҵарамза инаркны нанҳәамзанӡа 624-ҩык роуп "Спутник V" ҟазҵаз, аҩбатәи апартиа анаарга ашьҭахь - 300-ҩык. Ари даара имаҷуп, ауаа алаҵаҟаҵара шаҭаху шрарҳәогьы", - лҳәеит лара.Уи адагьы лара инаҵшьны иазгәалҭеит араион аҿы асанитар-епилемиологиатә ԥҟарақәа ишрықәымныҟәо, еиҳарак ачарақәеи аиныхрақәеи анымҩаԥырго. Ҳара ҳтәыла хәыҷы азыҳәа акоронавирус иахҟьаны аԥсрақәа 560 даара ирацәоуп ҳәа лгәы иаанагоит Ҷанԥҳа. Ҿырԥштәыс иаалгеит Иапониа, уа шә-нызқьҩык рахьтә 20-ҩык роуп акоронавирус зланы зыԥсҭазаара иалҵуа. Лара лгәаанагарала, уи рылзыршаз алаҵаҟара 90% иахьырҟаҵаз, асоциалтә дистанциа, асабрадақәа рхаҵара уҳәа аԥҟарақәа ишақәнагоу иахьрықәныҟәо ауп.Акоронавирус аштамм ҿыц "омикрон" Ҷанԥҳа дацәшәоит, лара излалҳәаз ала, ари аштамм ачымазара еиҳагьы ишьҭнахыр алшоит, ҳхәшәтәырҭақәа еиҳагьы аидара ӷәӷәа иаҵалар акәхоит.
https://sputnik-abkhazia.info/20220112/asny-aopershtab-daa-108-yk-akoronavirus-rydbaloup-1037119531.html
https://sputnik-abkhazia.info/20211210/opua-alaaaara-iaagylou-rzy-izyrakhym-eikaany-iryzaom-1036663648.html
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
2022
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
Ажәабжьқәа
ab_AB
Sputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
https://cdnn1.img.sputnik-abkhazia.info/img/07e4/0a/16/1031147859_112:0:1889:1333_1920x0_80_0_0_10015dba695bcd847b3d1131e64b0942.jpgSputnik Аҧсны
media@sputniknews.com
+74956456601
MIA „Rossiya Segodnya“
ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
ажәабжьқәа, аҿкчымазара, алаҵаҟаҵара: акоронавирус азы аԥсны аҭагылазаашьа
Аепидемиолог иазгәалҭеит ҳтәылаҿы аҿкы алаҵәара ахьылаҟәыз аамҭалатәхар ҟалоит ҳәа
18:26 13.01.2022 (ирҿыцуп: 18:29 13.01.2022) Ажьырныҳәа 13 рызтәи аҭагылазаашьала Аԥсны акоронавирус здырбалахьоу 38673-ҩык ыҟоуп.
АҞӘА, ажьырныҳәа 13 – Sputnik. Гәдоуҭа акоронавирус здырбало рхыԥхьаӡара иагхо иалагеит, аха уи аамҭалатәхар ҟалоит лҳәеит Гәдоуҭа араион асанитартә ҳақьым хада Инга Ҷанба.
Лара иазгәалҭеит убри аан араионтә медусбарҭақәа рахь асезонтә грипп рыманы ауаа еиҳа иадҵаало ишалагаз.
12 Ажьырныҳәа 2022, 23:20
"ПЦР-диагностика инақәыршәаны, ачымазара лаҟәуа иалагеит уҳәар ауеит, аха иҳадҵаало ауаа рхыԥхьаӡара иагхом. Уи зыхҟьо агрипп аҿиара аамҭа ҳахьҭагылоу ауп, убри аан уи аилкааразы атестқәа ҳамаӡам", - лҳәеит лара.
Ауаа еиҳа ирацәаны ирыдҵаало иалагеит аҵыхәтәантәи 2-3 мчыбжьа рзы.
Алаҵаҟаҵара акәзар, Ҷанԥҳа агәынамӡара аалырԥшит уи амҩасшьазы.
"Лаҵарамза инаркны нанҳәамзанӡа 624-ҩык роуп "Спутник V" ҟазҵаз, аҩбатәи апартиа анаарга ашьҭахь - 300-ҩык. Ари даара имаҷуп, ауаа алаҵаҟаҵара шаҭаху шрарҳәогьы", - лҳәеит лара.
Уи адагьы лара инаҵшьны иазгәалҭеит араион аҿы асанитар-епилемиологиатә ԥҟарақәа ишрықәымныҟәо, еиҳарак ачарақәеи аиныхрақәеи анымҩаԥырго. Ҳара ҳтәыла хәыҷы азыҳәа акоронавирус иахҟьаны аԥсрақәа 560 даара ирацәоуп ҳәа лгәы иаанагоит Ҷанԥҳа.
Ҿырԥштәыс иаалгеит Иапониа, уа шә-нызқьҩык рахьтә 20-ҩык роуп акоронавирус зланы зыԥсҭазаара иалҵуа. Лара лгәаанагарала, уи рылзыршаз алаҵаҟара 90% иахьырҟаҵаз, асоциалтә дистанциа, асабрадақәа рхаҵара уҳәа аԥҟарақәа ишақәнагоу иахьрықәныҟәо ауп.
Акоронавирус аштамм ҿыц "омикрон" Ҷанԥҳа дацәшәоит, лара излалҳәаз ала, ари аштамм ачымазара еиҳагьы ишьҭнахыр алшоит, ҳхәшәтәырҭақәа еиҳагьы аидара ӷәӷәа иаҵалар акәхоит.