Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Тҟәарчалтәи акомедиатә театр адиректорс дшьақәырӷәӷәоуп Адамыр Гәынба

© Sputnik Адамыр Гунба
Адамыр Гунба - Sputnik Аҧсны, 1920, 31.03.2022
Анапаҵаҩра
Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә комедиатә театр Аԥсны аус зуа атеатрқәа ԥшьба ируакуп.
АҞӘА, хәажәкыра 31– Sputnik. Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә комедиатә театр аиҳабыс дшьақәырӷәӷәоуп Адамыр Гәынба, абри атәы аанацҳауеит Аԥсны акультура аминистрра асаит.
Абри азы аусԥҟа лнапы аҵалҩит Акультура аминистр и.н. Динара Смырԥҳа.
Адамыр Гәынба, Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә комедиатә театр аиҳабы и.н. 2021 шықәса аахыс.
Адамыр Гәынба - 2009 шықәсазы далгеит Калдахәаратәи ашкол-аинтернат, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет доушьҭымҭоуп. Аԥсны акультура аминистрра аспециалист хадас дыҟан, аконцертқәеи агастрольқәеи рыҟәша деиҳабын.
Иахьа Аԥсны аус руеит ԥшь-театрк: Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр, Фазиль Искандер ихьӡ зху аурыс драматә театр, Шәарах Ԥачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә комедиатә театр, Аԥсуа ҳәынҭқарратә Аҿар ртеатр.
Ажәабжьқәа зегьы
0