Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Ҳхәыҷқәа рықәҿиарақәа - еиҳау ҳамҭоуп: Витали Қацәба ахәыҷтәы ҟазаратә ҩны "Аинар" азы

© Sputnik / Томас ТхайцукАрхивное фото дома творчества "Айнар"
Архивное фото дома творчества Айнар - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.04.2022
Анапаҵаҩра
Сынтәа ахәыҷтәы ҟазаратә ҩны "Аинар" иахыҵуеит 20 шықәса. Уи раԥхьаӡатәи аҿиарамҩа инаркны, иахьа уажәраанӡатәи алахьынҵа дазааҭгылеит аиҳабы, асахьаҭыхыҩ Витали Қацәба.

Ахыҵхырҭа

Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахь ирацәан ахыбрақәа аиҭашьақәыргылара зҭахыз, еиҳарак акультура иаҵанакуаз аҵараиурҭақәа хылаԥшра рыҭалатәын, еиҵагыло аҿар рҵарадырра иашьклаԥштәын. Убарҭ зегьы еилкааны, Аԥсны еицырдыруаз асахьаҭыхыҩцәа Евгени Котлиарови Витали Лакрбеи Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҟны еиҿыркааит ахәыҷтәы сахьаҭыхратә студиа. Уахь инеирц рылшон асахьаҭыхра иазҿлымҳаз ахәыҷқәа зегьы.
© Sputnik / Марианна Кубрава Ахәыҷҭәы ҟазаратә ҩны "Аинар" иаатит Аԥсни Урыстәылеи рсахьаҭыхыҩцәа қәыԥшцәа рцәыргақәҵа
В Доме детского творчества Айнар состоялась совместная выставка работ учеников липецкой художественной школы имени Сурикова и воспитанников дома детского творчества Айнара  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.03.2022
Ахәыҷҭәы ҟазаратә ҩны "Аинар" иаатит Аԥсни Урыстәылеи рсахьаҭыхыҩцәа қәыԥшцәа рцәыргақәҵа
"Аибашьра ашьҭахьтәи даара иаамҭа цәгьан зегь рзы, убас Аԥсны акультура аганахьалагьы. Акультура зынӡа аган икҿамхарц азыҳәаны, хатәгәаԥхарала, рымчқәа еибыҭаны еицырдыруа атеатртә сахьаҭыхыҩ Евгени Котлиарови аскульптор Витали Лакрбеи Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭаҟны еиҿыркааит ахәыҷтәы сахьаҭыхратә студиа", - ҳәа иҳәеит ахәыҷтәы ҟазаратә ҩны "Аинар" аиҳабы, асахьаҭыхыҩ Витали Қацәба.
Ахәыҷтәы студиа аартра иалнаршеит аҟыбаҩ злаз ахәыҷқәа реидкылара, урҭ ирылаз рбаҩхатәра аҳәаақәа рӡыргара. Астудиа иаҭаауаз аҿар рхыԥхьаӡара еизҳауа иалагеит, уи иабзоурахеит аинтерес зҵаз ахәыҷтәы ҭыхымҭақәа рыла ацәыргақәҵақәа Аԥсны аҩнуҵҟа аиҿкаара. Уи иазхьанарԥшит Аԥсны жәлар рхаҭарнакцәа, убас атәыла иаҭаауаз асасцәагьы.
© Sputnik / Марианна Кубрава Ахәыҷҭәы ҟазаратә ҩны "Аинар" иаатит Аԥсни Урыстәылеи рсахьаҭыхыҩцәа қәыԥшцәа рцәыргақәҵа
В Доме детского творчества Айнар состоялась совместная выставка работ учеников липецкой художественной школы имени Сурикова и воспитанников дома детского творчества Айнара  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.03.2022
Ахәыҷҭәы ҟазаратә ҩны "Аинар" иаатит Аԥсни Урыстәылеи рсахьаҭыхыҩцәа қәыԥшцәа рцәыргақәҵа
"Ахәыҷтәы студиа абзоурала, шықәсқәак рыҩнуҵҟа ахәыҷқәа ироуит азыҟаҵара бзиа, уи иалҵшәахеит 1995 шықәсазы Москва ақалақь ахь ҳцаны ҳхатәы цәыргақәҵа аиҿкаара. Ари даараӡа акраҵанакуан аибашьрашьҭахьтәи ҳкультура ҿыцла арбеира амҩаҟны", - ҳәа иҳәоит Витали Қацәба.
Ахәыҷтәы ҟазаратә ҩны "Аинар" аира
Аибашьра ашьҭахь Москва имҩаԥысуаз аԥсуа хәыҷқәа злахәыз раԥхьаӡатәи асахьаҭыхратә цәыргақәҵа аӡбахә аниаҳа, Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба даҭааит. Уи аиԥылара ашьҭахь, ахәыҷтәы студиа иаиуит даҽа ԥсҭазаарак, Владислав Арӡынба иабжьгарала еиҿкаахеит ахәыҷтәы ҟазаратә ҩны "Аинар".

"Москва имҩаԥысуаз раԥхьаӡатәи ҳцәыргақәҵа хаҭала даҭааит Владислав Арӡынба. Иара ибзиаӡаны еиликаауан аҳәынҭқарра ашьақәыргылараҟны ишхадароу акультура, уи амилаҭ шӡырнаго. Иара ихьӡ адҳәалоуп иахьа иҳамоу ахыбра аира. Ахәыҷқәа рдырреи, рбаҩхатәра ԥхьаҟатәи аԥеиԥши адгылара аҭо, Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба иабжьгарала еиҿкаахеит ахәыҷтәы ҟазаратә ҩны "Аинар". Ари ихадаз ашьаҿақәа ируакын Аԥсны аибашьра ашьҭахьтәи акультура аизҳазыӷьара аус аҟны", - ҳәа игәаларшәоит Қацәба.

Аибашьра ҟалаанӡа иахьатәи ахәыҷтәы ҟазаратә ҩны ахыбра асахьаҭыхратә галереиа иаҵанакуан. Владислав Арӡынба иабжьгарала, асахьаҭыхратә галереиа иазалхын даҽа ҭыԥк, избанзар ашәага-загала ари аҭыԥ ҭшәан, еиҳа ианаалашаз аҭыԥ азыԥшаан ақалақь агәҭаны. Уи акәхеит, ари ахыбра ахәыҷтәы ҟазаратә ҩны иарҭеит, аиҭашьақәыргыларагь напы аркхеит 2000 шықәсазы. Шықәсқәак рнаҩс ахәыҷтәы арҿиаратә ҩны "Аинар" ҳәа ахьӡ аҭаны иаадыртит.
© Sputnik / Марианна Кубрава Ахәыҷҭәы ҟазаратә ҩны "Аинар" иаатит Аԥсни Урыстәылеи рсахьаҭыхыҩцәа қәыԥшцәа рцәыргақәҵа
В Доме детского творчества Айнар состоялась совместная выставка работ учеников липецкой художественной школы имени Сурикова и воспитанников дома детского творчества Айнара  - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.03.2022
Ахәыҷҭәы ҟазаратә ҩны "Аинар" иаатит Аԥсни Урыстәылеи рсахьаҭыхыҩцәа қәыԥшцәа рцәыргақәҵа
"Аиҭашьақәыргылартә усурақәа хыркәшаны 2002 шықәсазы иааҳартит. Ҳҟазаратә ҩны азҿлымҳара аиҭон аԥсуа шәҟәыҩҩы Фазиль Искандер, иара иоуп официалтә аартраан ацаха ҟаԥшь ԥызҟазгьы", - ҳәа азгәеиҭеит Витали Қацәба.
"Аинар" аусура иаҿуп
Иахьатәи аамҭазы ахәыҷтәы ҟазаратә ҩны "Аинар" аҟны аҵара рҵоит 60-ҩык аҵаҩцәа, ԥшьҩык арҵаҩцәа аус рыдырулоит. Арҵаҩцәа хықәкыс ирымоуп ирааӡо аҿар ԥхьаҟатәи рышьақәгылараҟны иахәҭоу ацхыраара рыҭара.
"Ахәыҷқәа акультура рылааӡара, доуҳала рырбеира ҳхықәкқәа ируакуп. Зегь раԥхьа иргыланы ҳара иаҳҭахуп ааӡара злоу аҿар реиҵааӡара, асахьаҭыхра мацара адагьы, адоуҳатә ҩаӡарахь рнагара ҳҽазаҳшәоит", - ҳәа иҳәоит аҟазара аҩны аиҳабы Витали Қацәба.
Иара иазгәеиҭеит ахәыҷқәа акультура, адоуҳа рылааӡара шаҭаху, аԥсуаа рҟазшьа шдырбалатәу.
"Сгәанала ахәыҷы аҵара ирҵара, ихшыҩ аизырҳара арҵаҩы иаԥхьа игылоу иреиҳау ҳасабтәуп. Аха уи аԥхьагьы сара исыргылар сҭахуп ахәыҷы иааӡара, избанзар ааӡара ахьыҟам, иагьа ахшыҩ ҳаркхаргьы, уи ахшыҩ ауаҩы ихаҭа иԥырхагахар ҟалоит. Акультура, адоуҳа рылааӡара аҭахуп, ҳара аԥсуаа ҳҟазшьа ыҟоуп, ҳаидызкыло ҳаламыс ҳамоуп, уи злашьақәгылоу ауаҩра ҳацуп. Ус анакәха, убри рылаҳмааӡакәа, ирыԥсҭазаахартә иҟамлакәа, иагьа дырра рыуҭаргьы, алҵшәа иаиуа ҳара иаҳмыхәар ҟалоит. Ахәыҷы даара угәыуҽанны уизнеироуп, уазхиазароуп акы ирҵара. Сара сырҵаҩуп саҳаракыра убома ҳәа хыхьынтәи уихәаԥшуа уаналага, дуцәыӡуеит. Ҳара убри ааӡара аганахьала иҳалшо ахәыҷала аус ҳуашәа сгәы иабоит", - иҳәеит Қацәба.
Витали Қацәба агәра ганы дыҟоуп, ахәыҷы шаҟа деилкааны уизнеиуа аҟара, ишаатуа ибаҩхатәра аҳәаақәа. Хықәкыла илшо гәаҭаны, адгылара иҭаны, иара иҩаӡара маҷ уҽақәыршәаны ухы анымҩаԥуга ауп, ахәыҷы игәыбылра анеизҳауа, арҿиара агәацԥыҳәара аниоуа.
"Хшыҩла мацара аусумҭа узаԥҵаӡом, арҿиаҩы имазароуп аҩнуҵҟатәи анырра. Иџьасшьоит зны-зынла ахәыҷқәа мшәаӡакәан ашәыга ԥштәы хкқәа анеиларҵо, уи рыҩнуҵҟатәи рнырра ауп идзырҟаҵо, иагьажьаӡом, аҭыхымҭа ԥшӡа аԥырҵоит ", - ҳәа азгәеиҭеит Қацәба.
Қацәба: ааӡара ахьыҟам иагьа ахшыҩ ҳаракхаргьы, алҵшәа ҳмыхәар ҟалоит	 - Sputnik Аҧсны, 1920, 23.03.2022
Арадио
Қацәба: ааӡара ахьыҟам иагьа ахшыҩ ҳаракхаргьы, алҵшәа ҳмыхәар ҟалоит
Убас Витали Қацәба инаҵшьны иазгәеиҭеит арахь ишнеиуа ахәыҷқәа 7 шықәса зхыҵуа инадыркны 13 шықәса зхыҵуа рҟынӡа. Аурокқәа мҩаԥысуеит есыҽны, ԥсшьрамшда.
"Арахь иныҟәо ахәыҷқәа ашколхәыҷқәа роуп азыҳәаны, ҳара ҳҽақәҳаршәоит дара раамҭа. Аурок ҳалагоит асааҭ 3 рзы, ихҳаркәшоит 5 рзын. Аԥсшьарамшқәа раан ԥшьсааҭк имҩаԥысуеит ҳаурокқәа. Ахәыҷқәа ҳшоит гәыԥ-гәыԥла, доусы арҵаҩцәа аус рыдырулоит. Аԥхын аботаникатә баҳҷаҟны имҩаԥаҳгоит аурокқәа, уи азыҳәаны ахәыҷқәа ирымоуп рхатәы тәарҭақәа, изықәҭыхуа аӷәқәа. Ас еиԥш аԥсабараҟны аурокқәа рымҩаԥгара даараӡа ахәыҷқәа иргәаԥхоит, еиҳараӡак ашәаԥыџьаԥ аҭыхра", - иҳәеит "Аинар" аиҳабы.
Витали Қацәба иазгәеиҭеит "Аинар" аушьҭымҭацәа иахьа Аԥсны еицырдыруа ҟазацәаны ишыҟоу.

"Ҳаушьҭымҭацәа ҳархыҽхәартә ҳаҟоуп иахьа. Ҳара ҳҟны раԥхьатәи аԥышәа ироуз иабзоураны, уи рыцырхрааны, еиҳау акультуратә ҩаӡара иаԥсахеит. Хьыӡҳәала зегьы реиқәыԥхьаӡара салагар, аӡәы игәы нсырхар ҳәа сшәоит, аха иалыскаарц сҭахуп Аԥшьа Ҳагԥҳеи Диана Хынҭәԥҳаи. Ҳхәыҷқәа рықәҿиарақәа ҳара иаҳҳамҭоуп", - ҳәа иҳәоит гәахәарыла Витали Қацәба.

Иарбан усзаалак иацуп ауадаҩрақәа, урҭ аԥынгылақәа ртәы дазааҭгыло, аиҳабы иҳәеит, уадаҩрас ирымоу раԥхьа иргыланы аклассқәа рзымхара шакәу:
"Ҳәарада, иаҳҭахуп аҽеиҵыхра, асахьаҭыхра адагьы, анышәаԥшь, аскульптура уҳәа аус рыдулара, аха уи еиԥш алшара ҳамаӡам, акласс маҷра иахҟьаны. Иахьа ҩ-класск роуп иҳамоу. Уи ҳаиҵанархоит, аха ҳгәы каҳажьӡом, аус ҳуеит", - ҳәа иҳәоит Витали Қацәба.
В Доме детского творчества Айнар состоялась совместная выставка работ учеников липецкой художественной школы имени Сурикова и воспитанников дома детского творчества Айнара  - Sputnik Аҧсны, 1920, 21.03.2022
Аԥсны
Аԥсни Урыстәылеи рсахьаҭыхыҩцәа қәыԥшцәа рцәыргақәҵа аатит Аҟәа
Ахәыҷҭәы ҟазаратә ҩны "Аинар" қәҿиарала аус ауеит. Есышықәса еиҿыркаауеит ацәыргақәҵақәа, Аԥсны анҭыҵ ицаны имҩаԥыргоит амастер-классқәа, ахәыҷқәа рзыҳәаны аныҟәарақәа еиҿыркаауеит.
"Бла иабо, хы иаԥсоуп ҳәа рҳәоит аԥсуаа. Ииашаҵәҟьаны, ас еиԥш иҟоу аимадара иамоуп алҵшәа бзиақәа. Арҿиара амҩаҟны ихадароуп алаԥш ҳәаа арҭбаара, ҳхәыҷқәа ргәы еизнарҳауеит рҭыхымҭа хәыҷқәа ӡырыргартә еиԥш алшара ахьрымоу. Аибабара аныҟоу, уеибааӡоит, еиҳагьы арҿиаратә гәахәара узцәырҵуеит", - ҳәа азгәеиҭоит Қацәба.
Мышқәак раԥхьа ахәыҷтәы ҟазаратә ҩны "Аинар" аҟны иаартын ацәыргақәҵа аԥснытәии липецктәии асахьаҭыхыҩцәа қәыԥшцәа рҭыхымҭақәа рӡыргарала.
"Жәшықәса ҵуеит Липецктәи асахьаҭыхратә школи ҳареи аимадара ҳабжьоижьҭеи. Ацәыргақәҵа ааԥынратәи цәыргақәҵоуп. Иара еиҿкаауп ҳусеицура амчала, уахьынтә ахәыҷқәа рҭыхымҭақәа рыманы иаҳзааит", - ҳәа иҳәеит Витали Қацәба.
Ас еиԥш ацәыргақәҵақәа анеиҿкаау, асасцәеи аԥшәмацәеи амастер-классқәа мҩаԥыргоит.
"Липецктәи асахьаҭыхратә училишьеи ҳареи иҳабжьоуп амастер классқәа рымҩаԥгаразы аиқәшаҳаҭра. Есҭагалан уахь ҳцоит ҳҭыхымҭа хәыҷқәа ҳаманы, уаҟа ацәыргақәҵа ашьҭахь ҳхәыҷқәеи ҳарҵаҩцәеи злахәу еиуеиԥшым амастер-лассқәа еицымҩаԥаҳгоит", - ҳәа азгәеиҭеит Қацәба.
Ахәыҷтәы ҟазарҭатә ҩны "Аинар" ацәыргақәҵаҟны иӡыргоуп 70 усумҭа. Уи иаҭаарц рылшоит акультура абзиабаҩцәа зегьы мшаԥымза 15-нӡа, асааҭ 15:00 инаркны 18:00-нӡа.
Ахәыҷҭәы ҟазаратә ҩны "Аинар" аатит 2002 шықәсазыҳәаны, Аԥсны раԥхьаӡатәи ахада Владислав Арӡынба иабжьгарала.
Ажәабжьқәа зегьы
0