Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Ашьаусҭҵааратә еилакы Буча иҭыхыз авидео ԥаршеиуп ҳәа азшьаны ашьаус хацнаркит

© Sputnik / Константин Чалабов / Амедиаҵәахырҭахь аиасраАвтомобиль сотрудников Следственного комитета
Автомобиль сотрудников Следственного комитета - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2022
Анапаҵаҩра
АҞӘА, мшаԥы 4 – Sputnik. Урыстәыла ашьаусҭҵааратә еилакы анапхгаҩы Александр Бастрыкин "аҭынч уааԥсыра рыргәаҟреи рышьреи" рзы авидео апроцессуалтә хәшьара аҭазарц анапынҵа ҟаиҵеит. Аусбарҭа агәаанагарала, авидео иашара аҵаӡам ҳәа аҳәоит аусбарҭа Telegram-канал аҿы.

"Урыстәыла ашьаусҭҵааратә еилакы анапхгаҩы Александр Бастрыкин Киевтәи аобласт ақалақь Буча аҿы "аҭынч уааԥсыра рыргәаҟреи рышьреи" рзы авидео анализ азузарц анапынҵа ҟаиҵеит. Украина Атәылахьчара аминистрра ари авидео урыстәылатәи аруаа рыхьӡ арцәгьаразы иаладырҵәеит", - аҳәоит арелиз аҿы.

Бастрыкин анапынҵа ҟаиҵеит авидео апроцессуалтә хәшьара аҭазарци иалахәу ауаа шьақәыргылазарци.
Уаанӡа украинатәи ателеканалқәеи аинтернети рҿы ицәырыргеит Киевтәи аобласт Буча ақалақь аҿы иҭырхызшәа зхырҳәааз авидео, уи аҿы иубарҭоуп амҩа ауаа рыԥсыбаҩқәа шаныжьлоу. Аха уи збаз ахәаԥшцәа аӡәырҩы рылаԥш иҵашәеит "аԥсыбаҩқәа" рнапқәа ишнахаахоз, арратә техника анымҩасуаз ирыҵамхарц азы ишырнахоз, икажьыз ауаа ршьа џьаргьы ишубарҭам. Иара убас ашьҭахьҟа иҟоу узырбо асаркьаҿы ишҭнахыз гәоуҭар алшоит "иҭахаз" аӡәы дышгылаз аоператор дзықәтәаз амашьына анрывс ашьҭахь.
Министерство обороны России - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.04.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Буча ауаа рацәа ршьызшәа Киев игәаранаҵаз иашам рҳәеит
Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра Буча ауаа рацәа ршьызшәа Киев игәаранаҵаз ажәабжь иашам ҳәа ахырҳәааит. Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра аҳәамҭа ҟанаҵеит Арбџьармчқәа Украина арратә инфраструктуреи архәҭақәеи шракәу изеихсуа.
Аминистрраҿы ирҳәеит урыстәылатәи ар ари аҭыԥ аҟынтәи хәажәкыра 30 рзы ишықәҵыз. Убри аан иазгәарҭеит украинатәи аруаа ақалақь аладатәи ахәҭа уахгьы-ҽынгьы ишалахысуаз артиллериеи, атанкқәеи, ареактивтә системақәеи рыла.
Ажәабжьқәа зегьы
0