Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аҵара аминистрра Белгородтәи ауниверситет ахь аҭалараз арзаҳалқәа аднакыло иалагеит

CC0 / / Студент у монитора компьютера
Студент у монитора компьютера  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.04.2022
Анапаҵаҩра
Аҵараиурҭахь аԥышәарақәа аҵарашықәс анҵәамҭазы ирылагоит.
АҞӘА, мшаԥы 5 – Sputnik, Сариа Кәарцхьиаԥҳа. Аҵареи абызшәатә политикеи рзы аминистрра Шухов ихьӡ зху Белгородтәи ауниверситет ахь аҭалараз арзаҳалқәа аднакыло иалагеит ҳәа Sputnik акорреспондент илзеиҭеиҳәеит аусбарҭа апресс-маӡаныҟәгаҩ Аслан Қәҭелиа.
Аԥсни Белгородтәи атехникатә университети хәышықәса ҵуеит аус еицыруеижьҭеи. Ари аамҭа иалагӡаны 70-ҩык рҟынӡа Аԥснынтәи аҵараиурҭа иҭалахьеит.
Сынтәа ауниверситет Аԥснытәи абитуриентцәа рзы аквотақәа азнархиоит атехникатә хырхарҭақәа зегь рахь.

"Ҵыԥх 70 квота ыҟан. Сынтәагьы еиҵамхароуп. Аргылара, ааглыхра, акадастр, адгьылқәаарыхра рзы ахырхарҭақәа азԥхьагәаҭоуп. Хара имгакәа аҵараиурҭа ахаҭарнакцәа аараны иҟоуп. Усҟан азҵаарақәа инҭкааны ҳрылацәажәоит", - иҳәеит иара.

Аҵараиурҭахь аԥышәарақәа аҵарашықәс анҵәамҭазы ирылагоит.
Ауниверситет аҭалара зҭаху аминистррахь иааргароуп абарҭ адокументқәа:
Афотоқәа ԥшьба 3х4.
Аира аршаҳаҭга ахкьыԥхьаа.
Ани аби руаӡәк ира аршаҳаҭга ахкьыԥхьаа.
Абжьаратә ҵараз адокумент ахаҭа.
Аԥсны атәылауаҩшәҟәыи Урыстәыла атәылауаҩшәҟәыии рыхкьыԥхьаа.
Аминистрра хара имгакәа аинформациа нарҭбааны ирыланаҳәоит аԥышәарақәеи ахырхарҭарақәеи рзы.
Торжественное открытие Одинцовского филиала МГИМО - Sputnik Аҧсны, 1920, 03.04.2022
Аԥсны
Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет МГИМО аҭаларазы арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит
Ажәабжьқәа зегьы
0