Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Уахык ала Украина 130 арратә хыбрақәа шьаҭанкыла иқәырхит

© AP Photo Serhii NuzhnenkoГород Буча
Город Буча  - Sputnik Аҧсны, 1920, 05.04.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи аруаа Украина абџьархыхразы арратә операциа ҷыда шымҩаԥыргарц имҩаԥыргоит.
АҞӘА, мшаԥы 5 – Sputnik. Аҩаша ауха аоператив-тактикатә авиациеи аракетатә ари 134 Украина арратә хыбрақәа ықәырхит, абри атәы иҳәеит Атәылахьчара аминистрра ахаҭарнак Игор Конашенков.

Иқәырхыз арратә хыбрақәа иреиуоуп: акомандаҟаҵаратә ҭыԥқәа ааба, аракетатә комплекс С-300 арадиолокатор, аракетатә комплекс "Точка-У" аҭырҟьага шьақәгыла, аџьаԥҳаныҵәахырҭақәа фба, абылтәыҵәахырҭақәа ҩба, арратә техника агыларҭа ҭыԥқәа 85.

Уи адагьы мшаԥы 4 азы Очаков ақалақь аҿы ракетала ааха аҭан украинатәи ар разыҟаҵарҭатә Центр.
Ракетала иқәхын абылтәыҵәахырҭақәа ԥшьба Кременцы, Черкасы, Запороже, Новомосковски рҟны. Икажьын аԥырҩы дызҭам ахархәагақәа ԥшьба.
Военный парад в Киеве ко Дню независимости Украины - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2022
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла аруаа Украина авиациеи Аҳауаҽацәыхьчаратә мчқәеи рыдҵаҟаҵаратә Центр ықәырхит
Ажәабжьқәа зегьы
0