Аладатәи аҳаирбаӷәазақәа жәеиза рахь аԥыррақәа рзы аԥкра аҿҳәара иацырҵеит мшаԥы 13 рҟынӡа

© Sputnik / Михаил Голенков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраРабота аэропорта в Калининграде
Работа аэропорта в Калининграде - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.04.2022
Анапаҵаҩра
Урыстәыла аладатәи ахәҭа аҳаирбаӷәазақәа рҿы жәабран 24 рзы иалагалан аԥкрақәа ишәарҭоуп ҳәа иԥхьаӡаны.
АҞӘА, мшаԥы 6– Sputnik. Урыстәыла аладатәи ахәҭа аҳаирбаӷәазақәа рҿы жәабран 24 рзы иалагалаз аԥкрақәа ирыцҵоуп мшаԥы 13 рҟынӡа ҳәа аанацҳауеит Росавиациа.
"2022 шықәса мшаԥы 13 асааҭ 03:45 аҟынӡа иацҵоуп Ростов-на-Дону, Краснодар, Анапа, Геленџьик, Елиста, Ставрополь, Симферополь, Белгород, Брианск, Курск, Воронеж рҿтәи аҳаирбаӷәазақәа русура аԥкра", - аҳәоит адырраҭараҿы.
Апассаџьырцәа рымҩангаразы урыстәылатәи аҳаиртә еилахәырақәа ирабжьгоуп ишәарҭамкәа ишьоу амаршрутқәа рыла иԥырларц: Шәача, Волгоград, Аминералтә Ӡқәа, Ставрополь, Москва.
Егьырҭ аҳаирбаӷәазақәа уаанӡа аус шыруаз еиԥш ируеит.
Начало курортного сезона в Крыму - Sputnik Аҧсны, 1920, 04.04.2022
Мшаԥы 9 инаркны Урыстәылеи аиҩызаратә тәылақәа 52-еи рыбжьара аҳаиртә еимадара хацыркхоит
Росавиациа жәабран 24 рзы Урыстәыла аладатәи ахәҭа аҳаирбаӷәазақәа рҿы аԥкрақәа аланагалеит арҭ аҵакырақәа Украина имҩаԥысуа ахҭысқәеи Донбасс аибашьреи ирыхҟьаны ишәарҭоуп ҳәа ишьаны.
Мшаԥы 8 инаркны "Аэрофлот" Шәачантәи Ермантәыла, Египет, Израиль, Ҟазахстан, Узбекистан, Ҭырқәтәыла рахь ареисқәа еиҭахацнаркуеит урыстәылатәи аҳаирпланқәа SSJ100 рыла.
Ажәабжьқәа зегьы
0