Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны даҽа 18-ҩык COVID -19 шрымаз аадырԥшит уахыки-ҽнаки рыла

© Foto / Пресс-служба Госкорпорации Ростех / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПроизводство препарата "Ковид-глобулин" на основе плазмы крови переболевших COVID-19
Производство препарата Ковид-глобулин на основе плазмы крови переболевших COVID-19 - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.04.2022
Анапаҵаҩра
Аепидемиа ҵысижьҭеи Аԥсны аҿкчымазара зыхьхьоу ауаа рхыԥхьаӡара 53 548-ҩык рҟынӡа инаӡеит, ргәы бзиахахьеит 51 222-ы, рыԥсҭазаара иалҵхьеит 681-ы.
АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik. Уахыки-ҽнаки рыла Аԥсны ауааԥсыра COVID -19 азы атестқәа арҭеит 90-ҩык, урҭ рахьтә 18-ҩык аҿкчымазара шрымаз аадырԥшит ҳәа аанацҳауеит ауааԥсыра акоронавирус рацәыхьчаразы аоперативтә штаб.
Ари аамҭазы Гәдоуҭатәи араионтә хәшәтәырҭа хадаҿы ишьҭоуп 23-ҩык, рҭагылазаашьа бааԥсуп 13-ҩык, ибжьаратәуп 10-ҩык. Аҟәатәи аинфекциатә хәшәтәырҭаҿы ирхәшәтәуеит акоронавирус зцәа иалоу хҩык, урҭ рахьтә аӡәы иҭагылазаашьа уадаҩуп. Очамчыра ирхәшәтәуеит ԥшьҩык, Гагратәи ахәшәтәырҭаҿы - ҩыцьа, Тҟәарчалтәи ахәшәтәырҭаҿы ԥшьҩык ачымазцәа шьҭоуп.
Ажәабжьқәа зегьы
0