Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Еилкаахеит Аҟәа аҩнеихагыла иасыз абензин аазгоз амашьына аԥсҟы зкыз иҭагылазаашьа

© Sputnik / Томас Тхайцук Авария в районе Колоса
Авария в районе Колоса  - Sputnik Аҧсны, 1920, 06.04.2022
Анапаҵаҩра
Аҟәа ареспубликатә мҩадухадаҟны амҩатә машәыр ҟалеит мшаԥы 6 азы. Ешба имҩа "Колас"  ҳәа иахьашьҭоу аиланхарҭаҿ абензин аазгоз амашьына аҩнеихагыла иасит.
АҞӘА, мшаԥы 6 - Sputnik, Сариа Кәарцхелиаԥҳа. Аҟәа аҩнеихагыла иасыз абензин аазгоз амашьына аԥсҟы зкыз иԥсҭазаараз шәарҭара ыҟам, абри атәы рҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистрра апресс-маҵзура аҟны Sputnik акорреспондент данрацәажәоз.
Амашьынарныҟәцаҩ Аҟәа Ареспубликатә хәшәтәырҭа хадахь днаган.

Амашәыр иақәшәаз амашьынарныҟәцаҩ ихымԥадатәиз ацхыраара иҭан, иԥсҭазаара ашәарҭа иҭагылам", - азгәарҭеит аусбарҭаҿ.

Амашьынарныҟәцаҩ макьана Ареспубликатә хәшәтәырҭаҿ дыҟазаауеит.
Аҟәа ареспубликатә мҩадухадаҟны амҩатә машәыр ҟалеит мшаԥы 6 азы. Ешба имҩа "Колас" ҳәа иахьашьҭоу аиланхарҭаҿ абензин аазгоз амашьына аҩнеихагыла иасит.
Заанаҵтәи аадыррақәа рыла, амашьынарныҟәцаҩ амҩа дахҟьаны аҩныеихагыла дасит.
Ажәабжьқәа зегьы
0