Признание Сирией Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 28.10.2021
Аԥсны
Ажәабжьқәа Sputnik Аԥсны аҟны

Аԥсны Аҳазалхратә еилаки Аԥсны ААРи аусеицураз аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит

© Sputnik Асмат ЦвижбаПодписание соглашения между МВД и ГТК Абхазии
Подписание соглашения между МВД и ГТК Абхазии - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.04.2022
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳазалхратә еилаки Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи раԥхьаӡа акәны аусеицураз аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
АҞӘА, мшаԥы 8 – Sputnik, Асмаҭ Ҵәыџьԥҳа. Мшаԥы 8 азы Аԥсны Аҳазалхратә еилаки Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи аусеицураз аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит.
Анапаҵаҩра аусмҩаԥгатә иалагаанӡа аусбараҭқәа рхадацәа ашәҭшьыҵәрақәа наргеит змаҵзуратә напынҵақәа рынагӡараан иҭахаз Аилак аусуҩцәа рбаҟахьы.
Аиқәшаҳаҭра иазԥхьагәанаҭоит ацәгьоурақәеи административтә зинеилагарақәеи разԥхьагәаҭареи раԥырҟәҟәаареи, аекономика аусхк аҟны аҳазалхартә леишәа ашьҭыхреи, ианаамҭоу аҳазатә шәарақәа рымҩаԥгареи рызҵаарақәа рҿы аинырра.

"Иахьа ҳусбарҭақәа рҭоурых аҿы акрызҵазкуа мшны иҟоуп. Аԥсны Аҳазалхратә еилаки Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистрреи раԥхьаӡа акәны аусеицураз аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩуеит. Иазгәасҭар сҭахуп ҳаинырра аҳазатә усхк аҟны ацәгьоурақәеи азинеилагарақәеи раԥырҟәҟәаара шалнаршо. Аус уадаҩуп аха алҵшәақәа ацуп", - иҳәеит Аԥсны Аҳазалхратә еилакы ахантәаҩы Оҭар Хьециа.

Аԥсны Аҩнуҵҟатәи аусқәа рминистр Вальтер Быҭәба иажәақәа рыла, аусбарҭақәа реинырра асистематә ҩаӡара рыҭатәуп.
"Аҵакы змоу аоперативтә уснагӡатәқәа рымҩаԥгараан иҟаз агхақәа зыхҟьоз аҵакыратә статусқәа реиԥшымзаароуп. Иахьа урҭ аҳәаақәа аԥыхуп. Ауснагӡатәқәагьы еиҳа ирҭбааны аус рыдуылахоит. Агәра згоит аиқәшаҳаҭра аҭахуижьҭеи акыршыҵуаз", - иҳәеит иара.
Анапаҵаҩра ашьҭахь иазыӡбан аусбараҭқәа русзуҩцәа алархәны аусутә еилацәажәара амҩаԥгара.
Ажәабжьқәа зегьы
0