Ситуация на границе Крыма с Украиной - Sputnik Аҧсны, 1920
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнаго арратә операциа ҷыда
Урыстәыла Донбасс имҩаԥнагоит арратә операциа ҷыда, ДЖәРи ЛЖәРи иҟарҵаз аҳәарала. Владимир Путин Донецки Лугански жәлар рреспубликақәа рхьыԥшымра азхаиҵеит.

Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра ишьақәдыргылеит Краматорск аракетақәа ахьынтәагәыдырҵаз

© Sputnik / Виталий БелоусовЗдание Министерства обороны Российской Федерации на Фрунзенской набережной в Москве.
Здание Министерства обороны Российской Федерации на Фрунзенской набережной в Москве. - Sputnik Аҧсны, 1920, 08.04.2022
Анапаҵаҩра
Краматорск аихамҩатә вокзал азааигәара ауааԥсыра анахыргоз аамаҭзы Украина Арбџьармчқәа аракета "Точка-У" ала ирылахысит. 30-ҩык ауааԥсыра ҭахеит, шәҩык рҟынӡа ахәрақәа роуит.
АҞӘА, мшаԥы 8 – Sputnik. Краматорсктәи аихамҩатә вокзал аракетатә жәылара азуын атактикатә ракетатә комплекс "Точка-У" ала ақыҭа Доброполе аҟынтә ҳәа аанацҳауеит Урыстәыла Атәылахьчара аминистрра.

"Ишьақәырӷәӷәоу адыррақәа рыла Краматорск аихамҩатә вакзал аракетатә жәылара азыруит украинатәи адивизион Доброполе ақыҭа аҟынтәи", - аҳәоит аусбарҭа адырраҭара.

Ажәылара мҩаԥган ауаа ақалақь иалмыжьзарц, урҭ рыла рхы рыхьчаларц ҳәа рҳәеит аусбарҭаҿы.
Иара убасгьы иазгәаҭоуп, Краматорск иажәлаз аурысқәа роуп ҳәа ҳәо "киевтәи арежим асоциалтә ҳақәа ирыладырҵәеит аракетатә шьақәгыла "Точка-У" афотосахьа, 2022 шықәсазы урыстәыла-белоруссиатә аицҽазыҟаҵара "Союзная решимость-2022" аҟны ахархәара зҭаз".
" Киев иаланарҵәаз афотосахьақәа зегьы 2022 шықәсазы урыстәыла-белоруссиатәи аицҽазыҟаҵара "Союзная решимость-2022" аҟны ахархәара зҭаз аракета "Точка-У" афотосахьақәа роуп", - ҳәа рҳәеит аминистрраҿы.
Ажәабжьқәа зегьы
0